АҞӘА, хәажәкыра 18 — Sputnik. Москва Венесуела аус ацнауеит, ЕАА аганахьала асанкциа ҿыцқәа шалагалоугьы ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳара уаанӡагьы аизыҟазаашьа бзиақәа ҳаман еиуеиԥшым аусхкқәа - аенергетика, анефҭҵхра, арацәаҵхра, арра-техникатә усеицура - рганахьала", - ҳәа иҳәоит Риабков.
Иара иазгәеиҭеит урҭ ақәмақаррақәа Урыстәыла иалнахыз ахырхарҭа ишаԥырхагам.
"Ҳара асанкциақәа ҳрышьцылеит, ҳрыцәшәаӡом. Агәрагьы ҳгоит, атәылақәа жәпакы ҳара ҳгәаанагара шҳацеиҩыршо", - иҳәоит Риабков.
Ииасыз амчыбжь азы ЕАА Рҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Маик Помпео "Роснефть" ахара адиҵеит Венесуела анефҭ амнахәҳауеит ҳәа. Иара убасгьы ЕАА асанкциатә сиақәа рахь иаланаҵеит абанк "Еврофинанс Моснарбанк", венесуелатәи анефҭҵхратә еилахәыра PDVSA аус ацнауеит ҳәа ишьаны.