Аԥснытәи ацитрусқәа рекспорт ҵыԥх аасҭа ԥшьынтәны иазҳаит

CC0 / / Мандарины
Мандарины - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра ишазыԥхьагәанаҭо ала, 2018 шықәса рзы ацитрусқәа рҽаҩра 30 000 тонна рҟынӡа ҟалоит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аҳазалхратә еилакы адыррақәа рыла, ԥхынҷкәын 9 рҟынӡа аҳәынҭқарратә ҳәаа иахыргахьеит 11 200 тонна ацитрусқәа. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр ицхырааҩ Теваз Ачба.

"Ииасыз ашықәс арбагақәеи сынтәатәи арбагақәеи еиҿурԥшыр, 2017 шықәса абри аамҭазы аҳәаа иахыргахьан 2 703 тонна ацитрус аалыҵ", — иҳәеит иара.

Ачба иазгәеиҭеит аминистрра имҩаԥнагаз аҭҵаарақәа инарықәыршәаны сынтәа ацитрусқәа рҽаҩра 30 000 тонна рҟынӡа ҟалоит ҳәа.

"Арахь иаҵанакуеит аҳәынҭқарратә сектори ахатә сектори", — иҳәеит аминистр ицхырааҩ.

Сбор мандаринов в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Уахыки-ҽнаки рыла 700 тонна рҟынӡа амандарина аԥсуа-аурыс ҳәаа иахыргоит

2017 шықәса рзы аҽаҩра иартәеит 16 000 тонн. Уи мзыз хаданы иаман амармалташь пты иҟанаҵаз аԥхасҭа.

Уаанӡа, есыҽны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргоит 700 тонна рҟынӡа амандарина ҳәа адырра ҟанаҵахьан Урыстәыла аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа аофициалтә саит.

Ажьырныҳәа 1, 2019 шықәса инаркны азинмчра аиуеит хаҭалатәи ахархәаразы баџьдатәи атауарқәа ралагалара аԥҟарақәа.

Ахатәхаҿқәа хаҭалатәи ахархәаразы баџьда атәыла иаларгало атауар ахәԥса 500 евро ма 25 кьыла артәоит.

Хаҭалатәи ахархәаразы баџьдатәи атауарқәа ралагалара аԥҟара ҿыцқәа ирыҵаркуеит автомашьынатә, аихамҩатә, амшынтә, аӡытә транспорт ала иаларгало атауар.

Иара убри аан аҳауатә транспорт ала ииарго атауар ахәԥса шыҟац иаанхоит: 10 000 евро ма 50 кьыла. Иарбоу ашьақәыргыла аасҭа еиҳау атауар азы иара ахәԥсаҟынтәи 30% абаџь шәатәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0