Бебиаԥҳа: сымчқəа ҩбазтəуа сыжəлар рдоуҳа сыцуп есымша

© Foto / из архива Екатерины БебияЕкатерина Бебиаҧҳа
Екатерина Бебиаҧҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ, Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, ААУ апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа абҵарамза 20 рзы иазгәалҭоит лиубилеи.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

"Сара Кəтолтəуп, ари ақыҭа иалкааны арҿиаратə шəҟəыҩҩцəеи ажурналистцəеи, аҵарауааи ирқыҭоуп рҳəоит, еиҳарак аҧсуа шəҟəыҩҩцəа", - ҳəа ҳаиҿцəажəара хацҳаркит Аҧсны зҽаҧсазтəыз ажурналист, афилологиатə ҭҵаарадыррақəа рдоктор, апрофессор Екатерина Гьаргь-иҧҳа Бебиеи сареи.

Мушьни Миқаиа - Sputnik Аҧсны
Аԥхьаҩ дызмоу ашәҟәыҩҩы

Ииашаҵəҟьаны, ахəыҷрашықəсқəа рҟынтəи акəхап ишҿыхоу ауаҩытəыҩса дызнылараны иҟоу ихаҭəаау аҧсҭазааратə мҩа. Екатерина Бебиаҧҳа лааигəа еснагь иҟан арҿиаҩцəа дуқə, ихатəроу ауаа.

"Платон Бебиа, Мушьни Миқаиа, Терент Ҷаниа, Геннади Аламиа уҳəа, ирацəаҩуп, 27-ҩык ыҟоуп, зегь рыхьӡ сзымҳəаргьы, саҭамыз, исгəалашəоит убарҭ ақыҭаҟны шаҟа ҳаҭырла, патула ишрыдыркылоз. Акультуратə доуҳатə ҧсҭазаара ҳара ҳазлааӡаз аҩнаҭаҿы, ҳазлагылаз аҳаблаҿы, ақыҭаҿы пату ду ақəын. Акырӡа аҵанакуеит ахəыҷы дышхəыҷу абас еиҧш иҟоу ахатəрақəа данрыдыҧхьало", - илгəалалыршəоит Екатерина Бебиаҧҳа.

Бебиаԥҳа: Сергеи Багаԥшь изку ашәҟәы аҩра аҭакԥхықәра ду ацуп

Екатерина Гьаргь-иҧҳа раҧхьаӡа акəны лырҿиара ахы акит ажəеинраалақəа рыла, анаҩс апублицистикахь диасуа далагеит. Ажурналистикахь лара илымоуп лхатə азнеишьа.

"Маӡа-аргама ауаҩытəыҩса игəаҵахь уназго мҩахəасҭоуп. Абри амҩахəасҭа уацəхымҟьакəа, ишахəҭоу еиҧш, ауаҩытəыҩса иаҳаҭыр ламырҟəыкəа, узызнеиз ауаҩы иаҳаҭыр баны, ауаа нагақəа рыхьӡ анаӡаӡатəроуп изызку ажурналистика. Уи иаанагаӡом ауаа нагақəа рымацара роуп ҳəа, ҳакəша-мыкəша иҟоу зегьы улаҧш рыхьӡозар, зегьы аҭоурых аҟны инужьыртə иҟоуп. Ианҵам ыӡуеит, ианҵоу нхоит, зыҧы ҭоу баҟоуп", - абас лҳәеит  Екатерина Гьаргь-иҧҳа.

Екатерина Бебиаҧҳа данхəыҷыз аахыс илыман лхатə хықəкы, уи иахьа уажəраанӡагьы дацəхьамҵуа иналыгӡоит.

© Фото : из архива Екатерины БебияЕкатерина Бебия
Бебиаԥҳа: сымчқəа ҩбазтəуа сыжəлар рдоуҳа сыцуп есымша - Sputnik Аҧсны
Екатерина Бебия

"Усҟантəи аамҭазы ақыҭа школқəа рҵаҩцəеи ҳареи ашəҟəқəа ҳабжьысуан. Иаҳҳəап, ажурнал ахҧатəи аномер аҟны уанызар, сара а-3-тəи, а-4-тəи, а-5-тəи аномер аҟны сақəшəон, сыжəла анбан Б ала иахьалагоз азы, қыҭацыҧхьаӡа убри ажурнал аномер аҟны ианыз, убри акласс аҿы итəаз ирзызыҩуан ашəҟəқəа. Аҭак ҟазҵоз дареи ҳареи ҳаиҩызцəахон. Усҟан салам шəҟəык аҳасаб ала акəын ишыҟаз, аха убригьы публицистикоуп ҳəа сахəаҧшуеит", - лҳəеит аҵарауаҩ.

