Очамчыратәи аԥсыӡзауад аҵәахырҭа амца акит

Анапаҵаҩра
Иахьа, асааҭ 12:30 рзы Очамчыратәи аԥсыӡзауад аҵәахырҭа амца акит.

АҞӘА, хәажәкыра 4– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иахьа, асааҭ 12:30 рзы Очамчыратәи аԥсыӡзауад аҵәахырҭа амца акит. Ҩ-сааҭ ҵуеит амцарцәара иаҿуижьҭеи ҳәа иҳәоит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

"Аҭыԥ аҿы амцарцәага машьынақәа хәба аус руеит. Амца акыр еимҽханакуп, арцәара уадаҩуп", - ҳәа иҳәоит аминистр.

Иара убасгьы иҳәеит амцарцәара ишалахәу ҩажәаҩык рҟынӡа амцарцәаҩцәа.

Аҵәахырҭа иалабылуеит ирхиаз аалыҵ – аԥсыӡшыла.

Амцакра зыхҟьаз амзыз макьаназ ишьақәыргылам.

Ажәабжьқәа зегьы
0