00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Хра злоу ахҭысқәа
Атәыла ахада Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу: адепутат ихҳәаа
13:20
4 мин
Аиҿцәажәара
Очамчыра зҭагылазаашьа уадаҩу ашколқәа: аҵараҟәша аиҳабы ицәажәара
13:24
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Аԥсны араса аарыхразы алшарақәеи иахьатәи аҭагылазаашьеи: анаплакҩы, аарыхҩы иҿцәажәара
13:45
5 мин
Аиҿцәажәара
Акультура аминистрра агастрольтә план: аспециалист ицәажәара
13:50
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Такие обстоятельства
Интервью Бадры Гунба АТ: об основных тезисах с общественным деятелем
14:18
5 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Кому цветы не в радость? О сезонной аллергии и борьбе с ней в интервью с врачом
On air
14:44
3 мин
Актуальный комментарий
Цены на отдых в Абхазии 2026: интервью с экспертом
14:46
7 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны АИХ рныҳәамш шьақәдырӷәӷәеит

© Fotolia / WellphotoАжурналист
Ажурналист  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша, жәабран 22 рзы имҩаԥысит Аԥсны Жәлар реизара - Апарламент аилатәара.

АҞӘА, жәабран 22 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар реизара - Апарламент аилатәараҿ адепутатцәа рыбжьы рҭиит "Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы" азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы.

"Амассатә информациа ахархәагақәа рныҳәатә мшы ҳәа иҟан, аха уи официалла ишьақәырӷәӷәамызт. Азин ҟашәҵозар, уи ныҳәатә мшны амзар аҿы иаҳарбоит, азакәаншьаҭа аҭаны", - ҳәа иҳәеит Валери Кәарҷиа.

Адепутат Левон Галустиан иазгәеиҭеит, излацәажәо жәабран 27 АИХ русзуҩцәа рныҳәатә мшны ашьақәыргылароуп ҳәа.

Арадио Sputnik амҩаԥгаҩцәа Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналистцәа ҳәа ахьӡ рыхҵоуп

"Асеиԥш иҟаз аидеиа цәырҵижьҭеи акрааҵуеит. Аҳәара ҟасҵоит уажәы, ареспубликаҿы акрызҵазкуаны иҟоу арыцхәқәа – Дырмит Гәлиа диижьҭеит 145 шықәса аҵра, раԥхьатәи аԥсуа газеҭ "Аԥсны" аҭыҵра 100-шықәса ахыҵра азгәаҭара ианраамҭоу, абарҭ аԥсахрақәа шәыдышәкыларц, аныҳәамш ашьақәырӷәӷәара аиурц", - ҳәа азгәеиҭеит Галустиан.

Агазеҭ Аԥсны аредақтор хада Енвер Ажьиба - Sputnik Аҧсны
Енвер Ажьиба: агазеҭ "Аԥсны" милаҭтә газеҭуп - аԥхьаҩцәа рацәаҩхааит

Иара убасгьы иазгәеиҭеит атәыла ахада инапынҵала ишаԥҵоу аныҳәатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгара знапы иану аҳәынҭқарратә комиссиа.

Апарламент аҿы атәыла ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба иргәалаиршәеит АИХ русзуҩцәа рпрофессионалтә ныҳәа шышьаҭаркыз 2001 шықәса рзы, аха иахьанӡа Апарламент аҿы ишышьақәырӷәӷәамыз.

Адепутатцәа азакәан рыдыркылеит актәии аҩбатәии аԥхьарақәа раан.

"Аԥсны" — аԥсышәала иҭыҵуа ауаажәларра-политикатә газеҭ. Иҭыҵуеит 1919 шықәса раахыс. 1921 - 1991 шш. раан "Аԥсны ҟаԥшь" (Красная Абхазия) ахьӡын.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0