© Фото : из архива Екатерины БебияЕкатерина Бебия
Бебиаԥҳа: сымчқəа ҩбазтəуа сыжəлар рдоуҳа сыцуп есымша - Sputnik Аҧсны
Екатерина Бебия

Аҵарауаҩ гəыблыла илгəалалыршəоит аҵара ахьылҵоз Кəтолтəи абжьаратə школ.

"Адиректор бзиаӡа дҳаман, Пантик Баграт-иҧа Тапаҕəуа. Ааигəа 80 шықәса ихыҵра иазкыз иубилеи ыҟан, исылшоз ала акы схы самеигӡеит ари аус аиҿкаараҟны. Иара зегьы ҳрыдиҧхьалон, ашəаҳəара, акəашара уҳəа ҳдоуҳатə беирақəа ҳрызҿлымҳахартə еиҧш аҭагылазаашьа ҳзаҧиҵон. Абарҭқəа зегьы ашəҟəҩырахь агəаҳəара снаҭеит. Раҧхьа ажəеинраалақəа рыла салагазаргьы, иҟалап ажəеинраалақəа рыла ихсыркəшаргьы", - лҳəоит ҳзыҿцəажəоз ажурналист.

Алексей Конджария - Sputnik Аҧсны
Илеишәа џьбаран, аха бзиа даҳбон: Гагратәи алицеи Алықьса Кәанџьариа ихьӡ ахҵоуп

Ажурналистикеи апоезиеи урыбжьыҧсаауеит ҳəа ахшыҩзцара дазнеиуеит Екатерина Беьиаҧҳа. Мышқəак раҧхьа иҭыҵыз "Сара сдунеи" захьӡу ашəҟəы еиднакылоит лара лдунеи иахылҿиааз ажəеинраалақəа.

"Рызегь сыҧсы иахылҵыз, сгəы иахылҵыз жəеинраалақəоуп, убри аҟынтəи иара сара исыҧсҭазаароуп ҳəа сыҧхьаӡоит. Исымоуп жəеинраалак "Ажəеи ашəеи срыбжьыҧсааит" ахьӡуп. Абар, цəаҳəақəак:

" Акгьы сыгым ажəеи ашəеи срыбжьыҧсаарц,

Зны ажəа сышьҭоуп исыцрымҵуа, сеиқəнархарц.

Зны ажəа шьҭыҵуеит амҵəыжəҩа шьҭнахуеит иҧыруеит,

Хьаак сгəаҵаҿ ашьҭа аныхны иӡыҭуеит..."

© Фото : из архива Екатерины БебияЕкатерина Бебия
Бебиаԥҳа: сымчқəа ҩбазтəуа сыжəлар рдоуҳа сыцуп есымша - Sputnik Аҧсны
Екатерина Бебия

Ажурналистика амхылдыз иаҩызоуп, знык уанакы уаунашьҭӡом"-лҳəоит аҵарауаҩ.

Ателедыррақəа рахь, Екатерина Гьаргь-иҧҳа лхатə знеишьа лымоуп.

"Арҿиара ахаҭа акəӡам иуадаҩу,арҿиара иацу ауадаҩрақəа роуп. Ауадаҩрақəагь ракəӡам, ауадаҩрақəа ҟазҵо роуп иуадаҩу. Аҧсуа радио, апериодикатə кьыҧхь аҿы иҟоу аҳауа раҳаҭроуп, гəыҧсыршьагоуп. Ателехəаҧшра ӡлагароуп, еибахеибафароуп. Аццакра ацзароуп, агəы ацзароуп, ахы ацзароуп, рҿиара ҳаракыроуп, доуҳатə ҩаӡароуп, Ерцахə ашьха иаҩызоуп", - лҳəоит Екатерина Гьаргь-иҧҳа.

Аҧснытəи аҳəынҭқарратə университет аҿы ажурналистика аартра гəҭыхас илыман ашкол иалгаз аҧҳəызба, аҧсуа журналистцəа ааӡатəуп ҳəа азылыҧхьаӡон лара. Ари аус ахацыркраҿы акыр лылша рацəоуп. Лҵаҩцəа снархыҧхьаӡаланы ҭабуп ҳəа ласҳəарц сҭахуп.

