Аӷьалпал бжьы зцу, аԥсшәа злам Апарламент аилатәарақәа

CC0 / / Камера
Камера - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иаҳыхсыз аԥшьашазы Жәлар реизара иаднакылаз ақәҵарала ҳдепутатцәа иаҳдырдырит Апарламент аилатәарақәа ишиашоу ицо аефир ала иалызхыз ажәлар иддырҳаларц шырҭахыу. Ари аҩыза агәаанагара адепутатцәа реиԥш ауаажәларраҿы измоу маҷҩым.

Ганкахьала, ажәлар ирбарц рҭахуп рдепутатцәа ирыдыркыло азакәанқәа хҳәаас ирырҭо, еиуеиԥшым азҵаатәқәа рзы гәаанагарақәас ирымоу.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент аҟны онлаин-трансляциақәа рымҩаԥысра: атехникеи афинансқәеи

Аҳәара уадаҩуп знымзар-зны ҿызымҭуа, ҭынч знапы шьҭызхуа адепутатцәа ркатегориа иаҵанакуа ацәажәара иалагоу иаламгоу, аха ахҭысқәа шымҩаԥысуа ала, дук хара имгакәа Жәлар реизара аилатәарақәа ишиашу ажәлар ирбаратәы иҟалар алшоит. Ииашоуп, макьана ихәшьадым уи ахарџь шаҟа ақәырӡтәу.

Апарламент асаит аҿынтә атранслиациа амҩаԥгара иаҭахуп амыругақәа реиԥш, уи аус адызуло ауаа, абарҭ зегьы ԥарада анагӡара алшом.

Ишиашоу ицо аефирқәа рызҵаатәы иахьа еиҳа иҵарны иқәгылеит, избанзар жәлар ралхыҩцәа-ҳдепутатцәа бжеиҳан иргәаԥхом, асессиа иалахәу ажурналистцәа аинформациа ауаа ишрызнарго. Еилкаау усуп, изҭахымда "ахәша ахьшьны" ирҽхәаны ирыхцәажәалар, аха зыбла ҵару ажурналистцәа, зны-зынла адепутатцәа рганахь "ицҳауеит, ахҿақәа дәықәырҵоит", ари згәамԥхо адепутатцәа маҷҩымзар акәхап.

Абри азҵаатәы Апарламент аҿы ианалацәажәоз, адепутацәа иазгәарҭеит, дара ишырҭахыу иалызхыз ауаа хаҭала ирбаларц Аизараҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа.

Конституция РА. - Sputnik Аҧсны
Акәты ашьыга, ашьапхыц иҵнахуеит

Изаманоуп, аха аилатәара ашьҭахь ажурналистцәа феисбук адаҟьаҿы иқәдыргылаз, аӷьалпал зцу урысшәала адепутатцәа реицәажәашьа збаз, ишиашо аефир ила иамбар еиҳа еиӷьишьар ауеит.

Уи авидео ишаҳнарбо ала, адунеи аҿы имҩаԥысуа инегативту апарламенттә еидысларақәа Жәлар реизара адепутатцәа ноиабр 4 рзы урысшәалатәи реимакқәа зеиԥшу, ҳпаркқәа рҿы зыбжьы рдуны зхатә усқәа еилзырго реицәажәашьоуп.

Жәлар реизара адепутатцәа ишиашоу ицо аефирқәа рымҩаԥгаразы рсаит азы ақәҵара анрыдыркылоз иагьазгәарымҭеит, ҳара ҳзакәанқәа рыла, Аизара ԥсышәала имҩаԥысларц шақәнагоу, уи азы азакәангьы шыҟоу.

Аԥсшәа анысҳәо, егьырҭ абызшәақәа атәасымбоны акәӡам, аурыс, ма англыз бызшәа уҳәа, ҳтәылаҿы ахархәара змо егьырҭ абызшәақәагьы уреилаҳартә иԥшӡоуп, урысшәала срыԥхьоит еиуеиԥшым астатиақәа, иара убас аурыс классикцәа рҩымҭақәа уҳәа, сгьама иашьашәалоу ашәҟәқәа сыдызгалоит.

Осень в Абхазии - Sputnik Аҧсны
"Шәымҩа ԥшӡахааит": ҳшабошәа ҳалацәажәоит ҳбызшәа

Аха, азакәан закәануп, ҳара ҳтәылаҿы хәынҭқарратә бызшәас иҟоу аԥсшәоуп, ус анакәха, атәылауаҩ лаҳасабала азин сымоуп агәынамӡара аасырԥшырц, Жәлар реизара адепутатцәа азакәан еилаганы реилатәарақәа даҽа бызшәак ала иахьымҩаԥырго азы.

Игәасҭахьеит, еиуеиԥшым агәаанагарақәа змоу аполитикцәа имҩаԥызго адырраҭарақәа рҿы ԥсышәала ианцәажәо, рхымҩаԥгашьа шаамысҭашәо, ражәаҳәагьы еиҳа ишхырку. Уи зазгәасҭо, ахатәы бызшәа здыруа ауаҩы, идыруеит имилаҭ рхәыцшьа, убри аҟынтә, акыр иажәагьы дацклаԥшуеит, еиҳа иҽникылоит.

Егьырҭ абызшәақәа ирылаӡо аԥсшәа иалаӡаӡом. Иара убас, Апарламент аилатәарақәа ишиашоу ицо аефир аҿы ԥсышәала, ҳәынҭқарратә бызшәала ианыҟамла, ашәарҭара иҭагылоу ҳбызшәа аҩаӡара еиҳагьы илаҟәуеит, избанзар Аизара хәба-ԥшьба сааҭ ицалоит, убри аамҭа иалагӡаны аҿар инадыргкны абыгцәа рҟынӡа, имыцхәны ираҳалоит даҽа бызшәак, рабацәа иахьанӡа имырӡкәа иааргаз аԥсшәа иагхоит.

Ухы иазумуа, уаӷа иузиуам рымҳәои, абасала, сгәы злазҩо ала, ҳара иаҳԥеиԥшуп ишиашоу ицо аӷьалпал бжьы зцу, аԥсшәа злам Апарламент аилатәарақәа.

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0