"Шәазыхиоума аибашьра?": арратә журналист Слава Сақаниа 60 шықәса ихыҵит

© Фото : из личного архива Славы СаканиаСлава Саканиа
Слава Саканиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра раԥхьатәи амшқәа инаддыркны аиааиранӡа, авидоекамереи амикрофони, аҳәызбеи кны, аибашьра амҩа ианыз, хәы змаӡам 60 сааҭ иҟоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых архив нзыжьыз Слава Сақаниа иаҳзеиҭеиҳәеит арратә журналист иду аҭакԥхықәра атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Абжьааԥнеиԥш, нанҳәа 14, 1992 шықәсазы, Слава Сақаниа Аԥсуа телехәаԥшразы адырраҭара азирхиоит ҳәа аусурахь амҩа дықәгылан. Иара напхгара аиҭон арҿиаратә гәыԥ "Аԥсуара".

Иаалырҟьаны, "аибашьра алагеит" ҳәа иаҳаз ажәабжь, ажәлар ирылаҳәатәын аҟнытә ишьаҿа ирццакит.

Ателехәаԥшраҟны еизаз аԥсуа журналистцәа иаразнак Ацҳа ҟаԥшь ахьыҟаз илбааит, араҟа раԥхьатәи аҿагыларақәа ирылагахьан.

Ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
"Афырхацәа рымҩала": Екатерина Бебиаԥҳа арратә журналистика дазааҭгылоит

"Ацҳа ҟаԥшь аԥхьа Сергеи Платон-иԥа Дбари сареи ҳаиқәшәеит. Ахқәа ҳмаахарц азы, амҩа авара, ашьацраҿы ҳалаианы аинтервиу имсхит. "Шәазыхиоума аибашьра" ҳәа саниазҵаа, "иумбаӡои, ҳҽырӷәӷәаны ҳашгылоу" иҳәан, дааԥышәырччеит. Уи иччаԥшь иахьагьы сгәы иҭоуп, избанзар иаҵаз ахьааи, агәкамыжьреи ҵҩа рымамызт", — арратә журналист иаҳасабала имҩаԥигаз раԥхьатәи аиҿцәажәара игәалаиршәоит Слава.

Шьыбжьон Слава Сақаниа Ацҳа ҟаԥшь дықәсаны, аестакада аԥхьа дааит ихала, акәша-мыкәша ҭихырц азы. Арҭ аҭыԥқәа ақырҭцәа рнапахьы аагара иаҿын.

"Аестакада аԥхьа игылаз, 16 еихагыла змаз аҩны схалан, ахыб аҟнытә аҭыхрақәа мҩаԥызгеит. Убраҟа исҭаххеит, акадр аҟны ажәақәак сҳәар. Скамера аҿакны, ацәхыԥ аҿы инықәсыргалын, сус насыгӡеит. Убри аҽны иалагеит сарратә журналистика", — иҳәоит иара.

Слава Сақаниа ихашҭӡом, Ачадара аҭыхрақәа анымҩаԥигоз, аԥсуа гвардиа ахьтәаз аҭыԥ аҟны даннеи, дзыҿцәажәоз Вахтанг Цәыгәба, бџьарла ишӷарызгьы, аинтервиу аҿы "абысҭа ҳалхума, ҳарҿагылоит" ҳәа ииҳәаз ажәақәа.

"Ҳхьаҵӡом", "ҳрабашьуеит", "ҳаԥсадгьыл ҳхы ақәаҳҵоит", "зегь акоуп Аиааира ҳара иаҳгоит" — абарҭ ажәақәа ракәын ирҳәоз аԥсуа хацәа.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еиабшьраан ажурналистцәа ирылшаз даара ирацәоуп.

