Шәача ақалақь ахадара рмаҵзуратә напынҵақәа ирхысит ҳәа азырыԥхьаӡеит

© Фото : Елена СинеокШәача ақалақь ахадара ахыбра
Шәача ақалақь ахадара ахыбра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәача ақалақь азинхьчаратә органқәа ақалақь ачынуаа рҟны аимдарақәа мҩаԥыргеит рмаҵзуратә напынҵақәа ирхысуеит ҳәа азыԥхьаӡаны.

АҞӘА, жьҭаара 24— Sputnik. Шәача ақалақь аҿы азинхьчаратә органқәа аусура иаҿуп. Уажәы ақалақь ачынуаа рҟны аимдарақәа мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит ателеканал "Россия 24".

Аимдарақәа мҩаԥыргоит ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Иван Бомбергер иусуратә уадаҿы закәаншьаҭада аргыларақәа рзин ҟаиҵоит ҳәа азыԥхьаӡаны. Уаанӡатәи адыррақәа рыла, иара убасгьы аимдарақәа мҩаԥган ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ, аргылара адепартамент адиректор русуратә уадақәа рҿы.

Шәача ақалақь - Sputnik Аҧсны
Шәача ақалақь ахадараҿ аимдарақәа мҩаԥыргеит

Ари аинформациа официалла ишьақәдырӷәӷәеит Шәачатәи ахадара апресс-маҵзураҿы. Аимдарақәа мҩаԥыргоит ачынуаа рҭыӡҭыԥқәа 23 рҟны.

Рмаҵзуратә напынҵақәа ирхысит русураан ҳәа агәызҩара ыҟоуп Шәачатәи аӡыканал аиҳабы Сергеи Винарски, ақалақь архитектор хада Владимир Малов. Ачынуаа рыҩнқәа рҿы аԥара рацәа ҵәахны ишыҟаз аарԥшуп.

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, ииасыз амчыбжь азы иаанкылан Шәача ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Иурин, ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Анатоли Рыков. Дара румҭақәа рзы 10-15 шықәса рҟынӡа аҭакра рықәшәар ҟалоит. Рыков идбалоуп зыхә дуу автомашьынақәа, ахьы-аразны, х-миллион мааҭ инареиҳаны изыԥсоу асааҭқәа. Автомашьынақәа Porsche-и Mercedes-и иара иԥҳәыс лыхьӡала иҭагалан. Иара убасгьы иаанкылоуп ақалақь ахадара азинтә ҟәша аиҳабы Андреи Левентиук, ақалақь аекономикатә ҿиара адепартамент адиректор ихаҭыԥуаҩ Александр Иванов, адукатцәа Николаи Гребениуки Алексеи Литвинови, амануфактура "Юг" ашьаҭаркҩы Игор Строганов уҳәа акоррупциа иалаҟьашьуп ҳәа агәаанагара зызрымоу ачынуааи.

Ачынуаа 50 — 100 миллион мааҭ рҟынӡа аҵырҭыша ргараны ишыҟаз рыҵыҵит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Иара убасгьы иаанкылоуп Краснодар архитектор хада Игор Мазурок, АО "Спецавтохозяйство по уборке города" адиректорцәа рхеилак ахантәаҩы, ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Иури Паламарчук, амазаратә еизыҟазаашьақәа рдепартамент адиректор Владимир Пермиаков, Шәача ахада ихаҭыԥуаҩ Мугдин Чермит.

Ажәабжьқәа зегьы
0