"Ашкол ибзианы салгеит, аха Москва сцаны ажурналистика сҭалартə еиҧш, Қарҭтəи аҳəынҭқарратə университет сҭалартə еиҧш азыҟаҵара сымамызт ҳəа азысыҧхьаӡеит сара стəала. Ара сҭалап аҵара, нас уи амҩахьгьы сцəырызго ашьаҭа соуп ҳəа сазхəыцит. Ус иаатит амҩақəа, 77, 78-тəи ашықəсқəа рзы Аҧсуа телехəаҧшра анаадыртуаз , Аҧсны Ақəҵара аднакылеит хҩык ажурналистикахь ииагатəуп ҳəа. Усҟан, Аҟəатəи арҵаҩратə инстиут афилологиатə факультет аҿы аҵара сҵон, ахҧатəи акурс аҟынӡагь снеихьан. Гарик Дбар, Зураб Аргəын, сара Қарҭҟа ажурналистика афакультет ахь ҳаиаргеит", - лыстуденттə шықəсқəа лгəалалыршəон Бебиаҧҳа.

Белла Барцыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Барцыцԥҳа: сышәҟәы "Абааҭатәи аццышәқәа" азы 40 шықәса аматериал еизызгон

Зыгəҭакы наӡаз Екатерина Гьаргь-иҧҳа, Қарҭ дахьнеиз аҵара аус аҿы лхы бзиаӡаны иаалырҧшит, хəба ҳəа аҵара лҵон, диплом ҟаҧшьыла Қарҭтəи ауниверситет далгеит.

"Ҳкурс дуун, хҩык аҧсуаа ҳаҟан, аха дара 25-ҩык рҟынӡа ыҟан. Қырҭуа ҭыҧҳак ирулак дысхьырыгӡеит, адиплом ҟаҧшьыла далдыргеит. Сара сгəы иҭан уа сшыҟоу аспирантура сҭаларц. Аӡə лакəын алимит зырҭоз, сара срыцəҭалар ҳəа ишəаны, ақырҭу ӡҕаб илырҭеит. Табиӡе ҳəа деканс иҳамаз анаҩс сара сыҭҵааратə усумҭа еиҳабыс даиуит, Аҧсныҟа сааны аус сурц сабжьигеит, ҩышықəса астаж умазар акəын, алимит Аҧсныҟа анашьҭра сацхраауеит ҳəа сеиҳəеит. Усҟан уа исықəшəаз, сыгəҭыхақəа засҳəаз Алеқсандр Анқəаби, Табиӡеи ииашаҵəҟьаны ари аус иацхрааит. Акандидаттə диссертациа Табиӡе инапхгарала исыхьчеит", - ҳəа азгəалҭоит Бебиаҧҳа.

Ақырҭқəеи ҳареи иҳабжьалаз аиҕара, аибашьраҿы икаҭəаз ҳарҧарцəа ршьа Екатерина Гьаргь-иҧҳа аҭынч ҧсҭазаара лнаҭом, цəгьа ихьаалгоит. Аибашьраҿы илцəыӡыз лдиплом ҟаҧшь аиҭашьақəыргыларагьы дашьҭамлеит. Адокторантура данҭалоз илҭаххеит, аха аџьма имҧсыша амаҵə азылаҟəуеит ҳəа, Аҧсуа телехəаҧшраҿы машəырны амаӡаныҟəгаҩ илыҧшааит аксерокс зызуз адиплом.

Екатерина Бебия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Екатерина Бебиаԥҳа: аибашьра шықәсқәа агәаларшәара есымша иуадаҩуп

Екатерина Гьаргь-иҧҳа Бебиаԥҳа, ҵҩа рымам лнапы иҵлыжьхьоу ацəаҳəақəа, арадио анҵамҭақəа, ателедырраҭарақəа, ҳажəлар рхы-ргəы аҟынӡа инеиуа, рхьаа зныҧшуа, ргəырҕьара атəы зҳəо. Ирацəоуп Аҧсны Аџьынџьтəылатə еибашьра анцози, уи ашьҭахьтəи аамҭази лылша.

