АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, жәабран 28 рзы. Аилатәараҿы Аԥсны афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба иҳәеит, аԥыза-министр инапынҵала, аҳәынҭқарра анапхгараҭара ацентртә усбарҭақәа рҿы ииашаны абылтәы ахархәара амоу иамаму шгәаҭахо.
"Иҟоу адыррақәа рыла, аилагарақәа аҭыԥ рымоуп. Еиҳа инарҭбааны аинформациа ҟалоит агәаҭарақәа анхыркәшахалак ашьҭахь. Иахьазы иуҳәар ауеит абри аганахьала аҭагылазаашьа еиҳа еиӷьзар акәны иҟоуп ҳәа", - иҳәеит Нанба, иагьазгәеиҭеит абылтәы аныхразы анорматив-зинтә акт амчра шаиуз 2019 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.
Аԥыза-министр Валери Бганба иазиԥхьаӡоит ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа абиуџьеттә хархәагақәа рныхра еиҳа иацклаԥшуазароуп ҳәа.
"Ахылаԥшратә усбарҭа абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рҭагылазаашьагьы иазхьаԥшроуп. Ҳара Амҩатә фонд аусура ҭаҳҵаауан. Иарахьоуп иахьнеиуа ААИ аҟынтәи аԥареи абылтәы аҭираҟынтәи аԥареи. Арҭ аиҿкаарақәа уахь инарышьҭызи афонд иахыԥхьаӡалоуи адыррақәа аивыгара рымоуп. Абарҭ зегьы аусбарҭа инарҵауланы иҭнаҵаароуп", - иҳәеит Бганба.
Апарламент аҿы ирыдыркылеит 2019 шықәсазтәи абиуџьет
2018 шықәса аҩнуҵҟа ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥаразоужьра змоу аиҿкаарақәа иааидкыланы инырхит 50 миллион мааҭ аԥара рыхә абылтәы ҳәа азгәеиҭеит Нанба.