Трамп адҵа ҟаиҵеит акосмостә мчрақәа раԥҵаразы

© SpaceX Flickr / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРакета-носитель Falcon Heavy компании SpaceX успешно стартовала с мыса Канаверал
Ракета-носитель Falcon Heavy компании SpaceX успешно стартовала с мыса Канаверал - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхьаҟазы иазыԥхьагәаҭоуп акосмостә мчрақәа рзы хаз игоу аусбарҭа аиҿкаара.

АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Америка ахада Дональд Трамп инапы аҵаиҩит ЕАШ акосмостә мчқәа раԥҵаразы Амеморандум. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Флаг США - Sputnik Аҧсны
ЕАШ: амҵәыжәҩа змоу аракетақәа Европа рыргылара ҳгәы иҭаӡам

"Еиду аштатқәа ркосмостә система атехникатә ԥыжәара шамоугьы иааҳакәыршан иҟоу ркосмостә лшара арҿиара арҭоит акризис ма аимак аҭыԥ аиур акосмос ҳхы иаҳархәартә еиԥш аҭагылазаашьа ҳарымҭарц азы", - ҳәа аҳәоит амеморандум аҿы.

Трамп Пентагон анапы ианиҵеит акосмостә ар раԥҵаразы азинтә шьаҭа аус аднауларц. Акосмостә ар ар-ҳаиртә мчра аминистрра анапаҵаҟа иҟалоит.

Акосмостә ар раԥҵара хықәкны иамоуп ЕАШ аинтересқәа рыхьчара, агрессиа аҿагылара, атәыла ахьчара.

2018 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Ҭырқәтәыла аҳәамҭа ҟанаҵеит акосмостә маҵзура шаԥнаҵо азы. Амаҵзура аҭакԥхықәра иаҵагылоит Ҭырқәтәыла амилаҭтә космостә программа анагӡаразы.

Роскосмос иҟанаҵаз адыррақәа рыла атәыла аҳаир-космостә мчқәа 20 000 инареиҳаны акосмостә обиектқәа рышьҭԥшыхәра рылшоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0