"Аибашьра атема аҩрагьы гəаҕьыуацəоуп, уҧсҭазаара бжанатəуеит. Иҟан аамҭақəак, сахыҧсаауаз џьысшьон. Аибашьра анцоз аамҭазы иҭахаз рматериалқəа реизагара ҳалагахьан. Афронт ахь сышцоз еиҧш, аҩнаҭақəа рҟынгьы иҭахаз аибашьҩы иан лыжəҩа унапы нкыдшьыланы, лҧа баша дышҭамхаз, еизҳауа абиҧарақəа ихьӡ шырзынхо гəаҧхаражəак лаҳəара анулша, маҷк ларгьы лылаҕырӡқəа аабоит", - ҳəа азгəалҭоит Екатерина Бебиаҧҳа.

Зыжəлар рхьаа зхьаау, ргəырҕьара згəырҕьароу, аҧсуара иагəҭылсоу Екатерина Бебиаҧҳа еснагь илымоуп лхатə гəаанагара, иарбан усзаалак инҭырҳəыцааны лхы-лгəаҟынӡа инаганы дазнеиуеит.

"Афырхацәа рымҩала": Екатерина Бебиаԥҳа арратә журналистика дазааҭгылоит

"Аибашьра анцоз Гəдоуҭа администрациаҿы ҳаҟан, ҳусрҭатə уадаҿы, аӡəгьы акагь ахышəымҳəаан ҳəа иҭахаз рпатреҭқəа дуны иҟаҵаны икыдаҳҵо, аҭыӡқəа зегьы ҳарҭəит. Ианааҩналалак ишанхон. Нас, Екатерина Бебиаҧҳа еизылгоит ҳəа анраҳалак, иацы рыҷкəын дыржуан, иахьа дара рпатреҭ рыманы иаауан. Усҟантəи аамҭазы афото злаҟаҳҵоз аҧарагьы абаҟаз, аха аҷкəынцəа ианрыдаҳҵалак иҟарҵон", - илгəалалыршəоит аибашьра аветеран.

© Фото : из личного архива Екатерины БебияЕкатерина Бебия
Бебиаԥҳа: сымчқəа ҩбазтəуа сыжəлар рдоуҳа сыцуп есымша - Sputnik Аҧсны
Екатерина Бебия

Ирлахьынҵахазеит арҭ афотосахьақəа аибашьра ашьҭахь? Ҳазҵаара аҭак абас еиҧш иҟалҵеит ҳзыҿцəажəоз:

"Аибашьра ашьҭахь ҳахьынхоз уаҩҵасгьы иҳамамызт, аха сыҧшəма дсыцхраан, абанҭ апатреҭқəа шкыдыз еиҧш суадаҟны икыдҵаны иҟасҵеит. Убра саныцəалозгьы ыҟан, избанзар усурҭатə уаданы исыман, ҵхыбжьонынӡа аус сымуаз, нас сҭаацəа аасмырҧшырц азы уа саныцəалозгьы ыҟан. Гəли Кьычба ус салҳəеит: "О, бара Катиа, акаамеҭ ҟабҵеит, сгəы нкыларц акагь сыгӡам буада сахьыҩналаз, бара ахəыҷқəа брылатəоуп, быҧшəмагьы игəы кыдбымхын, иҟабымҵан. Егьи иаанхаз сыҷкəын сизхəыцны, џьарак ада зегьынџьара икнысхит", - лҳəеит, ан зҵеи дҭахаз", - илгəалалыршəоит Екатерина Бебиаҧҳа.

Екатерина Бебиаҧҳа, ишырҳəо еиҧш, аҧсы ахаҵаны илымоуп аибашьратə архив.

"Иааҭахаз зегьы рфотосахьақəеи, ирызку адокументқəеи, акартотекеи ҟаҵаны еиҿккааны исымоуп. 53 папка ыҟоуп ҳҵеицəа иҭахаз зегьы ртəы. Аибашьра анынҵəагьы, астудентцəа издысҵақəаз ыҟоуп зтəы сымамыз ртəқəа реиқəыршəараҿы исыцхраарц. Дара ирызку астатиақəа, ацəажəарақəа, авидеонҵамҭақəа, авидеокассетақəа адискқəа ирынҵаны иагəылаҵаны абри аҩыза архив дуӡӡа сымоуп", - ҳəа азгəалҭоит Беибиаҧҳа.

