Виачеслав Кәакәасқьыр: ҳауаажәлар рхатәы чаи рыжәлар бзиан

© Sputnik / Томас ТхайцукВячеслав Куакуаскир
Вячеслав Куакуаскир - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асовет Еидгылаан аԥсуа қыҭақәа рзы ачаи хныҟәгаган. Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны ари акультура маҷ-маҷ игәыгәҭажьхеит. Ачаи жәларбжьаратәи амш аҽны урҭ амзызқәа дрылацәажәеит аибашьра ашьҭахь Очамчыратәи 2-тәи ачаитә фабрика напхгара азҭоз, иахьа Очамчыратәи араионтә Еизара ахантәаҩы ицхырааҩу Виачеслав Кәакәасқьыр.

Аиҿцәажәара мҩаԥигеит Аинар Ҷыҭанаа

 Виачеслав Еугьен-иԥа, иарбан ҵакыз аԥсуа қыҭазы ачаитә культура иамаз, аџьынџьтәылатә еибашьра ҟалаанӡа?

— Аибашьра иалагаанӡа ақыҭа бригадирс аус зуан. Ҳара аҭыҭынгьы ааҳрыхуан, аҟанҷгьы ҳаман, уи инаҷыданы ахшлых афермагьы аус ауан, аха ақыҭа аекономика ԥхьаҟа изгоз культура хадан ачаи. Избан акәзар аҭыҭыни аҟанҷи уамак феида ааргаӡомызт, аферма акәзар лассы-лассы ахы аҭыгарагьы ацәыбаргәын. Ҳәарада, ашықәсқәа зегьы еиԥшны алҵшәа ааргомызт аха шықәсык аҩнуҵҟа, шамахак, 1600-1700 тонна аналаҳҵоз ыҟан. Насгьы ачаи ҿызхуаз ауаагьы аколнхара иаркьаҭаӡомызт, аха рхы аланыҟәыргартә иҟан. Ақыҭаҿы зны амҩа, ҽазны атрансформатор уҳәа еснагь акы ҟаҵатәын. Уи зегьы ҟазҵоз аколнхара акәын, убри аҟара аалыҵ аман. 

Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы - Sputnik Аҧсны
Кәтолаа ачаи хырхуеит

Аибашьра еибашьроуп. Иара, еилкаау усуп, ҳанхашьа-ҳанҵышьа зегьы ааха ӷәӷәа анаҭеит, аха ҳнапқәа еиқәыԥсаны ҳабанӡатәоз, аиҭашьақәыргылара аус иалагатәын. Убри аҟнытә Очамчыратәи 2-тәи ачаитә фабрика напхгара асҭарц иансабжьырга, сақәшаҳаҭхеит. Ари афабрика афронт ацәаҳәа иахьазааигәаз аҟнытә кыр иҟәаҟәа-чаҟәаны иҟан. Даараӡагьы иуадаҩхеит уи аиҭашьақәыргылара. Атехникатә мыругақәа рымаҭәахә ахьааухәоз ҳәа акгьы ыҟамызт, аҵәахырҭа ыҟамызт,  аха аҷкәынцәа еизызган, ҳамчқәа еилаҵаны афабрика аус аҳаруит. 

— Иарбан уадаҩрақәаз ҿыц еиҭахацыркыз аусура иацыз?

— Ҳәарада, уажәы-уажәы ицәырҵуан ауадаҩрақәа. Ачаиҿыхра асезон алагамҭазы аколнхара ахантәаҩцәа еизганы ашықәсантәи  ҳаплан шьақәҳаргылон. Избан акәзар ачаи шаҟа узааиуа инықәырԥшны иузымдыруазар, уи анаҩс аҭыԥ ақәҵаразы аҽазыҟаҵара уадаҩуп. Аха аҵыхәтәан убас еиԥш иалҵуан, ҳзықәдыргәыӷуаз ачаи ахыԥхьаӡара аҟынтәи 20% ракәын иааргоз. Аалыҵ анмаҷхалакь атауар ахаҭа ахәԥсагьы иаразнак ишьҭыҵуеит, ус аекономика иаҟазшьоуп. Ҳаԥсадгьыл аблокада иахьҭакыз аҟнытә ачаи аҳәаа иахыганы аҭира ауамызт, аҭыԥантәи ауааԥсырагьы аԥара рымамызт. Ианамуӡалакь уалла ираҳҭон, нас урҭ ҳуал зықәқәаз ҳаҩуа ҳрышьҭан. 

Ачықьқәа еиҭаҳаны, ачаи хыхны алаҵара иаҭахузеи ҳәа ауаҩы игәы иаанагар ауеит, аха ари акультура маҷк аҭаҳәҭарықьқәа цәгьоуп. Ахацәагьы ачаи хызхқәоз ыҟан, аха шамахамзар ари аус знапы алакыз аҳәса, насгьы аҿар ракәын. Аԥҳәыс ашьыжь шаанӡа дгыланы, лыҩнатә усқәа рҭыԥ иқәҵаны, лхәыҷқәа ашколахь ишьҭны ачаирҭахь дцон. Аԥхынроуп ачаи анхырхуа аҟнытә аӡаӡа дылаланы ачаи хылхлар акәын, избанзар амра аншлакь аусура уадаҩхон. Абасала аԥҳәыс аԥхынра зегьы ачаиҿыхра иақәлхарџьуан. Абри аџьабаа зегьы иаԥсаз ахарџь лоуӡомызт, аха асовет аамҭазы ауаа убри аҟынӡа аусура иашьцылахьан, еиҳа соур, еиҵа соур ҳәа рацәак иазхьааӡомызт. 

