"Ҳчарақәа даҽакы еиԥшымкәа ирнубаало иалагеит иаарласны зҽызыԥсахыз атрадициақәа. Анкьа акәӡам, шықәсқәак, жәашықәсақәак раԥхьа ауаҩы иашҭаҟны ачара иуан. Избан уи зыҟарҵоз? Машәыршақә акәӡамызт уи зыҟарҵоз аԥсуаа. Ауаҩы ачара аура игәы ианҭеикуаз иҽазирхион, инхара-инҵыра дацклаԥшуан иуа- иҭынха адигаларц азы. Ачара акрыфара, акрыжәра мацара иазкымызт. Инхара иуа-иҭынха, иҩызцәа, идырцәа адигалон. Иара еиҳаракгьы иуа-иҭынха аҿарацәа рахь ихы рханы ус иҳәон: "Дадраа, шәыххь згеит! Бзиала шәаабеит! Абра хәыҷык ҳәынҵәак ыҟазаргьы, ҳара ақыҭауаа ҳҳәынҵәеи ҳмали еицуп,- ҳәа лафны инараҳәаны, убасгьы иациҵон ажәақәак, - иахьарнахыс абри ахаҵа дабанхои ҳәа сқыҭа шәалаланы шәазҵаар са сзы иԥхашьароуп, иахьарнахыс сахьынхогьы жәдыруаз, ҳаиуацәоуп, сыбзиара сыцеиҩызшарц иааиз зегьы бзиала шәаабеит, аринахыс абри ашҭагьы шәагымзааит, шәышҭақәагьы шәрыгымзааит!" ҳәа амҩа иқәиҵон", - иҳәеит Аполлон Шьынқәба.
Иаҳа инеиҵыху аицәажәара шәаҳар шәылшоит арадио SputnikАԥсны аефир аҟны.