"Ҳарҿиаратә гәыԥ иалан Нодик Саӷариа, иара ҳшәарҭадара дахылаԥшуан, аоператорцәа Анзор Кәарҷелиа, Асҭамыр Саӡба, Роберт Ломиа, Ахра Акаба, амашьынарныҟәцаҩ Гена Смыр. Ҳазегьы ҳәоуеиқәшәала аус еицаҳуан аҭынч аамҭеи, аибашьра адәи рҿы", — ҳәа азгәеиҭоит ажурналист.

Газета Апсны - Sputnik Аҧсны
Ажурналистцәа: аинформациатә хархәагақәа- аԥхьаҩ, ахәаԥшы, азыӡырҩы дрымоуп

Аԥсуа телехәаԥшра иатәыз атехникеи, ишиашоу ицо аефир аан ахархәара змаз амашьынеи, ателехәаԥшра аусзуҩцәа ирылшеит аибашьра иалганы Лыхныҟа агара.

"Ҳмазара ахьаанҳажьуа аҭыԥ ҳԥшаанӡа, ҳмашьына иашҭа иҭаиргылеит Ҭаниак, ҳтехника — Ӡиӡариак. Рыхьӡқәа сгәалашәом, саҭарымҵааит. Лыхнынтәи аефир ахь ҳҭыҵуа ҳалагеит", — ҳәа ҳаилиркааит Слава Сақаниа.

Ӡиӡариаа рҭаацәараҟнытә атехника ииаган Лыхны ақыҭа Ахадара ахыбрахь, Гагра араион ахы ианақәиҭха Гәдоуҭатәи ахәыҷбаҳчақәа руакы ахь ииасит, уаантәи аефир ахь ицәырҵуан аибашьра еилгаанӡа.

Слава Сақаниа агәыԥ "Аԥсуара" даԥхьагыланы ицон Ауадҳара, Дамхәыц ашьха аҳаракырахь, Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала иҳацхраарц иаауаз аибашьцәа рҭыхразы. "Аԥсҭазаара амҩа" ҳәа зыхьӡырҵаз аҭыԥқәа, арҿиаратә гәыԥ аҭаауан лассы-лассы.

"Иҭабуп ҳашьцәа", "шәаара ҳаигәырӷьеит", — акәын раԥхьа ииҳәоз ажурналист, нас азҵаарақәа рахь диасуан.

"Исгәалашәоит, ашьха иахысны иаауаз ҳашьцәа рахьтә, џьоукы-џьоукы реимаақәа рыҵаханы, ршьапқәа ашьа ахьшы, акасыжәқәа акәыршаны ишыҟазгьы, рхы-рҿы ааԥсарак шаныумбаалоз. "Акы шәацәымшәан, ҳшәыцхраарц ҳааит" ҳәа анырҳәалак шаҟа ҳгәы ӷәӷәахоз. Дара реиҳараҩык аибашьрақәа зхызгахьаз ракәын. Ачеченцәа рахьтә иҟан Ашьхатә Ҟарабахи, Аахыҵ Уаԥстәылеи еибашьхьаз", — иҳәоит Слава Сақаниа.

Нхыҵ-Кавказынтәи ахатәгәаԥхаҩцәа раара ҳаӷацәа рыҩнуҵҟа агәшәара цәырнагеит.

Агәыԥ "Аԥсуара" аҭыхрақәа рымҩаԥгаразы еихеит Гагра араион ахырхарҭахь.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Ҩ-ҭоурыхк, ҩ-хьаак: хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәа рфырхаҵара атәы

Пицунда "Аҵысфабрика" инаркны Мамзышьханӡа ацәаҳәа аанкыланы итәан аԥсуа еибашьцәа. Уи напхгара аиҭон аинрал Сергеи Дбар, хаҭыԥуаҩс диман абаза еибашьҩы Муҳаммед Кьылба. Иара убас агәыԥ иманы дтәан ачечен еибашьҩы Шамиль Басаев.

