АҞӘА, жьҭаара 24— Sputnik. Шәача ақалақь аҿы азинхьчаратә органқәа аусура иаҿуп. Уажәы ақалақь ачынуаа рҟны аимдарақәа мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит "Макс-Портал" ателеканал "Россия 24" адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.
Аимдарақәа мҩаԥыргоит ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо, ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ, аргылара адепартамент адиректор русуратә уадақәа рҿы.
Ари аинформациа официалла ишьақәдырӷәӷәеит Шәачатәи ахадара апресс-маҵзураҿы. Аимдарақәа мҩаԥыргоит ачынуаа рҭыӡҭыԥқәа 23 рҟны.
Уаанӡатәи адыррақәа рыла, ииасыз амчыбжь азы иаанкылан Шәача ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Иурин, ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Анатоли Рыков, аҽа хәҩык акоррупциа иалаҟьышьуп ҳәа агәаанагара зызрымоу ачынуааи.