Қьемал Адлеиба: сыԥсадгьыл санаҭаа, еиҳагьы агәыбылра скит

© Фото : предоставлено Сусанной ТанияҚьемал Адлеиба
Қьемал Адлеиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырра аамҭа еиқәаҵәақәа раан еиҟәыҭхахаз аԥсҭазаарақәа, алахьынҵақәа узыԥхьаӡом. Ҳаамҭазгьы еиуеиԥшым атәылақәа рҿы хыԥхьаӡарала ирацәоуп зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь згәы зыхо амҳаџьырцәа рхылҵышьҭрақәа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аиашаз, ҿык бзык иузарҳәом изакәытә гәырӷьароу рхы-рҿы ианубаало дара рҭоурыхтә ԥсадгьыл иаҭаартә, рыуаажәлар ирылагылартә аҭагылазаашьа анроулак. Насыԥ дуны исыԥхьаӡоит Ҭырқәтәылантәи ҳџьынџьуаҩ Қьемал Низамеҭҭин-иԥа Адлеибеи сареи ҳаиқәшәара, ҭынч-ҭынч аԥсышәала аҷҷаҳәа ҳцәажәартә аамҭа бзиа ахьҳауз. Иеибаҳҳәашазгьы рацәан. Ҳаиҿцәажәарагьы абас ахы ыҵнахит:

– Қьемал Низамеҭҭин-иԥа Ҭырқәтәыла шәҭаацәа шԥананагеи, қыҭала шәабатәиу?

– Излаздыруа ала, сабду Шамил Адлеиба Отаԥ дынхон, уаантә 1860 шықәсазы дыхдырҵәеит. Отаԥынтәи, Ҷлоунтәи ихдырҵәаз дрылан иҭаацәеи иареи. Дыҷкәынан, ҩажәа шықәса ракәын ихыҵуаз.

– Ҭырқәтәылан шәабанхо? Уа аԥсуа жәлақәа рацәоуп, Адлеиаа шәрацәаҩума?

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭақәа рыхьыӡқәеи иахьа урҭ рҭагылазаашьеи

– Ҳарҭ Сақариа иаҵанакуа ақалақь Қарасу аҿы ҳанхоит. Уа Ҷлоунтәи, Отаԥынтәи инанагаз ажәлақәа Ҷолокәыуаа, Ҳаџьымаа, Қапаа, Адлеиаа уԥылоит. Аллаҳ иҟнытә, ара Аԥсны еиҳа ирацәоуп Адлеиаа, уа аасҭа. Насгьы, сабду Ҭырқәтәыла даннанага, уа Адлеиба ҳәа ажәла ыҟаӡамызт, ижәла ихырхын "Ҭана" ижәлартәит. Сабду дҭаацәарахеит, хҩы ихшара ҟалеит саби саб иаҳәшьцәа ҩыџьеи. Сабду еиԥш саб Низамеҭҭингьы Ҭана ажәла ихын. Аха ҳажәлаҵәҟьа Адлеиба шакәыз зегьы иаҳдыруан. Ҩынҩеижәи жәаба шықәса раԥхьа, сара абри сыхьӡ Қьемал "Ҭана" ҳәа иаҿаԥшьыз мап ацәыскит. Ҭана ҳәа сахьарбаз зегьынџьара Адлеиба ҳәа исыԥсахт. Уажәы аԥсуа паспортгьы Адлеиба ҳәа исырҭеит. Ҭырқәтәылагьы с–Адлеибоуп, араагьы с–Адлеибоуп.

– Занааҭс ишәымои? Ҭырқәтәыла шәнапы злакуи?

– Актәи азанааҭ ала сырҵаҩын, ахәыҷқәа аҵара дсырҵон. Нас аҩныргылара иазкыз аҵараиурҭа салган, аҩбатәи азанааҭ шьҭысхт. Акыр шықәса аҩныргыларатә фирмаҿы аус зуан. Аусуҩцәа еиҳабыс срыман, ируаз сацклаԥшуан. Уажәы стәанчаҩуп. Аамҭа ансымоу ажәеинраалақәа рыҩра бзиа избоит. Сажәеинраалақәа сҭаацәа, сыԥсадгьыл, сыуацәа, сҩызцәа ирзысклоит, амала ҭырқәшәалоуп ишызыҩуа.

– Шәҭаацәара шәалацәажәарц сҭахын. Шәара аԥсшәа шԥашәҵеи? Заҟаҩы ахшара шәымада? Шәхәыҷқәа аԥсшәа рҳәома?

