Аԥсуа культура афестиваль мҩаԥысит Краснодар

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсуа культура афестиваль
Аԥсуа культура афестиваль  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Краснодар имҩаԥысыз аԥсуа культура афестиваль апрограммаҿ иҟан амилаҭтә кәашарақәа, аԥсуа чыс аӡыргара, зметраж кьаҿу афильм арбара, аԥсуа фотоҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа.

АҞӘА, абҵара 29 – Sputnik. Аԥсуа культура афестиваль "Апсны – страна души" мҩаԥысит абҵара 28 рзы Краснодар, амилаҭтә культурақәа Рцентр аҿы ҳәа радио Sputnik аҿы еиҭеиҳәеит ауснагӡатә аиҿкааҩ Васили Ҷанба.

Ауснагӡатә ҩбаны еихшоуп. Актәи ахәҭаҿы алахәылацәа аҭааҩцәа иддырдыруеит амилаҭтә чыс, агьама ддырбоит афатә-ажәтә. Аҩбатәи ахәҭаҿы аныҳәатә концерт рыдгалахоит.

"Аконцерт иалахәхоит Ҟәбантәи аҳәынҭқарратә университет аҿы еиҿкаау кавказтәи ансамбль "АСАД", адыга кәашаратә коллектив "Ашхама", ауаԥс ансамбль "Алан", кавказтәи акәашарақәа рыстудиа "Ритмы Кавказа"", - ҳәа еиҭеиҳәоит Ҷанба.

Аконцерт ашьҭахь аҭааҩцәа идырбан Аԥсны аԥсабареи аҭоурыхи ирызку зметраж кьаҿу акинофильм, аԥсуа фотоҭыхыҩцәа русумҭақәа цәыргақәҵан. Аконцерт иалахәуп ашәаҳәаҩцәа Хьыбла Мықәԥҳаи Авто Конџьариеи.

Афестиваль иалахәуп краснодартәи аҵараиурҭақәа ирҭо аԥсуа студентцәа.

Аԥсуа культура афестиваль "Апсны – страна души" аантәуп имҩаԥыргоижьҭеи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0