Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит ҳажәлар аамҭак азы ирцәымӷыз Лыхнытәи ауахәама маҷ аҭоурых

© Sputnik / Томас ТхайцукСария Кварацхелия
Сария Кварацхелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лыхнытәи ажәытә уахәама иацәыхарамкәа азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы иргылаз ауахәама маҷ акыраамҭа ҳажәлар изырцәымӷыз, анаҩс ҩаԥхьа иаҭаауа ишалагаз атәы еиҭалҳәеит Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Кәарцхьиаԥҳа еиҭалҳәеит ҳажәлар аамҭак азы ирцәымӷыз Лыхнытәи ауахәама маҷ аҭоурых

"Лыхнытәи ауахәама ҩажәижәаба метра инацәыхараны ашҭа акалҭ аҟны ауахәама маҷ гылоуп. Аҭыӡқәа шкәакәаны ишәуп, аџьар ахагылоуп. Ауахәама маҷ Лыхнытәи ауахәама акомплекс ахь иаҵанакӡом, иргылан азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы. Иара зыдҳәалоу Лыхнашҭаҟны 1866 шықәсазы имҩаԥгаз ақәгылара ауп. Усҟан, ишдыру еиԥш, дшьын аполковник Кониар, акәгылараан уи ицыршьит 54-ҩык аказакцәа. Урҭ зегьы Лыхнашҭа аганахь ала ижын. Уи ашьҭахь дара ахьжыз аҭыԥ аҟны ауахәама маҷ дыргылеит. Изларгылаз атәы ҳҳәозар, аҭоурыхҭҵааҩы Гьаргь Ӡиӡариа Лыхны иазикыз ишәҟәы аҟны иарбоуп, ақәгылараан ааха зауз Лыхнытәи ахан азганк ахаҳәқәа рыла ауахәама маҷ дыргылеит ҳәа. Ус еиԥш адыррақәа аҭоурыхҭҵааҩ иоуит аинралцәа еимырдоз асалам шәҟәқәа рҟынтә", - лҳәеит Кәарҵхьиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит уи ауахәама маҷ аԥсуаа акыр шықәса бзиа ирбомызт, избанзар ҳҭоурых аҟны идаҟьа еиқәаҵәахаз Лыхнытәи ақәгылара ргәаланаршәон. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аб Басариан (Аԥлиаа) игәаԥхарала уаҟа джын ҳаԥсадгьыл азы еибашьуаз аказак Платонов зыжәлаз.

"Иара иҳәахьан Аԥсны дҭахар ҭыԥ ԥшьак аҟны анышә дамардар шиҭаху. Анаҩс аб Басариан Владислав Арӡынба иақәшаҳаҭрала уи аҭыԥ аҟны рыбаҩқәа амаидеит Аԥсны азы еибашьуаз, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны  ижыз аказакцәа. Ауахәама маҷ еиҭашьақәыргылахеит 2003 шықәсазы. Уи аахыижьҭеи есышықәса цәыббра 30 рзы ақыҭауааи Урыстәылантәи иаауа аказакцәеи ашәҭқәа шьҭарҵоит уи аҭыԥ аҟны. 1993 шықәсанӡа ауахәама маҷ ахьгылоу ҳажәлар рзы иԥшьоу ҭыԥны иҟамызҭгьы, ирҭахымызҭгьы, анаҩс компромиссны иҟалеит, уҳәар алшоит", - ҳәа азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0