Автортә дырраҭара "Афырхацәа рымҩала", еиуеиԥшымыз аиԥыларақәеи аиҿцәажәарақәеи рыӡбахә далацәажәеит ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа, Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа лԥылараан.
Гәдоуҭа аусура иалагаз Аԥсуа радио раԥхьатәи амшқәа инадыркны адырраҭара "Афырхацәа рымҩала" аефир ахь иҭыҵуа иалагеит. Адырраҭара авторрагьы амҩаԥгарагьы еиҿылкаауан Аԥсуа радио аредактор, Аԥсны Атәылахьчара аминистрра арратә корреспондент, ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа.
"Адырраҭара "Афырхацәа рымҩала" аҟны сара схы иасырхәон адокументалтә материалқәа, аибашьра ахҭысқәа, агәалашәарақәа. Ҷыдала азхьаԥшра рысҭон иҭахаз аибашьцәа, урҭ рҭаацәарақәа, аҩызцәа ргәалашәарақәа. Адырраҭаразы аҭаҩрақәа реиҳарак афронт ацәаҳәаҟны имҩаԥызгон. Аибашьцәа ирыцны, шьаҿа-шьаҿала сдырраҭарагьы аиааирахь инеиуан", — лҳәоит Бебиаԥҳа.
Ажурналист лархив аҟны иаанханы иҟоуп аибашьцәа лыхнытәи Гьаргь Шьаҟрыл, Гәыԥтәи Александр Ԥачлиа, Кәтолтәи Емма Чагәааԥҳа, Џьгьардатәи Мизан Ашәба уҳәа аефираҿ рықәгыларақәа. Дара аиҳарак излацәажәоз излахәыз, излаԥшыз ахҭысқәа роуп.
"Ахаан исхашҭуам атанкистцәа Роман Гериа, Александр Ԥачлиа, Ахра Лакрба рекипаж ражәабжьқәа анҭазыҩуаз. Абри ҳаиҿцәажәара ашьҭахь хара имгакәа Александр Ԥачлиа дҭахоит. Иара Гәыԥ иааӡаз ҷкәынан, аха
Гәдоуҭатәи абаталион аҟны деибашьуан аиҿцәажәараан иара иҳәеит: "Мрагыларатәи афронт, салам шәысҭоит. Шәгәы кашәмыжьын. Шәеидгыл аӡәк иеиԥш" ҳәа. Иара убриаҟара даартын, ачча-хәмарра бзиа избоз уаҩын – иԥсра хьаа дуны исзыҟалеит", ҳәа еиҭалҳәоит Екатерина.
"Афырхацәа рымҩала" аҟны арадиочеркқәа рызкын иреиӷьӡақәаз ҳарԥарцәа, ҳаибашьцәа: археолог Мушьни Хәарцкиа, аҵарауаҩ-афизик Адгур Инал-иԥа, аԥырҩы Олег Ҷанба, атанкист Роберт Кәарҷиа, хатәгәаԥхарала Аԥсны иааны еибашьуаз Адам Хуадеи, Хасан Алхасов.
"Џьоукы-џьоукы рзы ажәыларахь рцара аламҭалаз адырраҭарақәа рҟны исарҳәоз ажәақәа ҵыхәтәантәихон. Иҟан аибашьцәа, дара анҭахалак ашьҭахь зыбжьы аефир ахь инагахоз", — лҳәоит ажурналист.
Асеиԥш иҟаз арадиоочеркқәа аибашьцәа ргәы шьҭнахуан иҳәоит Аԥсны жәлар рартист Тото Аџьапуа.
Аԥсуа радио аефир аҟны ирылацәажәон Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Нхыҵ Кавказ рҟынтәи хатәгәаԥхарала иааны иҳавагылаз, иҳацеибашьуаз, аерман баталион алахәылацәа, лассы-лассы иқәгылан ицәажәон Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩцәа, иҭахаз рҭаацәа.
"Аибашьра раԥхьатәи амш инаркны иааилгаанӡа сара иазсырхиеит 200 инарзынаԥшуа дырраҭара. Исылшеит схатәы архив аиқәырхара. Иара 163 аудиокассетет акассетақәа ирныз ахьызыҩуаз аблокнотқәа ҩбеи ыҟоуп. Исзынханы исымоуп Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иан лыҿцәажәара, Аԥсны Афырхаҵа, аԥшыхәратә гәыԥ аиҿкааҩ Едуард Ажьиба уҳәа ирацәаҩны рыҿцәажәара. Сара сархив акыр сахӡыӡаауеит", — лҳәоит Бебиаԥҳа.
Екатерина Бебиаԥҳа агәра лгоит Аԥсуа радио аибашьраан ажәлар ргәышьҭыхразы, амч-алшара рылаҵаразы иҟанаҵаз акыр ишьардоуп ҳәа.