"Сергеи Дбари, Муҳаммед Кьылбеи, Шамиль Басаеви аибашьцәа агәымшәара рыладырҵәон. Ацәаҳәа ҳаныланы, агәыԥқәа рахь ҳаннеиуаз, иубаратәы иҟан, шаҟа ргәы шьҭыҵны, ԥхьаҟа ацара иазыхиаз", — иҳәоит ажурналист.

Жьҭаара аказы Слава Сақаниеи иҩызцәеи, аибашьцәа рышьҭа ихыланы, Гаграҟа еихеит.

"Ԥсахара ҳанааи, Нодик Саӷариеи, Анзор Кәарҷелиеи, Асҭамыр Саӡбеи сареи аӡыршьҭра ҳҭаианы ҳазыԥшын ахысра анбеилго ҳәа. Избанзар ухы шьҭухо иҟамызт", —игәалашәоит Слава.

Адырҩаҽны аҭыхратә гәыԥ ԥхьаҟа идәықәлеит.

"Нодики Асҭамыри амҩа хада арымарахьтәи аган ахь ицеит, Анзори сареи — арыӷьарахь. Агәабзиара чаԥарҭатә центр ҳазааигәахоны еиԥш, иахьынтәааз ҳзеилымкаакәа хысыбжьк геит. "Слава" ҳәа аарлаҳәа Анзор ҿааиҭит. Сааҳәызар, деихьшьшьы акаҳара даҿын. Снаимҵасны дааныскылеит. Уи аамҭазы ҳҩызцәагьы еибырҩны иааҳадгылеит. Аха, Анзор игәы иақәшәаз ахы иаразнак иԥсҭазаара ҿахнаҵәеит", — иҩыза дышивыршьааз атәы еиҭеиҳәоит ажурналист.

Анзор Кәарҷелиа ахы аниқәшәа, Асҭамыр Саӡба икамера шаҿакыз иҩыза иахь ддәықәлазаап. Иара иҭнахит Анзор иԥсы шихыҵуаз.

Аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩ, аоператор аԥхьагылаҩ Асҭамыр уи нахыс уаҳа акамера ааигәара дымнеит. Аҷкәын ипсихикатә ҭагылазаашьа кәадахеит. Шықәсқәак рышьҭахьгьы идунеи иԥсахуеит.

"Асҭамыр хазына убриаҟара аҟазара илан, инапы иҵыҵуаз амҿлыхқәеи иара асахьаҭыхымҭақәеи ухырхуан. Дара ирныԥшуан иҩнуҵҟатәи иҭагылазаашьа", — ҳәа азгәеиҭоит Слава.

Анзор Кәарҷелиа данҭаха, агәыԥ аусура азыхынҳәара рцәыуадаҩхеит. Асҭамыр Саӡба зынӡа даҟәыҵит.

© Фото : из личного архива Славы СаканиаСлава Саканиа
Слава Саканиа - Sputnik Аҧсны
1/4
Слава Саканиа
© Фото : из личного архива Славы СаканиаСлава Саканиа
Слава Саканиа - Sputnik Аҧсны
2/4
Слава Саканиа
© из личного архива Славы СаканиаСлава Саканиа
Слава Саканиа - Sputnik Аҧсны
3/4
Слава Саканиа
© Фото : из личного архива Славы СаканиаСлава Саканиа
Слава Саканиа - Sputnik Аҧсны
4/4
Слава Саканиа
1/4
Слава Саканиа
2/4
Слава Саканиа
3/4
Слава Саканиа
4/4
Слава Саканиа

"Жьҭаара 6 рзы, Нодик Саӷариа мчыла Ԥсоу ахырхарҭахь симаны ддәықәлеит. Аԥсшьарҭа ҩны "Украинантә" Џьамал Чрыгба игәыԥ ҳацны аҳәаа аҟынӡа ҳнаӡеит. Гагра араион ахақәиҭтәра раԥхьатәи иааирахеит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны. Ахацәа нагақәа рцәаныррақәа рзыҵәахуамызт. Рылабжышқәа рҿықәыҳәҳә аӡәи-аӡәи гәыдибакылон", — игәалашәоит арратә журналист.

