Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра аусура аанкылахоит

© Sputnik / Стрингер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаг на крыше Верховной Рады Украины в Киеве.
Флаг на крыше Верховной Рады Украины в Киеве. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Киев акьыԥхь ахь ицәырнагеит 2019 шықәса мшаԥымза 1 инаркны Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра аусура аанызкыло азакәан.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11– Sputnik. Иреиҳаӡоу арада агазеҭ "Голос Украины" аҿы иркьыԥхьит Урыстәылеи Украинеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра аусура аанызкыло азакәан. Азакәан азинмчра аиуеит ахаша инаркны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Аиқәшаҳаҭра азинмчра аанкылара Украина ахы иақәиҭнатәуеит иара анагӡара иазку иарбанызаалак ауалԥшьақәа рҟынтәи, иара анагӡараан Украина иадлоз азинқәеи, ауалԥшьақәеи, азинтә ҭагылазаашьеи нырра рнаҭом", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.

Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын Киев, лаҵарамза 31, 1997 шықәса рзы, ҿҳәарас ҳәа 10 шықәса аҭаны, аганқәа руак мап ацәнамкуазар иааиуа аамҭақәагьы иацҵахо.

Здание министерства иностранных дел в Киеве - Sputnik Аҧсны
Украина Урыстәылеи иареи ирыбжьаз аиқәшаҳаҭрақәа еиҭарыхәаԥшырц агәҭакуп

Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра атәылақәа рыҩба рыстратегиатә еизыҟазаашьазы ихадоу документуп. Уаанӡа Иреиҳаӡоу арада Украинеи Урыстәылеи рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра азинмчра 2019 шықәса, мшаԥымза 1 инаркны иацҵамхарц аӡбра аднакылахьан. Абри азы 277-ҩык адепутатцәа рыбжьы рҭиит, иахәҭаны иҟаз 226-бжьы рҟынтә.

Азакәан инапы аҵаиҩит Украина ахада Пиотр Порошенко.

Москва агәыҩбара рымоуп абри ашьаҿа Украина жәлар рзы хра аманы ишыҟало азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0