ААУ аҩыза бзиа: Виктор Садовничи 80 шықәса ихыҵит

© FotoААУ аҩыза бзиа Виктор Садовничи 80 шықәса ихыҵит
ААУ аҩыза бзиа Виктор Садовничи 80 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет аректор, аҵарауаҩ, Евразиатәи ауниверситетқәа Рассоциациа Апрезидент, Урыстәыла аректорцәа Реидгыла ахада, академик Виктор Антон-иԥа Садовничи 80 шықәса ихыҵит. Иара Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет дызладҳәало атәы дазааҭгылеит агазеҭ "Аԥсуа университет" аредақтор хада Алхас Чхамалиа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Раԥхьаӡакәны ианбауаҳаи Виктор Антон-иԥа Садовничи иӡбахә, насгьы усҟан иара ухаҿы дышԥааугоз?

Встреча в АГУ с китайской делегацией - Sputnik Аҧсны
Китаиаа ААУ аҟны ацентр аартра рыгәҭакуп

- Садовничи сара иӡбахә саҳахьан ашкол санҭаз аахыс, еиҳаракгьы сыстуденттә шықәсқәа рзы. Сусура иадҳәаланы Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университети ҳара ҳуниверситети реизыҟазаашьақәа ирызкны изныкымкәа астатиақәа, еиуеиԥшым анҵамҭақәа рыҩра снапы алакын, иалакуп иахьагьы. Ари аҵарадырратә еимадараҿы зегь раԥхьаӡагьы сара игәасҭо салагеит илагала шдуу Москватәи аҳәынҭқарратә университет аректор Виктор Антон-иԥа Садовничи. Уи аҵарааӡара аҳәаақәа рҿы мацара акәымкәа, аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿгьы еснагь аҩызара ааирԥшуеит. Уи зырҵабыргуа фактуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алагамҭазы Виктор Антон-иԥа хантәаҩра ззиуаз Евразиатәи ауниверситетқәа Рассоциациа апрезидиум еизганы ақырҭуа қәылаҩцәа иахьрықәыӡбаз, Борис Ельцин иахь аколлективтә шәҟәы ахьырышьҭыз. Уи адагьы аибашьра анцоз Садовничи иҟаиҵеит кыр зҵазкуаз даҽа ҩызаратә цхырааракгьы. Ишаҳдыруа еиԥш ашьаарҵәыратә шықәсқәа рзы аԥсуа хҵәацәа маҷҩымкәа Нхыҵ Кавкази Урыстәылеи еиуеиԥшым аҿацәқәа рахь иԥсаҟьан. Виктор Антон-иԥа ибзоурала Урыстәыла аҳҭнықалақь аҟны иҟаз 87 ҩык астуденттә қәра иаҵанакуаз аҿар Москватәи аҳәынҭқарратә университет иахыԥхьаӡалахеит, азыӡырҩцәақәак раҳасабала. Иара убас Аԥснынтәи иҟаз 16- ҩык арҵаҩцәа ауниверситет аҟны аус руратәы, азеиԥшнхарҭаҿгьы ауадақәа роуратә дырхылаԥшит.

ААУ аректор: аҵарадырра ҳџьынџьуаа еидызкыло милаҭтә идеиахароуп

- Цабыргыҵәҟьаны аҩыза дахьудыруа ацәгьараҿы ауп рҳәоит. Аха аибашьра ашьҭахь изеиԥшрахеи Москватәи ауниверситети ҳара ҳҵараиурҭеиреизыҟазаашьақәа?

- Ҳәарада аибашьра иацнымҵәаӡеит Садовничи аԥсуа университетахь, аԥсуа ҿар рахь имаз азҿлымҳара. Ноиабр мза, 1993 шықәсазы Виктор Антон-иԥа Садовничи ибзоураны Евразиатәи ауниверситетқәа Рассоциациа иаларҵеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университетгьы. Жәларбжьаратәи аҩаӡараҿы Аԥсны азхаҵара аиуижьҭеи 11 шықәса роуп иҵуа. Аха ҳара иаҳҳәар ҳалшоит кыр уи аԥхьагьы Москватәи ауниверситет аректор ибзоурала Аԥсуа университет аӡбахә адунеи аҟны ираҳаит, егьырҭ ираҟароу азинқәа аиуит ҳәа. Аибашьра ашьҭахь егьырҭ акультуратә хыбрақәа реиԥш ҳуниверситетгьы аматериал-техникатә база еилараа ишьҭан, ирацәоуп ибжьаӡыз, иблыз.

Аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Амҷба игәалашәаратә хәылԥазы ААУ имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Аҭоурыхҭҵааҩ Гьаргь Амҷба игәалашәаратә хәылԥазы ААУ имҩаԥысит

Абарҭқәа зегьы рышьақәыргылараҿы ашәҟәқәа, аметодикатә цхыраагӡақәа уҳәа рыла, зегь раԥхьаӡагьы ацхыраара ҟазҵазгьы Москватәи Аҳәынҭқарратә университет ауп. Аматериалтә цхыраара адагьы, Виктор Антон-иԥа хаҭала кырынтә Аԥсуа университет даҭааны имҩаԥигахьеит изныкымкәа астудентцәеи иареи реиԥыларақәа. Шықәсқәак раԥхьа Аԥсуа телехәаԥшраҿы ицоз Ирина Агрба лдырраҭара "Кафедра" иҽалархәны алекциа ҭбаа даԥхьеит. Абасала абри ауаҩ еснагь аԥсуа ҿар дрымадоуп, игәцареикуеит. Аԥсны ахадарагьы иазгәарҭеит апрофессор иеихьӡарақәа, иагьианаршьеит "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара, иара убас Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа ахьӡ ихырҵеит. Ҳара ҳуниверситет аҿгьы иара ҳаҭыр зқәу докторуп, профессоруп. Сгәанала, Виктор Антон-иԥа аԥсуа ҭҵаарадырра дахьазҿлымҳахаз, аԥсуа ҿар ахьыгәцареикыз абзоуроуп ААУ аректор Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиеи иареи реиҩызаратә еизыҟазаашьа. Избан акәзар ас еиԥш иаҳараку ҩыџьа аҵарауаа русеицура адагьы уаашәала ианеилибакаауа, ҳәарада аимадарагьы аԥхарреи агәацԥыҳәареи аҵалоит.

ААУ астудентцәа рзы иҿыцу аинтерактивтә лекциақәа рыдгалан

- Алхас, ишԥаҟалеи Виктор Антон-иԥа Садовничи уареи хаҭалатәи шәеибадырра?

- 2017 шықәсазы Шәача имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль схы аласырхәраны сыҟан. Иара уи ашықәсан инарҭбааны иазгәаҳҭон Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аиубилеитә рыцхә. Ауниверситеттә газеҭ сызларедактор хадоу ала ари ахҭыс иазкыз аномергьы ҭыжьтәыс исыман афестиваль аламҭалазы. Изулак, арыцхә сҽахьыгӡаны аномер еиқәсыршәан, арантәи ицоз аделегациа срыцны афестивальахь амҩа ҳақәлеит. Санцоз Алеко Алықьса-иԥа дҵасгьы исиҭеит Виктор Антон-иԥа Садовничи илекциақәа сырҭаарц. Насыԥла, афестиваль аҟны Садовничи дзыԥхьоз алекциа аҽалархәра сылсыршеит, уи моу, аҭагылазаашьа схы иархәаны апрофессор сагьиабадырит. Иара кыр деигәырӷьеит сшаԥсыуаз аниасҳәа. Насгьы иара уаҵәҟьа исеиҳәеит аҽны имҩаԥысраны иҟаз Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аиубилеи азгәаҭара ихы шалаирхәуа. Азныказы агәрагара уадаҩын, аха иара ҵабыргыҵәҟьаны илекциа данаԥхьа ашьҭахь Аԥсныҟа амҩа дықәлеит. Ҳәара аҭахума, нцәахәыкеиԥш дрыдыркылеит ара дахьааизгьы. Виктор Антон-иԥа ииубилеи идныҳәало, изеиӷьасшьар сҭахуп кавказтәи ашықәснҵыра ду, агәалаҟара бзиа, аманшәалара!

© FotoАлхас Чхамалиеи Виктор Садовничи 2017 шықәсазы Шәача имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аҟны.
ААУ аҩыза бзиа: Виктор Садовничи 80 шықәса ихыҵит - Sputnik Аҧсны
Алхас Чхамалиеи Виктор Садовничи 2017 шықәсазы Шәача имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0