Путини Мадурои ҭелла еицәажәеит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраархивтә фото
архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин Венесуела ахада Николас Мадуро ҭелла даниацәажәоз иазгәеиҭеит Венесуела азиншьаҭа змоу аиҳабыра адгылара шииҭо атәы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25– Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Венесуела ахада Николас Мадуро ҭелла даниацәажәоз иҳәеит атәыла анҭыҵынтәи аҩныҵҟа политикатә ҭагылазаашьа аиларҩынтраан, Урыстәыла хымԥада Венесуела азиншьаҭа змоу аиҳабыра адгылара шырнаҭо атәы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥсны ААР Венесуела ахада ишидгыло азы аҳәамҭа ҟанаҵеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР Венесуела ахада ишидгыло азы аҳәамҭа ҟанаҵеит

Владимир Путин Николас Мадуро даниҿцәажәоз иҳәеит атәылаҿ аҭагылазаашьа ахалагалара жәларбжьаратәи азинқәа рнормақәа ирҿагылоит ҳәа.

Иара убасгьы Урыстәыла ахада иҳәеит венесуелатәи ауаажәларратә еилазаара рыҩныҵҟа аҭыԥ змоу аилибамкаарақәа аҭынч еиҿцәажәарала аҭышәныртәалара амҩақәа рзыԥшаатәуп ҳәа.

Мадуро иакәзаргьы иахьазы иҟоу аҭагылазаашьа ахәшьара аиҭеит, ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Москва имҩаԥнаго аполитика, иҳәеит ԥхьаҟагьы дшақәгәыӷуа урыстәыла-венесуелатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара.

Венесуела аоппозициатә парламент аиҳабы Хуан Гуаидо атәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа ихы рылеиҳәеит ажьырныҳәа 23 рзы.

Вашингтон Венесуела аоппозициатә парламент аиҳабы Хуан Гуаидо атәыла аамҭалатәи ахада ҳәа дазханаҵеит, аҳәамҭагь ҟанаҵеит Венесуела адемократиа аиҭашьақәыргыларазы иалшо зегь шыҟанаҵо.

Ажьырныҳәа 23 рзы Венесуела Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Амилаҭтә ассамблеиа аӡбарақәа азакәан шьаҭа рымам ҳәа шьақәнаргылеит.

Ҳагба Венесуела имҩаԥысуа аполитикатә кризис иазкны: ирласны иуӡбо ҭагылазаашьам

 

Ажәабжьқәа зегьы
0