Шықәсык иалагӡаны, Sputnik Аԥсны "слаҵеит, срашәеит, аҽаҩра ҭазгалеит"

© Sputnik / Томас ТхайцукСаида Жиба
Саида Жиба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз ашықәс азы, аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Apsny аҟны сусура алкаақәа ҟаҵо, исҳәарц сылшоит уи егьырҭ ашықәсқәа иреиԥшымызт ҳәа. Абжьааԥны схахьы иаазымгоз сацклаԥшыр акәхеит. Изакәызеи ҳәа шәҵаауазар, абар аџьашьатәы, уи аџьықәреи шызҳауаз ауп.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

2018 шықәса иалагӡаны, Sputnik Apsny ахь исышьҭқәаз аматериалқәа еиуеиԥшым: ауаажәларратә усзуҩцәеи, ажурналистцәеи, ашәҟәыҩҩцәеи, арҵаҩцәеи, аҳақьымцәеи, анапҟазацәеи, аспортсменцәеи уҳәа ирызкны аочеркқәеи, Гагра араион аԥсҭазаашьа атәы зҳәо ажәабжьқәеи инадыркны. Аха зегь раасҭа сара агәахәара сызҭаз, насгьы Sputnik Apsny асаит аҟны аԥхьаҩцәа бзиа ибаны ирыдыркылаз иреиуахеит, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа ирзынархаз анҵамҭақәа.

Ҭырқәтәыла аџьықәреи шылалҵаз - Sputnik Аҧсны
Афара саауеит: Ҭырқәтәыла аԥсуа џьықәреи шылаҳҵаз

Ааԥынразы мызкы Ҭырқәтәыла сыҟазаара иалагӡаны, Адаԥазари, Есқьишьеҳири, Измиҭи, Анкареи, убас аԥсуа қыҭақәа жәпакы рҟны еиҿкаау Акультуратә центрқәа рахь снеит, салахәын аԥсуа жәлар реизара ду, сырҭааит ҳџьынџьуаа рнаплыхқәа рцәыргақәҵа, аҭыԥантәи аԥсуа кәашартә ансамбль ақәгылара. Урҭ анымҩаԥысуаз рыҽсымардон арадио Sputnik Apsny аҟнытә, ирзеиҭасҳәон избаз, исаҳаз, убас иазсырхиеит аматериалқәа.

Зҿы сасра сыҟаз Иуџьаль Ҷыкьԥҳаи сареи аԥсуа ҭаацәарақәагьы ҳарҭаауан, иҭаҳҵаауан рҭоурых. Иахьагьы сгәы дҭыҵуам 108 шықәса зхыҵуа, Каиалар ақыҭан инхо Лиуҭфи Ажьиба. Зыхшыҩ еилфаҷоу, зажәа цқьоу абырг иаҳзеиҭеиҳәеит ажәабжьқәа рацәаӡаны. Иара изыскыз анҵамҭагьы Sputnik Apsny асаит аҟны икьыԥхьын.

Ҳныҟәарақәа анхҳарқәша, уажәшьҭа аҩныҟагьы сцара аамҭа ианазааигәаха, ҳҽазаҳшәеит Аԥснынтәи ирызназгаз аџьықәреи ажәла, иаҳәаз ирзаҳшарц. Балбалы, аԥсуаа Калдахәара ҳәа изышьҭоу ақыҭан Сергьегьиааи Аҩӡааи рҭаацәарақәа иларҵеит уи ажәла. Хымԥада иаразнак исыӡбеит, аригьы жәабжьуп ҳәа Sputnik Apsny ахь аматериал ашьҭра.

Элеонора Когония - Sputnik Аҧсны
Сымҩаду санызаауеит хшыҩзышьҭра зышәҭаша атемақәа шьҭыхны

Уи акәхеит, Ҭырқәтәыла аԥсуа џьықәреи ашьаҭа шакыз рыласҳәеит аԥхьаҩцәа. Исгәалашәоит усҟан лафны ишырҳәоз, "арашәараан баароуп" ҳәа. Саргьы сеиҵамхакәа, афараан саашәыԥхьар еиӷьхоит ҳәа нараҭаскит. Ус аҩныҟа схынҳәит.

"Саида, арадио Sputnik Apsny ахь ааԥхьара баҳҭоит, мызкы иалагӡаны ҳџьынџьуаа рыгәҭа быҟан, иббаз, ибаҳаз ҳзеиҭабҳәар ҳҭахуп", — ҳәа Sputnik Apsny аԥсуа ҟәша аредактор Рада Ажьиԥҳа аҭел дысзасит.

Адырҩаҽны, арадио Sputnik Apsny аредактор Сусана Саӡԥҳаи сареи, сааҭк астудиаҟны ҳаицәажәеит. Убасгьы аԥсуа радио азы сҿахәы сҿылхит ажурналист Сырма Ашәԥҳа, уи аамышьҭахь "Шьыжьбзиа Аԥсынтәыла" астудиаҟны ҳаиқәшәеит адырраҭара амҩаԥгаҩ Афина Ажьиԥҳаи сареи. Убас аинтерес рыҵалеит Ҭырқәтәылатәи санҵамҭақәа.

Мызки бжаки ааҵуаны, аинтернет ахархәага WhatsApp ала, сҩызцәа исзаарышьҭит иџарџаруа, шьамхышәара иҩеихьаз аџьықәреи. Уи нахыс, ес-жәамш шаҟа сантиметр иазҳаз адырра соуан.

Аџьықәреи, аҟәыд, ахәыл: Ҭырқәтәыла ииз аԥсуа ауҭраҭых аҽаҩра ҭаргалеит - Sputnik Аҧсны
Аџьықәреи, аҟәыд, ахәыл: Ҭырқәтәыла "ииз" аԥсуа ауҭраҭых аҽаҩра ҭаргалеит

Абар ҭагалан ааит. "Саида, иббома закәытә ҽаҩроу иҭаҳгалаз" ҳәа ҩаԥхьа WhatsApp ала аацҳамҭақәеи афотоқәеи, авидеои сзаарышьҭит. Хымԥада, даараӡа сеигәырӷьеит ибеиахаз аҽаҩра. Анаҩс Рада Ажьиԥҳа лахь исцҳаит, "ибгәалашәо, Ҭырқәтәыла аԥсуа џьықәреи шылаҳҵаз иазкны аматериал насышьҭын, уажәы иацу, сырхиар ҟалома" ҳәа. "Аџьықәреи ҿыхра бцама" — ҳәа алаф аасхылҳәаан, дақәшаҳаҭхеит.

Аԥхьаҩцәа гәахәарыла ирыдыркылеит, ари аматериалгьы. Аинтернет ахархәага Facebook аԥсуа гәыԥқәа рахь ианысышьҭ, угәы зырԥхоз ахҳәаақәа ҟарҵон ҳауаажәлар.

Абас, Sputnik Apsny иабзоураны Ҭырқәтәыла аџьықәреи азҳашьа сацклаԥшуан, сагрономхарцгьы акы аасыгымхеит.

Иааиуа ашықәс ҿыц азы, ҩаԥхьа Ҭырқәтәылаҟа сцоит, хымԥада абысҭа ҿагьы агьама збоит. Уи иазку анҵамҭагьы шәыдызгалар алшоит.

Ажәакала Sputnik Apsny иснарҵаз даара ирацәоуп. 2014 шықәса раахыс сҟазара ааӡоит, оперативала аус снаруоит.

Аколлектив зегьы Ашықәс ҿыц шәадныҳәалаз. Шәгәы иахәо, шәыԥсҭазаара зырлашо ажәабжьқәа шәаҳалааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0