Амцеи асаркьеи ирылху: ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукИзготовление елочных игрушек
Изготовление елочных игрушек - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи астудиа "Артель" асаркьа иалхны аԥсаӡ азы ахәмаргақәа ҟарҵоижьҭеи акыршықәса ҵуеит. Асаркьалых. "Аныҳәатә гәалаҟазаара" аԥҵареи Аԥсны аныҳәаз еиҳа бзиа ирбо асиужетқәеи шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik.

Исаркьалыху аныҳәа

Аԥсны аҳҭнықалақь ҽазышәарыла аныҳәа аҽазыҟанаҵоит. Еилыхароуп. Зегьы ирҭахуп рыҩнқәа ирыҩнагылазарц еилаарцыруа аԥсаӡ ссирқәа.

Аԥсаҵла - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыц аҧылара иадҳәалоу агәрагарақәеи азгәаҭарақәеи

Ирхиазарц еиуеиԥшым хәмаргала. Адәқьанқәеи аџьармыкьақәеи уи иазыхиоижьҭеи акрааҵуеит. Авитринақәа дырԥшӡоит китаитәии ҭырқәтәылатәии аныҳәатә аалыҵ – асԥаҟьақәа, аеҵәақәа, ахәмаргақәа. Иара убри аан Аԥсны иҟоуп аҭыԥантәи анапкымҭақәагьы.

Асаркьа иалху ахәмаргақәа рыҟаҵашьа атәы авидеонҵамҭа шәахәаԥш абра>>>

Аҟәатәи астудиа "Артель" асаркьа иалхны аԥсаӡ азы ахәмаргақәа ҟарҵоижьҭеи жә-шықәса ҵуеит. Зегьы ахьалаго асаркьарчҩы Дмитри Даниулов иусурҭа уадаҟынтәоуп. Иара ари ацех аҿы аус иуеижьҭеи хә-шықәсоуп. Аҟазарҭа ауада цәыҵлашьца аҩныҵҟа зқьы рҟынӡа градус змоу арԥхага адыркуеит. Уи ахархәарала асаркьа ҵаӷа ишуҭаху унапы иацныҟәартә иҟаиҵоит аҟазауаҩ. Даниулов иус амаӡақәа зегьы ныҭкааны иҭиҵаахьеит, ибзиангьы идыруеит ибашоу асаркьа ҟәамҟьа аныҳәатә ссир шалихыша.

"Ҳус аҿы зегь раасҭа иуадаҩу аамҭа ақәшәароуп. Асаркьа рацәак уцныҟәара зҭахым материалуп. Аамҭа уацәыхҟьеит – иҟауҵаз каужьроуп. Асаркьа знык ирԥханы, нас иурхьшәашәар акгьы узалхӡом", — иҳәоит иара.

Ихиоу, аха макьаназ ишу асаркьарчқәа хьшәашәароуп. Нас уи иахәҭоу амарҭхәқәа, акнаҳагақәа, аркыгақәа аҭатәуп. Ҩеижәаҟа минуҭ аҭахуп. Мышкы ахы аҵыхәала Даниулов 50 рҟынӡа хәмарга ҟаиҵоит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАмцеи асаркьеи ирылху ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа
Амцеи асаркьеи ирылху: ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа - Sputnik Аҧсны
Амцеи асаркьеи ирылху ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа

Аныҳәатә саркьарчқәа аҟаза бзиа ибоит ԥшшәызмам асаркьа ианалихуа, нас адекораторцәа рфантазиа иахьынӡахәҭоу иаадырԥшырц. Аха иара инапкымҭақәа ирылоуп еиуеиԥшым аԥшшәы змоу арчқәагьы.

Асаркьа аус адулара ашәарҭарақәа шацугьы, иҟалоит уԥҟар, ублыр– Даниулов напҭырԥада аус иуеит. Инапкымҭеи иареи еиҳа еиныруеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАмцеи асаркьеи ирылху ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа
Амцеи асаркьеи ирылху: ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа - Sputnik Аҧсны
Амцеи асаркьеи ирылху ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа

Асаркьарчҩы иус ауадаҩра адагьы ашәарҭарагьы амоуп иҳәоит Дмитри Даниулов. Иара изныкымкәа инапқәа ибылхьеит, изныкымкәа ицәыԥҟахьеит.

"Аԥхьаҵәҟьа сшәон, снапқәа аныҵысуазгьы ыҟан. Уажәшьҭа сашьцылеит. Сыла аркны сус ҟасҵоит. Иҟоуп сшаҿу асаркьа анысцәыԥҽуагьы", - иҳәоит иара.

Ажьырныхуа. - Sputnik Аҧсны
Жәытәла Ашықәс Ҿыц ишаԥыло

Ихьшәашәаз арчқәа адекораторцәа ирызнаргоит. Аҭыԥҳацәа-асахьаҭыхыҩцәа урҭ ирылырхуеит узыршанхо акымҭақәа. Ахьы-разны иадыргоит, еиуеиԥшым асахьақәа рнырҵоит.

"Апышҭақәа аԥхьа аҷабга рхьаҳшьуеит, нас еилаарцыруа иҟоу аглиттер рықәҳаԥсоит. Ианбалак аԥшшәқәа ацаҳҵоит" ҳәа лҳәоит асахьаҭыхыҩ Марина Гумԥҳа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАмцеи асаркьеи ирылху ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа
Амцеи асаркьеи ирылху: ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа - Sputnik Аҧсны
Амцеи асаркьеи ирылху ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа

Аԥсны еиҳа бзиа ирбо асиужетқәа иреиуоуп апышҭа ҟаԥшьқәа, ихьӡырку апышҭақәа иара убасгьы мрагыларатәи амотивқәа. Иара убасгьы иҟоуп есышықәса аныҳәатә хәмаргақәа аҿазҵогьы, рхәыҷқәа рсахьақәа ҭасаны. Уи ус шакәыз хаҭала иаабеит.

CC0 / / Амцеи асаркьеи ирылху ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа
Амцеи асаркьеи ирылху: ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа - Sputnik Аҧсны
Амцеи асаркьеи ирылху ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа

Наҭелла Капԥҳа "Артель" ахь дааиит ахәыҷқәа рсахьа зҭасоу ахәмарга ҿалҵарц. Маҷк ахәԥса деиҵанакызаргьы иаалхәоит. Хәмаргак 500 мааҭ иаԥсоуп.

Аԥсаӡ хәмаргақәа рыхәԥса иара иадҵоу аџьабааи адура-ахәыҷреи ирҿырԥшзароуп.

Новогодние игрушки - Sputnik Аҧсны
Ашәҭқәа, акакаҷқәа: аԥсуаа Ашықәс Ҿыц ишаԥылоз

Ацех адиректор Даур Гумба иажәаәқа рыла ахәмаргақәа рыхә маҷым аха урҭ напылаҟаҵароуп, аҽаџьарагьы иуԥылом.

"Ҳара ҳҟны ахәмаргақәа аҿарҵоит аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, акоммерциатә еиҿкаарақәа, ауааԥсыра", — иҳәоит иара.

Апышҭақәа еиуеиԥшым асахьақәа анрықәдырҷаблак ма ианақәҭырхлак ашьҭахь, нас бант ԥшӡала ихыркуеит. Абарҭқәа зегь рышьҭахь ахәмарга хиоуп аахәаҩ изы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАмцеи асаркьеи ирылху ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа
Амцеи асаркьеи ирылху: ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа - Sputnik Аҧсны
Амцеи асаркьеи ирылху ашықәсҿыцазтәи ахәмарга ссирқәа
Ажәабжьқәа зегьы
0