 Иахьатәи аамҭазы ачаи аарыхра дырҩеигь напы адкылазар ахәҭоума, насгьы иҟоума уи аҩыза алшара?

Директор кутольской чайной фабрики Роман Чкадуа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҷкадуа: сынтәа 310 тонна инареиҳаны Кәтол ачаи хаҳххьеит

— Иахьа 25 шықәса ирықәуп ачаиҿыхра ҳаҟәыҵижьҭеи. Ачаирҭақәа рацәаӡаны ирбылхьеит. Урҭ зегьы ҿыц реиҭашьақәыргылара ҳалагоит ҳҳәар иахьатәи аамҭазы иалымҵуа усуп. Избанзар ҳабацәа рхаан акәын ауаа еидкыланы амалаҳәа аус аныддыруаз. Уажәшьҭа ус иалҵӡом, ахарџь ӷәӷәа аҭаххоит. Ахарџь алалара аӡәгьы иҭаххаӡом, избанзар кыр аамҭа аҭаххоит ахы ҭнагарц азы. Аҳәынҭқарра уи аҩыза алшарақәа амаӡам, аинвесторцәа ракәзар шықәсык-ҩышықәса рыла алҵшәа роур рҭахуп. Ахарџь акуп, аха иҟоуп даҽа хәҭаҷкгьы, ачаи иахьа аиҭашьақәыргылара алзмыршо. Уи ихымԥадатәиу анапырацәара ауп. Шаҟа қыҭа ҳзеиқәыԥхьаӡои иахьа аҿар маашьакәа агәақьҳәа аусура иахьазыхио? Сгәанала даара имаҷуп. Еиҳаракгьы аҿар рыҩнуҵҟа рыԥшаара цәгьахоит, ашьыжь шаанӡа аӡаӡа илхо ачаихыхра иақәшаҳаҭхо.

Афабрикаҿы аус анызуазгьы есышықәса иаҳзеимакыран ачаи ҿызхуа ауаа аԥара шаҟа рыҭатәу азҵаара. Ауаа аԥара рыҭаразы ируҭап, аха ачаи узымҭикәа иуцәышьҭахар уфабрика феидас ҳәа акгьы заиуӡом. Ауаа шаҟа рымаҳхуа ҳазхәыцны, атехникатә мыругақәа бжьысыр урҭ рыҟаҵара шаҟа ақәхарџьтәхо, алашара ахә уҳәа зегьы хәшьадны ауп ачаи ахә шышьақәҳаргылоз. Аха  асовет аамҭа иазҷыдаҟазшьан изакәызаалакгьы аус  аԥхьа иҟаҵатәыз ашьҭахь азхәыцра. Афабрика аҳәынҭқарра иатәын ахьӡын, аха иара аҟынтәи цхыраара ҳәа акгьы ҳбаӡомызт. 

Ажәакала, ауадаҩрақәа аки-аки еиқәылон, арахь урҭ рыӡбараҿы аӡәгьы ацхыраара ҳаиҭомызт, иааҳакәыршан зехьынџьара ачаирҭақәа рыбылра иаҿын аҟнытә ҳаргьы аусура ҳгәы ацәкаҳаит.

Асовет еидгыла ахаан ачаи ишабалакь ижәжәаны иҿухыргьы иаархәон, аџьармыкьа аркын. Иахьа ҳара хадаратәла ҳзыдҳәалоу урыстәылатәи аџьармыкьаҿы уи аҩыза ачаи аӡәгьы иҭахӡам, избанзар аицлабра кыр иӷәӷәахеит. Иахьа Аԥсны ачаи аарыхра ҳалагаӡозаргьы аҩнуҵҟатәи аџьармыкьа ахарҭәааразы, арантәи аԥарақәа тәымџьара иамгаларц азы ҳаламгозар, анкьатәи ашәагаақәа рыла аарыхра ҳзалыршаӡом. Анкьа уи даҽа ҵакык аман, аекономикатә ҿиараҿы ақыҭа шьагәыҭс аҟаҵара иазкын.  Ҵабыргуп, иахьагьы иналаршә-аларшәны, қыҭақәак рҿы ачаи аадрыхуеит. Ҳара ҳраионгьы иамоуп фабрикак Кәтол ақыҭан.Ари  ҿырԥштәы бзиоуп егьырҭ ақыҭақәа рзгьы. Избан акәзар ҳауаажәлар рхатәы чаи ржәлар кырӡа еиӷьын, иахьа ачаи ҳәа зыхьӡҵаны иаҳжәуа аасҭа.


Ажәабжьқәа зегьы
0