Иван Ҭарба: аԥсуаа ҳхатә философиа ҳамоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИван Тарба
Иван Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афилософиатə наукақəа рдоктор, апрофессор, Аҧснытəи Аҳəынҭқарратə университет акультурологиеи афилософиеи ркафедра аиҳабы, Аҧсны иреиҳаӡоу аҵараиурҭа зҽаҧсазтəыз аусзуҩ, "Агəымшəараз" амедал занашьоу Иван Дорофеи-иҧа Ҭарба имшира аҿны иаҳзеиҭеиҳәеит аҧсҭазаараҿы имоу ифолософиатə знеишьа атәы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Зажəеи зуси еимадоу, зыжəлари зҳəынҭқарреи рымаҵ аура иазыхиоу, аҿар реиҵааӡара аус знапы алаку Иван Дорофеи-иҧа Ҭарба аҧсҭазаараҿы ҭакҧхықəраны ииҧхьаӡо ламысцқьала дазнеиуеит. Аҿар реихьӡарақəа дреигəырҕьоит.

"Даҽа ускгьы иаҩысхуам аҿар рааӡара, аҵарадырра амаҵ аура. Абри зегь реиҳа ихадароуп ҳəа сыҧхьаӡоит сара сыҧсҭазаараҿы. Ибзиангьы егьсықəҿиоит ҳəа сазнеиуеит. Дарбанзаалак ауаҩы иара иус даҿызароуп гəыла-ҧсыла", — ҳəа азгəеиҭоит Иван Ҭарба

Аҵарауаҩ Иван Ҭарба, 37 шықәса ҵуеит ауниверситет аҿы аус иуеижьҭеи. Пату ақəҵаны дазнеиуеит инапы злаку аус, уи хымҧада аихьӡарақəа аанагоит. Иусумҭақəа рзы ианашьоуп Гьаргь Алықьса-иҧа Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳəынҭқарратə премиа.

"Сара афилософиа иазку алекциақəа сахьрыҧхьо еиҳарак аиуристцəа рҿоуп. Саргьы санҭаз аамҭақəа сгəаламшəои, иахьатəи ҳҿар ҭеиҭыҧшлагьы, ҟəышралагьы, дарбанзаалак Урыстəыла иҟоу студентк еицəаӡам. Аха, аус рыдулатəуп. Аус системала ирыдулазар, раҧсуарагьы рдыруеит, даҽа университетк иҭоугьы иҵахаӡом", — ҳəа азгəеиҭоит апрофессор.

Иван Тарба - Sputnik Аҧсны
Иван Ҭарба: умилаҭ ирыхəаша ак узҳəар, ак узыҟаҵар - уи еиҕьу иарбан

Аҿар еснагь иҷыдоу ахылаҧшра рымазароуп, изаҟаразаалак акала игəыгəҭажьны иаанымхароуп ҳəа дазнеиеит арҵаҩ ду.

"Аиаша шəасҳəап, даара сгəы рыздууп аҧсуа ҿар иҳамоу. Аиҳабацəа ҳҟынтə алабжьара рымазароуп. Убри азоуп ауниверситет иагьзҭоу. Араҟа иагьыҳааӡоит, аҵарагьы дҳарҵоит, иахьаҳшьҭлак иарбан тəылазаалак, џьара аӡəы иҵахо иҟаӡам", — иҳəеит Ҭарба.

Дарбанзаалак ауаҩы аҧсҭазаараҿы иара ихатəы қəкы имоуп, иара убас дзықəныҟəо аҧҟарақəагьы. Ҳзыҿцəажəоз аҵарауаҩ иакəзар, уи аганахь ала имаӡақəа ҳзааиртит.

"Аӡəы исыҵеиҳəаны уск салагоит ҳəа ануӡба, уи башоуп. Ауаҩы дызлагоу, игəы иҭаикуа иус иара ихдырраҿы иироуп. Ихдырраҿы ианилак, дадҳəаҵаланы иазиуагьы идыруеит. Ашəҟəы зыҩуа, ма анаука иаҿу темак далагозар, уи ихшыҩ аҿы иир ауп, иҩыроуп зны, нас ауп ақьаад ахь ианииаиго"-ҳəа азгəеиҭоит Иван Дорофеи-иҧа.

Афилософ зегь реиҳа ихадароу акакəны иҧхьаӡоит, иара убас, апрофессионализм.

