Корсаиаԥҳа: Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи ашәарҭара иҭагылоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДом, в котором жила семья Гулиа с 1913 года
Дом, в котором жила семья Гулиа с 1913 года - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа данлыҿцәажәоз дазааҭгылеит амузеи аусура шеиҿкаауи, анҭыҵ иамоу аимадарақәеи, насгьы ицәырҵуа ауадаҩрақәеи ртәы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Светлана Винор-иԥҳа, ишԥамҩаԥысуеи амузеи аусура насгьы аусзуҩцәа шаҟаҩы ыҟада?

Пластинки с записью народных абхазских песен - Sputnik Аҧсны
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитература-мемориалтә музеи аекспонат ҿыцқәа арҭеит

— Амузеи аус шауц иауеит. Ахыбра иахылаԥшуа ауаа аламҵакәа арҿиаратә усзуҩцәа хәҩык ҳаҟоуп. Ҳаргьы хаз-хазы акәымкәа ҳаицхырааны уск ҳаицаҿуп. Лымкаалагьы аԥсуа бызшәа амчыбжь азы мышкахьы хәба-фба екскурсиа мҩаԥаагоит. Урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп Аҟәа ақалақьи араиони ирыҵаркуа ашколхәыҷқәа рыдагьы егьырҭ араионқәа рҟнытә ахәыҷқәа рацәаҩны. Игәауҭартә иҟоуп ахәыҷқәа ираҳауа аинтерес шырзаҵоу, ишыргәаԥхо. Иара убас аԥхынрагьы ауаа ҳзаауан. Гәыԥҩыла иаауаз рацәаҩымызт, аха ҩыџьа-ҩыџьала, хҩы-хҩыла имҩахыҵуан, еиҳаракгьы аԥсшьацәа. Аӡәы заҵәык дымҩахыҵыргьы сааҭк инеиҳаны ицо аекскурсиа изымҩаԥаҳгоит.

- Аԥсны анҭыҵ аимадарақәа шәымоума?

— Лев Толстои ихьӡ зху Москватәи аҩны-амузеи ҳареи аиҩызара ҳабжьоуп. Уаантәи аҭҵаарадырратә усзуҩы дааны ҳмузеи иазку астатиа ду лыҩхьеит. Ажәакала, аҭҵаарадырра аганахьалагьы, иара ус апрактика ахәҭаахьалагьы амузеи аус ауеит, аԥсы ҭоуп. Имҩаԥаагоит еиуеиԥшым аныҳәақәа, арҿиаратә еиԥыларақәа, иҵоуроу азҵаарақәа рылацәажәара иазку астолгьежьқәа уҳәа.

- Амузеи аусураҿы иҟоума ауадаҩрақәа, иҟазар иарбан ҩадаҩрақәоу?

— Иазгәасҭар сҭахуп амузеи аҟны аусура еиҳа-еиҳа иуадаҩхо ишалагаз. Избанзар, Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи 2017 шықәса раахыс акапиталтә еиҭарҿыцразы аҳәынҭқарратә план иалоуп.  Аха уажәраанӡагьы аусурақәа ирылагаӡам.  Ус шакәугьы,  хара имгакәа уи алыршахап ҳәа агәыҕра ҳамоуп.  Аиашазы  амузеи иахьазы ашәарҭара ду иҭагылоуп,  ахыб ақәа кылсуеит. Қәак ауцыԥхьаӡа амемориалтә хәҭаҿы иатәу Дырмит Гәлиа иусуратә уадаҿы аӡы ҩналоит, адашьма арбаауеит. Ҳаргьы ақәа ахькылсуа акы аҵаҳаргылоит, аӡы ҩнаҳарбоит, аха уи хара иузго усым. Аҭыӡқәа уашәшәыроуп, ахыб акәзаргьы убас!  Абра ҩажәаҩа- ҩажәижәабаҩык ахәыҷқәа агәгәаҳәа ианыҩнало,  ҳара ҳабжа ҳалԥсаауеит —  убриаҟара ишәарҭоуп амузеи аҭагылазаашьа. Зныкым ҩынтәым, аҳәынҭқарра аиҳабыра рахь  ҳабжьы ҳаргахьеит, ҳааҟәымҵӡакәа ашәҟәқәа рыҩра ҳаҿуп. Урҭгьы   хырҩа ҳарҭом ҳәа аҳәара иашам, еилыркаауеит ҳҭагылазаашьа заҟа иуадаҩу,  ирҭахуп иҳацхраарц, аха аҧара амамзаара иахҟьаны, ари азҵаара  иахьа уажәраанӡа иӡбамкәа иаанхоит. Иҟоуп егьырҭ ауадаҩрақәагьы. Дырмит Гәлиа дахьынхоз аҩны аҿы амузеи анаадыртуаз,  убас еиԥш ақәҵара рыдыркылеит, амузеи иатәымыз ауадақәа анҭацәлакь, урҭ амузеи иахыԥхьаӡалазарц азы. Аха Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь уи азҵаара ахьгәыгәҭажьхаз иаҿҟьаны, урҭ ауадақәа ауаа ирхатәны иҟарҵеит.

