Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭоз Ҭамара Ҭарԥҳа лчымазара рхәышәтәит

© Фото : Facebook/Ашана АшанаТамара Тарба
Тамара Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭоз Ҭамара Ҭарԥҳа лзы аԥареизгара хацыркын цәыббрамзазы. Хымчыбжьа рыла иаҭахыз аԥара еидкылан.

АҞӘА, абҵара 23– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭоз Ҭамара Ҭарԥҳа Новосибирск ақалақь, атравматологиеи аортопедиеи Рыҭҵаарадырратә институт аҿы қәҿиарала аоперациа лхылгеит абҵара 19 рзы ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит афонд адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа.

Аоперациа мҩаԥган ахәыҷы хышықәса анылхыҵуаз илоуз ааха иахҟьаны аҿиара иалагаз асколиз аанкыларазы.

"Ашана" адиректор лажәақәа рыла, аоперациа мҩаԥысуан быжь-сааҭк.

Благотворительный концерт группы Каданс в Очамчыре - Sputnik Аҧсны
Ансамбль "Каданс" афонд "Ашана" иацхраарц аконцерт мҩаԥнагеит

"Ҭамара лыбӷашшара иҭадыргылеит аметалл иалху аҵәқәа. Урҭ лара илыцрызҳауеит. Лыԥсы ҭанаҵы иныҟәылгалоит. Лыбӷагәыцә еибанаркуеит. Аха аҳақьымцәа ирҳәеит лаԥхьаҟа аҽа операциакгьы лҭаххар шалшо", — ҳәа еиҭалҳәоит Џьынџьалԥҳа.

Аоперациа ашьҭахь Ҭамара апалатахь диаргеит. Уажәы лара лҭагылазаашьа шьахәуп. Аҳақьымцәа ирҳәо зегьы ҟалҵоит ҳәа еиҭалҳәоит афонд адиректор.

"Ҭамара лан ишаҳзеиҭалҳәаз ала, лара зегь чҳаны аҳақьымцәа рабжьагарақәа дрықәныҟәоит. Новосибирск аҽа хымчыбжьа даанхоит аиҭашьақәгыларазы", — лҳәоит лара.

Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭоз Ҭамара Ҭарԥҳа лзы аԥареизгара хацыркын цәыббрамзазы. Хымчыбжьа рышьҭахь ихыркәшан. Еизган миллионк инеиҳаны аԥара. 70% "Русфонд" иашәеит, иаанхаз – 340 000 мааҭ афонд амеценатцәа еизыргеит. Акциа рхы аладырхәит зықьҩык инареиҳаны ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0