"Апрофессионализм ахьыҟоу аус хьысҳахаӡом ахааназы. Рыцҳарас иҟалаз, аҳəынҭқарраҿы апрофессионализм ахьмаҷу, даара иаҳныҧшуеит ҳəа исыҧхьаӡоит", — ҳəа азгəеиҭоит аҵарауаҩ.

Иван Дорофеи-иҧа Ҭарба, насыҧ змоу аӡə иакəны ихы иҧхьаӡоит бзиа иибо аус инапы ахьалаку, идыррақəа аҿар реиҵааӡараҿы ихəарҭаны иахьыҟоу.

Валерий Орчукба - Sputnik Аҧсны
Ажурналист: арҵаҩра иахьагьы сгәы азыбылуеит

"Аудиториаҿы уаа шəҩык тəазаргьы, аинтерес змоу атема урзалацəажəар, ииашаны уроль анузынагӡа, рлымҳа кыдҵаны иузыӡырҩуеит, ираҳазгьы ақьаад ианырҵоит. Убас еиҧш иҟоу астудентцəа ахьыҟоу ауп сара сахьаҧхьо. Урҭ ақəҿиара бзиақəа шроуа здыруеит, ибзианы аҵара рҵоит. Саргьы сгəы ақəшəаны аус зуеит "-иҳəеит Иван Дорофеи-иҧа истудентцəа дрызгəыдууны.

Аҵарауаҩ излаиҧхьаӡо ала, аҧсуаа еснагь ирыман рхатə философиа. Уи иарбаныз ҳзеиҭеиҳəеит ҳазҵаара аҭак аҿы.

"Ахатə философиа аҧсуаа хымҧада иҳамоуп, уи ацəаҩабзиаратə философиа ауп (нравственная философия). Уи аҩыза змоу акитаицəа ыҟоуп, аиндусцəа ыҟоуп, ҳаргьы иҳамоуп ацəаҩабзиаратə философиа. Миха Лакрба иновеллақəа рыдагьы уаҳа ҳҭахым ҳара ҳмилаҭтə философиа ацəаҩабзиаратə философиа аҧсҭазаара ишазку узырбо", —ҳəа азгəеиҭоит апрофессор.

Имш ира идныҳəалауа, Иван Дорофеи-иҧа ҳиазҵааит, уи арыцхə дшазыҟоу.

"Хымҧада, уҭаацəа, ухəыҷқəа, иара убас аҭел аӡə дасны иудиныҳəалар угəы ишҧамыхəо?! Убри алкааны егьырҭ амилаҭқəа рҿы иҿианы ишыҟоу еиҧш, ҳара аҧсуаа ҳҿы иҟаӡам. Аиаша шəасҳəап, зны-зынла ианысхашҭуагь ыҟоуп аӡə дысзамыскəа ари амш", — иҳəеит Иван Дорофеи-иҧа Ҭарба дычча-ччо.

Иван Ҭарба иҭахəуп ҳауаажəлар аҭынч ҧсҭазаара рымазарц, рнапы злаку аусқəа аихьӡарақəа рзаанагарц.

"Аҵəца скызаргьы, амал Анцəа иуҭ ҳəа аӡəгьы дсымныҳəаӡац. Ианакəызаалак ҳаҧсуа жəлар ирзеиҕьасшьо агəабзиара, аҧсуа иқəранҵыра ду ауп. Ани ҳамам, ари ҳамам ҳҳəоит аха, Аҧсны амла иакны иҧсхьоу ҳəа уаҩ дҟамлац. Аҧеиҧш лаша рымазааит ҳауаажəлар".

Иҧхаӡа сгəалашəарақəа рҿы инхеит Иван Дорофеи-иҧа Ҭарба, ауниверситет санҭаз дзыҧхьоз илекциақəа. Иаашаҵəҟьаны, аҵарадырра анаҩсангьы уи иаман ааӡаратə ҟазшьа. Истудентцəа сыруаӡəкны ҭабуп ҳəа иасҳəарц сҭахуп илшамҭа дуқəа рзы, иџьабаазы. Иара убас, имшира идысныҳəалоит. Изеиҕьасшьоит иара аҧсуаа зегьы ирзикуа ажəақəа: "Аҧсуа иқəра нҵыра ду!".

Ажәабжьқәа зегьы
0