– Сара саб Адлеиба Низамеҭҭини сан Акаԥҳа Зеҳреи Аԥснынтәи инеиз ракәын, уа еибагеит. Рҩыџьагьы аԥсшәа рдыруан. Ԥшьҩык аҷкәынцәа ҳроут. Сашьцәеи сареи ҳҭаацәа абызшәа цәгьамкәа ирҿаҳҵааит сгәахәуеит. Са схәыҷы аахиижьҭеи аԥсшәа цәгьам-бзиам сҿы азцон, аҭырқәшәа здыруеит, англыз бызшәа маҷ-саҷк саҳауеит. Ацәажәароуп мацара, акәымзар ҭырқәшәалоуп сшыҩуа.

Семья Нусрета Ахба - Sputnik Аҧсны
Нусреҭ Ахба: ҳхы-ҳгәы ҳақәгәырӷьо ҳаԥсадгьыл аҿы ҳанхоит

Сыԥшәма аҭырқәа ҭыԥҳа Зеқье Феслиҳани сареи ҳанеибагаз, сара ҩажәи быжьба шықәса сырҭан, лара ҩажәа шықәса схыҵуан. Иааҳамоу ҩнума гәароума – зегь ҳџьабаала ирҳау оуп. Ҩыџьа ахшара ҳааӡеит. Сыҷкәын Сарҭач ҳақьымс аус иуеижьҭеи акрааҵуеит, сыӡӷаб Сараи дырҵаҩуп, сыԥшәма леиԥш. Сыҷкәынгьы сыӡӷабгьы ҭаацәароуп, амаҭацәа ҳамоуп. Схәыҷқәа ран даԥсыуамызт, сара аусура сагон азы аԥсшәа маҷк раҳауеит, мамзар ирзымҵаӡеит. Убри сгәы ҵәымӷс иалоуп, аха аус зымур ада ԥсыхәа ыҟамызт аҭаацәара рныҟәгара мариамызт.

– Раԥхьаӡа шәҭоурыхтә ԥсадгьыл шәыблала ианбажәбеи? Лассы-лассы шәаауама?

– Раԥхьаӡа Аԥсны ҳааит ԥшьышықәса раԥхьа, усҟан сара хынҩажәи жәиԥшь шықәса сырҭагылан. Иҵегь заа ҳаарц сгәаҳәон, аха иаҳзамуит. Саб хәышықәса анысхыҵуаз дыԥсит, ԥшьҩы ахшара ҳан ҳныҟәылгар акәхеит. Амамзаара ҳныруан, аха ҳаззегь ҳшьапы ҳақәлыргылт. Аҵарақәа ҳрылгеит, ҳҭаацәарахеит.

Нарҭ Ҭлыша - Sputnik Аҧсны
Нарҭ Ҭлыша: сара ҩ-бџьарк сымоуп, акы – абызшәа, аҩбатәи - ақьабз

Сҭышәынтәалан Аԥсныҟа саартә еиԥш маҷк ԥарак скны саныҟала сыуаҩыбжара сахыҳәҳәахьан. Еснагь Аԥсны аӡбахә ҳҳәон, иаабар ҳҭахын. Ԥшьышықәса раԥхьа сыԥсадгьыл санаҭаа, еиҳагьы агәыбылра скит. Убасгьы ара сыуаажәлар ыҟоуп, сашьцәа Адлеиаа срылагылоуп. Даргьы сыдгылоуп. Сынтәа абар ҩынтәуп сыԥсадгьыл ахь саауеижьҭеи. Витали Адлеиба исасдкыларҭа "Амра" сыԥшәмеи сареи ҳаҩноуп, акапеи аԥара ҳамимхит, пату ҳақәиҵоит. Отаԥ инхо Адлеиаа ракәзар, даара иаҳхаҵгылт. Ҳганы ҳабду иқыҭа, аҭыԥ ԥшӡаррақәа, аҳаԥқәа "Абрыскьыл иҳаԥы", "Отаԥ ахы" ҳаблала иаҳдырбеит. Ҳаздыруазгьы ҳаззымдыруазгьы гәыкалаҵәҟьа иаҳԥылеит.

Насгьы исҳәарц исҭахәу, цәгьа исгәаԥхоит аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы анеиааира, аҳауа цқьа ааухьысуа акаҳуа ажәра. Уи даара игәыҟаҵагоуп.

– Ҳаиҿцәажәара хыркәшауа шәыуаажәлар ирашәҳәарц ишәҭахәузеи?

– Сыуаажәлар ирзеиӷьасшьарц сҭахуп рыԥсадгьыл бзиа ирбаларц, уи зегьы ирыцкуп. Ҳаԥсадгьыл иамоу аԥшӡара, абзиара еиҷаҳаны ԥхьаҟа иргаларц. Саргьы абас Аԥсны саҭааларц, сыуаажәлар снарылаԥшыртә еиԥш Аллаҳ иҵегь аҭагылазаашьа саҭәаишьааит. Аԥсныжәлар зегьы шәахынӡанаӡааӡо абзиара шәзыҟалааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0