Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуа ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аиҭашьақәыргылара иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукИгорь Џьопуа
Игорь Џьопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы имҩаԥгаз аремонттә усурақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Игорь Џьопуа.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьопуа ахәыҷтәы хәышәтәырҭа аиҭашьақәыргылара иазкны

"2018 шықәса рзы ҳазлагаз аиҭашьақәргыларатә усурақәа хыркәшәоуп. Аихагылақәа рҿы аремонт усурақәа зегьы мҩаԥгоуп, аха акаруаҭқәеи егьырҭ иаҭаху аҩнымаҭәалеи макьана еиқәыршәам, ҳгәыӷуеит уи алыршахап ҳәа сынтәа. Ахәышәтәырҭа ахыб аҭагылазаашьа уашәыроуп, ақәа кылсуам, аха иажәуп, ҳақәгәыӷыртә иҟам", - ҳәа азгәеиҭеит Џьопуа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0