00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Цукерберг: аҳәынҭқарра аинтернет ахылаԥшра анаҭароуп

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАсоциалтә ҳа Facebook ашьаҭаркҩы Марк Цукерберг
Асоциалтә ҳа Facebook ашьаҭаркҩы Марк Цукерберг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цукерберг иаликааит астандарт ҿыцқәа ахьалагалатәу ҳәа ииԥхьаӡо ԥшь-усхкык: иԥырхагоу аконтент аҿагылара, алхра иашақәа реиқәыршәара, аконфиденциалра, адыррақәа риагаралшара.

АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Асоциалтә ҳа Facebook ашьаҭаркҩы Марк Цукерберг дадгылеит аҳәынҭқаррақәа реиҳабырақәеи аинтернет аҭышәныртәалара знапы иану аусбарҭақәеи Асоциалтә ҳақәа рҟны иақәнагоу анормақәеи астандартқәеи аус рыдуларазы иаҳа инарҭбаау аусура мҩаԥыргар азы аидеиа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Аҳәынҭқаррақәа реиҳабырақәеи аинтернет аҭышәныртәалара знапы иану аусбарҭақәеи активла ари аус ралахәра аҭахуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Аинтернет азы аԥҟарақәа анҳарҿыцуа, уи иалоу иреиӷьу аҟазшьақәа еиқәҳархароуп - ауаа рдунеихәаԥшреи ргәаанагареи рцәыргаразы, анаплакыҩцәа иҿыцу раалыҵ рыладырҵәаразы аҭагылазаашьа рыҭара уҳәа, аха убри аан ауаажәлара ԥырхага рызҭо аԥшьгарақәа рҟынтәи рыхьчара", - иҳәеит Цукерберг.

Старт продаж iPhone 7 и iPhone 7 Plus - Sputnik Аҧсны
Google Facebook рганахь ала аманипулиациақәа: аԥсуа експертцәа ргәаанагара

Facebook ашьаҭаркҩы иазгәеиҭеит аинтернет аҟны аус зуа акомпаниақәа рыклиентцәа ршәарҭадаразы аҭакԥхықәра рхахьы иргар шакәу.

Цукерберг ирыдигалоит иԥырхагоу аконтент аларҵәара ҭышәынзыртәало астандартқәа рышьақәыргылара.

"Аҭышәныртәалара иалнаршоит зыларҵәара ҟамло аконтент арбану аилыркаара, убри иабзоураны иарбанзаалак акомпаниа иԥырхагоу адыррақәа акырынтә рырмаҷра алзыршо асистема аԥырҵар акәхоит", - азгәеиҭоит Цукерберг.

Убри адагьы, иарбанзаалак аӡыргара аполитикатә цәа аҟәну аҟәныму аилыргара усҟак имариаӡам.

Ҭырқәтәыла атеракт ахьыҟалаз Facebook-и Twitter-и рхархәара аанкылоуп

Уи азы иаԥҵатәуп аполитикатә субиектқәа ргәаҭаразы азеиԥш стандартқәа, убри иабзоураны ҳсистема иаҳа хаҳара аиуан.

Цукерберг игәаанагарала, атәылақәа зегьы ас еиԥш иҟоу аԥҟарақәа рыдыркылар, алҵшәақәа акыр еиӷьхоит.

Facebook - иреиҳаӡоу асоциалтә ҳауп. Уи шьаҭаиркит 19 шықәса зхыҵуаз америкатәи астудент Марк Цукерберг 2004 шықәса жәабранмзазы. Уи аштаб-квартира ыҟоуп ақалақь Менло-Парк (Калифорниа).

Ажәабжьқәа зегьы
0