Рыдуан Агрба: Кəачара ахақəиҭтəразы ҳҿаҧхьа иқəгылаз адҵа нагӡан

© Foto / Сырма АшәԥҳаРыдуан Агрба
Рыдуан Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мрагыларатəи афронт аҿы абҵарамза анҵəамҭазы Кəачара ахақəиҭтəразы имҩаԥысуаз ажəылара иалахəыз, Леон иорден занашьоу Ҭырқəтəылантəи зыԥсадгьыл ахьчара иааз аибашьҩы Рыдуан Агрба игəалашəарақəа.

Cырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра анцоз аамҭазы раԥхьа игаз ахысбжьы ргəы амырҭынчит аҳəаанырцə инхоз ҳџьынџьуаа. Рыԥсадгьыл ахь иаагаз амҩа акыр ашəарҭареи ауадаҩреи шацызгьы ртəыла ахьчара иазгыларц иааит ҳашьцəа. Хымԥада, урҭ раара аҭыҧантəи аибашьцəа акыр рымчқəа ҩбанатəуан, аешьа ижəҩахыр ишьҭнахуа аидара акырӡа ирацəоуп.

Ефкан Цыба - Sputnik Аҧсны
Раԥхьатәи аԥсҭбара: Ефқан Цыба игәалашәара

1992 шықәсазы абҵарамзазы, Мрагыларатəи афронт аҿы Кəачара ахақəиҭтəразы имҩаԥысуаз ажəылара иалахəын Ҭырқəтəылантəи иааз ҳџьынџьуаа. Иҟоуп урҭ рахьтə ахəрақəа зауз, иара убас иҭахаз. Урҭ амшқəа ртəы игəалаиршəоит аибашьра аԥхьатəи амшқəа рзы Ҭырқəтəылантəи Аԥсныҟа иааз аҷкəынцəа ргəыԥ иалаз, Леон иорден занашьоу, иахьа зыԥсадгьыл аҿы инхо, ара аҭаацəара аԥызҵаз Рыдуан Агрба.

"Кəачара ахақəиҭтəразы ажəылара анаҧшьырга ҳара Гəдоуҭа ҳаҟан. Арбџьарымчқəа командаҟаҵаҩыс ирымаз Владислав Арӡынба, ҳара напхгаҩыс иҳамаз Шамил Басаев диԥхьан адҵа ииҭеит икоманда иманы Кəачара аҭарцəразы ажəылара ихы алаирхəырц", - игəалаиршəоит аибашьра аветеран.

Аибашьра амца шыра иалагылаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцəа аӷа иҿаҧхьа хаҵаҵас рхы аадырҧшуан. Абџьар зкыз ҳџьынџьуаа рахьтə иҟан зҭоурыхтə ԥсадгьыл лабҿаба ахаан изымбацыз, аха ианаҭахха уи ахьчара иазгылаз. Убас еиԥш, Рыдуан Агрба, Аҧсны аӡбахə шиаҳахьазгьы, иџьынџь дгьыл ишьапы ақəыргылара иқəашьхеит аибашьра ианалага амзазы.

Ҭырқәтәылантәи раԥхьа еибашьра иааз ргәыԥ - Sputnik Аҧсны
Аибашьра еиднакылаз ҳџьынџьуаа: Ҭырқәтәылантәи раԥхьа иааз агәыԥ ргәалашәарақәа

"Шамил Басаев, Ахада иҟынтə иоуз адҵа ҳаиҳəеит, хымҧада арҧарцəагьы ақəшаҳаҭхеит. Ҳаирпланла ҳцеит Мрагыларатəи афронт ахь. Исгəалашəоит ҩҳаирпланкны ҳаҟан. Руак ҳара ҳақəтəан, егьи агəыҳалалратə цхыраара агон. Тҟəарчал, Аҟəарчаҧан ҳəа иахьашьҭоу аҭыҧ аҿы ҳтəеит"-иҳəоит аибашьра аветеран Рыдуан Агрба.

Абҵарамза 27 рзы аибашьцəа Тҟəарчал иҟан. Ауха ахəышəтəырҭа азааигəара џьара иҧхьеит. Анаҩс, раҧхьа ишьҭан аҧсреи аҧсҭазаареи зцыз аҧышəара аамҭа.

"Ииашаны иаҳҳəозар, ҳарҭ Аҧсны аҭыҧқəа ҳаздыруамызт. Издыруаз аҷкəынцəа ҳацырҵеит. Мықə аганала ҳдəықəлеит Кəачара ҳнаӡарц азы. Уахык уа ҳанхеит, ашкол аҟны ҳаҩнарҵеит. Анаҩс аҷкəынцəеи ҳареи ҳаигəныҩны ҳаҧхьа ишьҭаз аус анагӡара нап аҳаркит"-иҳəеит Леон иорден занашьоу Рыдуан Агрба.