Светлана Корсаиа - Sputnik Аҧсны
Корсаиаԥҳа: ҳцәажәозар, ҳзырцәажәо Дырмит Гәлиа иоуп

Иахьазы урҭ амузеи радҵаразы иаахәатәхеит.  Аха аибашьра ҟалаанӡа иҭарцәны амузеи иадҵаз ауадақәагьы иахьа уажәраанӡа  иҟаҵаӡамкәа иахьыҟоу амузеи азы даара ишәарҭоуп: ҟьала-ҧалак дыҩналаны, машәыр ҟаиҵар ҟалоит,  амца ацрарҵар ҟалоит. Иара убас актәи аихагылаҿы иҟоуп ҳмузеи иатәым даҽа ҩ-уадак. Урҭ аԥшәма дрымоуп, аха аӡәгьы дыҩнаӡам. Ауаҩы дахьыҩнам ауадагьы еснагь ашәарҭара иҭагылоуп, ацәгьоура, афымца лашара уҳәа амашәыр ҟалар ауеит. Сгәанала, даараӡа иманшәалахон арҭ ауадақәа ҳмузеи азы иҿыхзар. Насгьы амузеи акәша-мыкәша инхо ауаа рсанӡҕәқәа еиҳа-еиҳа маҷ-маҷ иасскьарго,   амузеи ахаҭа  аҳәаақәа акыр идырҭшәеит. Анцәа иумҳәан, машәырк ҟалар, амцарцәагатә машьынақәа амузеи ишырҭаху иаакәыршаны изнеиуам. Ҳмузеи Аҧсны аҭоурых-культуратә баҟақәа ишырхыҧхьаӡалоугьы, иаакәыршаны ахьчаратә зона ҳәа акгьы амаӡам.  Сгәанала, уи закәанеилагароуп. Аџьынџьтәылатә еибашьра аан аԥсуа архив зегьы ықәблаа ицеит. Ирбылит Аԥсуа ҭҵааратә институт ахыбрагьы. Ари амузеигьы иҩналаны иргақәаз акык-ҩбак ыҟоуп, аха Аԥсны уаҳа џьаргьы иҟам,  хәы змаӡам адокументқәа ара иҵәахуп. Анцәа иумҳәан, аха машәырк ааҟалар зҭоурых ззымдыруа аманкуртцәа реиԥш ҳнымхарц азы урҭ еиқәырхатәуп.

- Иҟоума ааигәа-сигәа иазԥхьагәаҭаны ишәымоу аусмҩаԥгатәқәа?

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аиҳабы Вахтанг Аԥҳазоу - Sputnik Аҧсны
Аԥҳазоу: Дырмит Гәлиа ипремиа – иҭакԥхықәроуп иагьынасыԥуп

— Ҽаантәи 2019-тәи ашықәс ҳара ҳзы хынтәны ииубилеитә шықәсуп. акы: Дырмит Гәлиа диижьҭеи 145 шықәса ҵуеит; ҩба: аҩны-амузеи аадыртиижьҭеи 45 шықәса ҵуеит; хԥа:  агазеҭ "Аԥсны" шәышықәса ахыҵуеит. Ишәыжәдыруа еиҧш, уи аҧызҵаз Дырмит Гәлиа иоуп. Убри аҟнытә сгәы иаанагоит ҳазҭало ашықәс Дырмит Гәлиа ишықәсны аҟаҵара ахәҭоуп ҳәа. Дырмит Гәлиа иааизакны аҧсуа культуреи алитературеи дашьаҭаркҩуп. Уи иара дзыԥсоу, илиршаз, ишахәҭоу еиҧш иаҳзымҳәар, аҧсуа культура ауп зегь раҧхьаӡа изыгхо,   арахь имҩахыҵуагьы рхыԥхьаӡара маҷхоит. Иахьа иумбар залшом ари амузеи ҳаамҭа иашьашәаланы,  ишахәҭоу еиҧш аиҭарҿиара алыршаразы,  аҳәынҭқарра иҟанаҵо ацхыраара  шазымхо. Аха  ҳмилаҭ рдоуҳатә рккаҩы ду иҩны- амузеи аҧсуа жәлар зегьы ирдоуҳатә хәышҭаароуп. Убри аҟнытә ҳара ҳзы игәахәара духон   алшара змоу, ҳбыхшәеи, ҳлитературеи, ҳҭоурыхи ирызҿлымҳау ҳџьынџьуаа, , Д.Гәлиа иҩны-амузеи аҭагылазаашьа аиҕьтәразы маҷк иадамзаргьы ацхыраара рзыҟаҵар. 30 шықәса инареиҳаны Амузеи аҭҵаарадырратә ҟәша аиҳабыс аус луеит  Заира Кәакәасқьырԥҳа. Уи еиқәлыршәеит 40 шықәса раахыс ари амузеи   иаҭаауаз ашәҟәыҩҩцәа дуқәа, аклассикцәа рнапала агәалашәаратә шәҟәы аҿы  инрыжьуаз анҵамҭақәа зегьы реизга. Ашәҟәы рхиоижьҭеи хәышықәса иреиҳауп, аха дырҩегьых аҟәрышь амамзаара иахҟьаны  макьанагьы иҭыжьӡам. Ҳгәыҕуеит иааиуа аиубилеитә  шықәсазы уи аҭыжьра алыршахап ҳәа. Уи акрызҵазкуа гәалашәаршәагоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0