Аламиа "Ромеои Джулиеттеи" азы: аԥсышәала ицәажәап ҳәа сгәы иаанагоит
"Атекст аиҭагара уажә ааигәоуп саналага, макьана ишцо ала - ԥсышәала ицәажәап ҳәа сгәы иаанагоит. Аҩымҭа шеиҭаго удыруа иҟазар, - уи еиҭагоуп ҳәа исыԥхьаӡаӡом. Аиҭага мариаӡароуп, иласызароуп. Аҩымҭаҿы автор ииҳәарц ииҭахыз еилкааны, нас аԥсышәала иуҳәароуп. Егьыс ажәақәа еиҭаганы уи сахьаркыратә еиҭагаӡам. Шекспири сареи хәыҷык ҳаишьцылахьеит, ҳаибадыруеижьҭеи акрааҵуеит. Ҳарада аҩымҭа злаҩу абызшәа аҟынтә ианеиҭауго иаҳа ииашоуп, сара х-еиҭагак аус адулара саҿуп", - ҳәа азгәеиҭеит Аламиа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.