АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи абоксиор Баҭал Чежьиа дазыхиоуп Танзаниатәи аспортсмен Мада Линус Мауго индаҭлара. Иара итактика, игха-ԥхақәа ҭысҵаахьеит иҳәеит Sputnik акорреспондент дзыҿцәажәоз Чежьиа.
"Сызцықәгыло аспортсмен иреитинг акыр иҳаракуп. 32 шықәса ихыҵуеит, аԥышәа имоуп. Аиааира сылшар, атитултә қәгыларақәа рахь анеира азин соуеит. Аинтернет аҿы иқәгыларақәа рацәаны иҭоуп. Даара инарҵауланы дҭаҳҵаауеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит иара.
Аҽазыҟаҵарақәа мызкы ирықәуп ҳарҿуижьҭеи. Шьыжьи-хәылбыҽхеи ҩба-ҩба сааҭ сҽазыҟасҵоит иҳәоит Баҭал Чежьиа.
"Аҽазыҟаҵарақәа ҩ-циклкны имҩаԥаагоит. Аԥхьа абаҩрҵәыра еиҳа хырыҩ аҳҭон. Уажәы спарринг ахь ҳаиасит – мчыбжьык ахь хынтә имҩаԥаагоит. Сыкапан иагсырхароуп. Ԥшь-кьылак исыгсырхахьеит, аҽа х-кьылак исыгсырхароуп", – иҳәоит Чежьиа.
Апрофессионалтә боксерцәа рыбжьара Баҭал Чежьиа 250-тәи аҭыԥ никылоит. Урыстәыла – иреиӷьқәоу жәаҩык дреиуоуп.
Иара бжьынтәы дықәгылахьеит. Абжьынтәгьы аиааира игеит.