Аԥсны урыстәылатәи афымцалашара ахәԥса ахшәаара иазыхиоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛинии электропередач
Линии электропередач - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2019 шықәса, жәабран 27 инаркны еиқәышаҳаҭрала урыстәылатәи аган аҟынтәи Аԥсны афымцалашара аиуеит.

АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны урыстәылантәи аиаауа афымцалашара ахәԥса ашәараны иҟоуп 2019 шықәсазтәи Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла ҳәа иҳәеит Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба жәабран 28 рзы имҩаԥысуа Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿ.

Ситуация с энергоснабжением Крыма - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахәҭак Урыстәылатәи афымцалашарала еиқәыршәахоит

Бганба иазгәеиҭеит Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Витали Мутко ашәҟәы шизишьҭыз афымцалашара ахәԥса ашәара 2019 шықәсазтәи Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла ишышьақәыргылахо. Бганба заҟа шәатәу аӡбахә даламцәажәеит.

Аԥсны афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба иҳәеит асеиԥш ауалшәараз аӡбра шрыдыркылаз 2016 шықәса рзы имҩаԥысыз Аиҳабырабжьаратә комиссиаҿ.

Уи ашықәс азы ишәан  221 миллион мааҭ.  2017 шықәса рзы - 550 миллион мааҭ. 2018 шықәса рзы афымцалашара урыстәылантәи иахьиагатәымхаз азы аԥара ахшәаара аҭахымхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0