Иҭахаз аҭаацəа ракəзар, ажурналист лыҩны тəарҭас-гыларҭас, лаҕырӡкаҧсарҭас ирыман. Рхьаақəа рыцеиҩылшон, ргəы зынӡа ианкыдгылалак аҭел ианылзасуаз ыҟан, Катиа бааи, аҧсра ҳаҿуп ҳəа. Ииашаҵəҟьаны ҧсҿыхгас дрыман, хəырбҕьыцс дрымоуп иахьагьы.

Аҧсны зҿаҧсазтəыз ажурналист Екатерина Гьаргь-иҧҳа аҧсҭазаара шаҟа дкыднаҟьо аҟара дыҕəҕəахоит, илыцуп лара лымчқəа ҩбазтəуа лыжəлар рдоуҳа, насыҧ ҧшӡа лызҭо лҭаацəа, лыхшара, лмаҭацəа рыбзиабара.

Слава Саканиа - Sputnik Аҧсны
"Шәазыхиоума аибашьра?": арратә журналист Слава Сақаниа 60 шықәса ихыҵит

"Сымҩаҿы аҭагəҭасрақəа рацəаны ицəырҵхьеит арҿиара аганахь ала. Убри символра азызуа цəаҳəак саҧхьоит. Уи ҿыц иҭыҵыз сышəҟəы "Сара сдунеи" епигрофсгьы иамоуп:

Сымҩа ҭагəҭасуеит, икаххаа игаӡам,

Лашьцароуп, лашароуп, еҵəала ихҟьаӡам.

Сымҩаҿ ауаа рацəа рышьҭа ануп,

Рышьҭа цəымзан сымҩаҿ иаркуп.

Уи иаанаго ауаатəыҩса рыбзиабара цəымзан иаркуп ауп, егьа ҭагəҭасра ыҟазаргьы исыцхраауеит"-лҳəоит Бебиаҧҳа.

Аҭаацəара рганахь ала акəзар, Екатерина Бебиаҧҳа дарҕьажəҩаны длывагылоуп лхатə ҩыза, иара убас лыҧсҭазаара аҧсы ахазҵо лыхшара, лымкаала бзиа илбо лҭаца, лмаҭацəа.

Бебиаԥҳа: ҳажәлар ргәы ашьҭыхра ауп акыр сахьӡозар сахьызыгӡо

"Ухшара мыцхəы урылацəажəар ҧхашьароуп. Сара дысмааӡаӡеит, аха исҳəар сылшоит сҭаца Саида Габниаҧҳа лыӡбахə. Сышəҟəы "Сара сдунеи" лара илыхьӡынҩыланы иҟасҵеит. Абасгьы ануп: "Ашəҟəы лыхьӡынҩылоуп сдунеи аҧсы ахазҵо, сыҧсҭазаара цəымза лашаран иагəылыҧхо, амрашəахəа иадыскыло сҭаца, сыҧҳа Саида Роман-иҧҳа Габниа-Ҭырқьба. Ари лара иламҳəаӡакəа сиубилеи аламҭалазы сиурпризны илзыҟасҵеит", - лҳəеит Екатерина Гьаргь-иҧҳа.

Зыжəлар рыбзиабара иаҧсахаз, зажəеи зуси акрыҧхылнадо, доуҳала иҕəҕəоу аҧҳəыс хатəра, ан бзиа, анду гəыраз, аҵарауаҩ нага Екатерина Гьаргь-иҧҳа Бебиаԥҳа дызхьымӡац лҽахьылыгӡарц дашьҭоуп. Абри аус ҧшьа аҟны, илзеиҕьаҳшьоит еицакра зқəым агəашьамх, агəамч, есааира арҿиаратə ҳаракыреи, насыҧ лаша зцу аҭаацəаратə ҧсҭазаареи.

Абҵарамза 20, аҵарауаҩ лира амш аҽны Екатерина Бебиаҧҳа дрыгəҭылакхоит хымҧада лара гəыла-ҧсыла илзааигəоу ауаа, лыуа-лҭахы, Нхыҵи-Аахыҵи, нырцəи-аарцəи рҟынтə илзааз асасцəа, аҵарауаа. Лоушьҭымҭацəа сыруаӡəкны, алшара сымоуп ҳəа сгəы иаанагоит Екатерина Гьаргь-иҧҳа лымшира гəык-ҧсык ала илыдысныҳəаларц, хаҭала исыду лџьабаақəа рзы ҭабуп ҳəа лаҳəара.

Ажәабжьқәа зегьы
0