АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 — Sputnik. Пиотр Порошенко ателееилахәыра Fox News аинтервиу аҭо Керчтәи аӡыбжьахалаҿтәи ахҭыс "аибашьра алагамҭоуп" ҳәа ахиҳәааит. Порошенко ивидео-интервиу цәыргоуп Facebook аҟны.
Украина ахада игәаанагарала, урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рхымҩаԥгашьа агрессиоуп.
"Путин – агрессиоуп, Путин – еибашьроуп. Ари лафым", — иҳәеит Украина ахада.
Ус шакәугьы аофициалтә ҳәамҭа абри аганахь ала иҟаҵам.
Уаанӡа, 2018 шықәса абҵара 25 рзы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи аҳәаахьчаратә маҵзуреи рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иазхәыцуамызт.
Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит абџьар ахархәарала. Аӷбақәа рҿы 24-ҩык амшынуаа ыҟан, урҭ рҟынтәи ҩыџьа ашәарҭадаратә маҵзура иаусзуҩцәан. Иааныркылаз зегьы аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит ҳәа ахара рыдҵан.
Киев акәзар Москва ахара аднаҵеит, Урыстәылеи Приднестровиеи иахьрыԥну аобластқәа рҟны аҭагылазаашьа ҷыда аларгалеит.
Владимир Путин ари алхрақәа рыламҭалаз Пиотр Порошенко иаԥшьигаз провокациоуп ҳәа ахиҳәааит. Иара убри аан иҳәеит урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рнапынҵақәеи руалԥшьақәеи шынарыгӡоз.