Қырҭтәыла аҳаиртә ҵакыра ахьарку Шьамтәылазы ахарџьқәа ацуп

© Sputnik / Владимир Сергеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСамолет заходит на посадку
Самолет заходит на посадку - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла, Шьамтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь аҳаиртә ҵакыра анаркит. Шьамтәылазы уи ахарџьқәа ацуп.

АҞӘА, абҵара 29— Sputnik. Қырҭтәыла, Шьамтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь аҳаиртә ҵакыра анаркит. Уи ашьҭахь Шьамтәыла аҳаирпланқәа рмаршрут аԥсахыр акәхеит. Шьамтәылазы уи ахарџьқәа ацуп иҳәеит аилахәыра Syrian Air адиректор хада Талиаль Абдулкарим. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Шьамтәылатәи аҳаиртә еилахәырақәа рзы Қырҭтәыла аҳаиртә ҵакыра ахьанаркыз акыр ахарџь ҟанаҵеит, аԥырра аамҭа иазҳаит, уи инадҳәаланы иазҳаит абылтәы аныхрагьы", - иҳәеит Абдулкарим.

Уаанӡа Қырҭтәыла Шьамтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ааннакылахьан. Уи инацҵаны аҳаиртә ҵакырагьы анаркит.

"Уажәы ҳҳаирпланқәа Азербаиџьан иахыԥрааны ауп Урыстәылаҟа ишцо" - иҳәеит Абдулкарим.

Ажәабжьқәа зегьы
0