Слава Сақаниа, Гагра араион аԥсуа еибашьцәа рнапахьы ианаарга, раԥхьаӡакәны дзыҿцәажәаз Муҳаммед Кьылба иоуп.

"Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа абжьара, ацәхыԥ ҳақәтәаны сааҭбжак ҳаицәажәон Муҳаммеди сареи. Иара иҭахӡамызт, аибашьцәа игәырӷьацәаны мыцхәы иахьхысуаз. "Иҟашәымҵан, аибашьра хаҭа ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп" ҳәа реиҳәон", — азгәеиҭоит Слава.

Агәыԥ "Аԥсуара" иазынхаз аҭыхрақәа мҩаԥыргон Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра нҵәаанӡа.

1993 шықәса, ажьырныҳәамзазы Слава Сақаниеи, аоператорцәа Ахра Акабеи, Аԥсуа телехәаԥшраҿы аус рыцызуаз арежиссиор Амиран Гамгьиеи, амацәаз иҭакыз Ҭҟәарчал аԥсҭазаашьа аилкааразы аҭыхрақәа рахь идәықәҵан реиҳабыра рыдҵала, Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика, Теберда ала.

Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иахәхаз аромантик

"Аҭыԥ аҟны ҳаннеи, аурысцәа иртәыз авертолиот ачашыла ақәҵаны, даҽа хәҩык апассаџьырцәеи ҳареи ҳашьҭыԥрааит. Сакьан ҳнаӡоны еиԥш, 2700 метра ажәҩан ҳшалаз ҳвертолиот еихсит. Ахра Акаба акамера аацәыриган аҭыхра далагеит, сара аинтервиуқәа ргара. Акаҳара иаҿыз ҳвертолиот абахәра иаԥныз адәҳәыԥш аҿы иртәоит ҳәа далагеит аԥырҩы. Абар, убыржәы изнымкылар, ҳаҿҟьаны атыша ҳалҭахәаша ҳцоит. Аха, убас иҟалеит, асы ихнажәаз аҵла, абахәреи ҳареи иҳабжьахеит. Ԥынгылас иҟалаз ақды абзоурала, авертолиот ииулак иртәеит. "Ажәлар рфырхаҵа дазусҭоу рдырроуп, иухьӡи ҳәа аԥырҩы саниазҵаа, иаразнак изымҳәаӡеит, иоуз агәшәара иханаршҭит. Нас иԥсы анааи, еилкаахеит Афгантәи аибашьра дшалахәыз, Анатоли Мельник шихьӡыз", — ахҭыс еиҭеиҳәоит Слава.

Авертолиот ахы ахьақәшәаз, акылҳараҿы, Слава Сақаниа иҵәахит, Ҭҟәарчалаа рахь иигоз аибашьра иазкыз адырраҭарақәа зныз акассетақәа. Иара ус игәы иаанагеит, абра ишыҟоу машәырк рыхьыр, знымзар, зны аҭыхымҭақәа ажәлар ирԥыхьашәоит, архив иазынхоит ҳәа.

Аха, хара имгакәа, авертолиот иақәшеит аҭыԥантәи ашәанцәа. Аԥырҩи, апассаџьырцәеи еимлагәа школк ахь ирыманы ицеит. Аҭҟәацәа акыр идырҳәацәеит. Анатоли Мельник аҭагылазаашьа ҷыда ианақәшәа, ацхырааразы адырра ҟаиҵазаарын, ирышьҭаланы иааз авертолиот рхаԥыруа ианалага, ашәанцәа еихсуа шьҭахьҟа иршьҭит.

