Аԥснытәи асахьаҭыхцәа қәыԥшцәа русумҭақәа Липецк ацәыргақәҵа иалахәуп

© SputnikАԥснытәи асахьаҭыхцәа қәыԥшцәа русумҭақәа Липецк ацәыргақәҵа иалахәуп
Аԥснытәи асахьаҭыхцәа қәыԥшцәа русумҭақәа Липецк ацәыргақәҵа иалахәуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ахәыҷтәы арҿиаратә студиа "Аинар" алахәылацәа Липектәи ацәыргақәҵахь инаргеит 60 усумҭа инареиҳаны.

АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik. Аԥснытәи асахьаҭыхцәа қәыԥшцәа русумҭақәа алахәуп Липецк иаатыз ацәыргақәҵа, иҳәеит Аҟәатәи ахәыҷтәы арҿиаратә студиа "Аинар" аиҳабы Витали Қацәба арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

Витали Қацәба арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Ацәыргақәҵахь иаагеит 60 усумҭа инареиҳаны, уажәшьҭа хәышықәса иреиҳауп Липецктәи Суриков ихьӡ зху ашколи ҳареи аиҭанеиааира бзиа ҳамоуижьҭеи. Дара акырынтә Аԥсныҟа иаахьеит, ацәыргақәҵақәа насгьы арт-пленерқәа еицымҩаԥаагахьеит", - иҳәеит Витали Қацәба.

Уи еиҭеиҳәеит Липецктәи асахьаҭыхратә школи ахәыҷтәы арҿиаратә студиа "Аинари" русеицура шхацыркхаз.

"Липецктәи ашкол адиректор Аԥсны даҭааны даныҟаз ҳаӡбахә лаҳан днеит. Нас ҳарҿиаратә студиа аҭагылазаашьа бзиақәа шамоу, ацәыргақәҵатә зал бзиа шҳамоу анылба еибаҳҳәеит дара арахь иааны русумҭақәа Аԥснытәи ахәаԥшцәа ирбо аҟаҵара, насгьы ҳара Липецк ҳцаны ҳхәыҷқәа русумҭақәа цәыраҳго аҟаҵара", - азгәеиҭеит иара.

Аԥсныи Липецки ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа ирыбзоураны, 2019 шықәса лаҵарамзазы Липецктәи асахьаҭыхратә школ иҭоу ахәыҷқәа русумҭақәа Аҟәа ицәыргақәҵахоит.

"Арҭ аиҭанеиааирақәа иҳарҭо рацәоуп, избан акәзар, Липецктәи ашкол ааигәа иазгәаҭан Урыстәыла иреиӷьқәоу асахьаҭыхратә школқәа ишырхыԥхьаӡалоу", - иҳәеит Қацәба.

Витали Қацәба иажәақәа рыла, Липецк иаатыз ацәыргақәҵа иалахәуп 35-ҩык Аҟәатәи ахәыҷтәы арҿиаратә студиа "Аинар" аҟны аҵара зҵо русумҭақәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0