Аибашьцə гəыҧ-гəыҧла рҽыршеит. Абжаҩык Қьаҭуан ҳəа иахьашьҭаз аган ахь ицеит, егьырҭ амҩаду ашҟа. Рҿаҧхьа иқəгылаз адҵа нарыгӡар акəын.

"Кəачара ҭарцəны Лашькьындарынӡа ҳааит. Шамил адҵа ҳаиҭеит ҳаҧхьаҵны уажəшьҭа Гəдоуҭаҟа амҩа ҳақəларц, избанзар ҳҿаҧхьа иқəгылаз ахықəкы наҳагӡеит. Ҳгьежьны Кəачара ҳаналҵуаз амҩан иаҳзыҧшызаарын ахҭыс цəгьа. Ахьацаҵлақəа ахьеилагылаз ҭыҧк аҿы хəҩы-фҩы раҟара ақырҭқəа тəазаарын. Иҳаихсит, урҭ иҭдырҟьаз ахымца дзацəымцеит Ведаҭ Кəаӡба, Баҳадыр Абаҕба ҕəҕəала дырхəит, даҽа Гдоуҭатəи ҷкəынак Феликс захьӡыз, ижəла сгəалашəом, уигь ахəра иоуит", - игəалаиршəоит Рыдуан Агрба.

Аибашьра еибашьроуп, уи иацуп хырҧашьа змам аҧсҭбарақəа. Заҟа иуадаҩузеи иувыршьааз уҩыза унапала еиқəкра.

"Исхамшҭуа хҭысны иаанхеит Ведаҭ иҭахара. Сара снапҿоуп иҧсы ахьихыҵыз, иблақəа схала еиқəысыҧсеит. Иааиз амашьына ҳҩызцəа нақəаҳҵан, ихəызгьы ишьызгьы ҳаманы Тҟəарчал ҳцеит. Адырҩаҽны шьыжьымҭан ҳаирпланла Гəдоуҭаҟа ҳхынҳəит", - дқəыҧсычҳауа дҳацəажəон Рыдуан Агрба.

Леон иорден занашьоу Ведаҭ Кəаӡба анышə дамадоуп иҧсы зыҽҳəараз игəазхара изымбацыз иҧсадгьыл аҿы, Гəдоуҭа аешьаратə нышəынҭраҿы. Иара иҧсыжырҭа аҭыҧ иадҳəалоу даҽа хҭысқгьы ыҟоуп. Уи ҳзеиҭеиҳəеит Рыдуан Агрба.

"Шроматəи ажəылараҿы ҳҩыза Ефқан Цыба дҭахеит. Ведаҭ инапала ижхьан Ефқан изы анышəынҭра. Аха, Ефқан иҭаацəа рыҷкəын иҧсыбаҩ роурц аҳəара аныҟарҵа Ҭырқəтəылаҟа дыргар акəхеит. Ведаҭгьы усҟан ус иҳəеит:"Аӡə дҭахоны дҟалозар сара сакəхааит, сара исҭыҧхааит ари аҭыҧ" - ҳəа. Иара инапала иижыз анышə иара егьиҭыҧхеит. Иҧсы ҭынчзааит", - дҳацəажəон хəыцра шəкы деимаркуа аибашьра аветеран.

Добровольцы с Северного Кавказа. 1993 год. - Sputnik Аҧсны
Аргәын: ҳџьынџьуаҩ Ведаҭ Кәаӡба ҳаӷацәа рхы дзацәымцеит

Ҳаибашьцəа ршьала иҿыху ҳаҧсадгьыл аҿы иахьа ишьақəгылоуп аҭынчра, ахьыҧшымра, ахақəиҭра. Имариаӡамызт уахьынӡа уназгоз амҩа хьанҭа анысра. Аха, уи рылдыршеит доуҳала иҕəҕəаз, ахҵара злаз ҳаибашьцəа гəымшəақəа.

"Аибашьра Аҧсынтəыла ахааназы иҟамлааит. Ҳажəлар аҧеиҧш бзиа рымазааит, еснагь ргəалаҟазаара бзиазааит. Ҳазҭалоу Ашықəс ҽыц ҳажəлар аманшəалара, аҧсҭазаара ҧшӡа рзаанагааит. Ҳазшаз амашəыр рҟəиблааит ҳауаажəлар. Ҽааныбзиала шəнеиааит зегьы", - абас иныҳəаҧхьыӡ нҵəара ақəмызт ҳзыҽцəажəоз аибашьҩы.

Рыдуан Агрба, иахьа ихы-игəы дақəгəырҕьо дынҳоит иҧсадгьыл аҿы. Ирызҳауеит ихшара.

Ажәабжьқәа зегьы
0