"Ашарԥазы, Мархьаул ақыҭахь ҳаргеит, абункер ҳаҩнаркит, уаҟа 19 мшы ҳҭакын. Анаҩс аиҭныԥсахлара ҳақәшәеит", — иҳәоит арратә журналист.

Авертолиот аҟны иҵәахыз акассетақәа аӷацәа ирԥыхьашәазаап. Слава Сақаниеи иҩызцәеи, ателехәаԥшра аусзуҩцәа шракәыз анеилыркаа, иаархәарц рыӡбеит. Ақырҭцәа ирҭаххеит, аҳәынҭқарратә телехәаԥшрала, аԥсышәала иқәгыланы ирҳәарц, "аибашьра шәаҟәыҵ, ари адгьыл ақырҭцәа роуп изтәу" ҳәа.

Слава Сакания - Sputnik Аҧсны
Арадио
Виачеслав Сақаниа: даҽа аамҭанык еиԥшымкәа Гагра ахакәиҭтәра азгәаҳҭоит

Хымԥада ажурналистцәа аԥсра еиӷьыршьеит, рыжәлар рыԥсахырц аасҭа.

Анатоли Мельник аԥсуа ҷкәынцәа дрыцҭакӡамызт, уи иаразнак Аҟәаҟа дыргеит. Анаҩс аурысцәа дрырҭеит. Излеилкаахаз ала, аԥырҩы иусура дамырхит, избанзар авертолиот аиҳабыра дырмазҵаакәа игазаап.

"Анатоли Мельник Краснодар дынхоит. Шықәсқәак раԥхьа, ԥсыуа студентцәақәаки иареи еибадырын, дара рыла сара сиԥшааит. Аԥсныҟа даасыԥхьеит. Атәылахьчара аминистрраҟны дсыманы сцан, ақьаадқәа шьҭыхны, дазусҭоу шьақәыргыланы, Леон Иорден иоуратәы иҟалеит", — ҳәа ҳаилиркааит Слава.

Слава Сақаниа аҭыхрақәа мҩаԥигон Егрынӡа.

Иара ибзоурала еиқәырханы иҟоуп хԥа-хԥа сааҭ зну акассетақәа ҩажәа.

Уаҟа иануп ҳаибашьцәа рфырхаҵара, рҭахара, ажәыларақәеи, ахьаҵрақәеи, Аиааиреи ртәы зҳәо, иузырбо аматериал ду.

Арратә журналист Слава Сақаниа ианашьоуп "Агәымшәаразы амедал".

Аиубилиар иазгәеиҭо арыцхә 60 шықәса — аԥсуа хаҵа изы зынӡагьы ирацәам. Гәык-ԥсыкала агәабзиареи ақәранҵыреи изеиӷьашьо, иҭабуп ҳәагьы сҳәарц сҭахуп, иахьа иаҳзынижьыз, ҳҭоурых еиҭазҳәо архив азы.

Слава Сақаниа имшира аламҭалаз арадио аҟны ирыиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр шәылшоит абра >>

Слава Таҷ-иԥа Сақаниа диит ԥхәынгәы 17, 1958 шықәсазы, Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. Аҟәатәи атехникатә ҵараиурҭа далганы, аррамаҵура дахысуеит. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет, афиолологиатә факультет доушьҭымҭоуп. 1985 шықәса инаркны аус иуан Аԥсуа телехәаԥшраҟны.

Слава Сақаниа иахьа уажәраанӡагьы ауаажәларратә ус активла далахәуп. 1998-2001 шықәсқәа рзы Гагра араионтә Еизара адепутатс дыҟан, 2002-2007 шықәсқәа рзы Аԥсны Жәлар реизара — Апарламент адепутатс.

Ианашьоуп "БАМ аргыларазы" амедал.

Аҵарадырреи, анаукеи, акультуреи, аҟазареи рхырхарҭазы Ломоносов ипремиа далауреатуп.

Слава Сақаниа дынхоит Гагра араион, Лӡаа ақыҭан. Дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0