Путин: Рунет адунеи аинтернет-ҵакыра ада ухахьы иузаагом

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла ахада Владимир Путин
Урыстәыла ахада Владимир Путин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко Аинтернет анапхгаразы урыстәылатәи ажәабатәи афорум (RIGF-2019) аҟны атәыла ахада инашьҭымҭа даԥхьеит.

АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Владимир Путин Рунет адунеитә интернет-ҵакыра ада ихәарҭаӡам ҳәа азиԥхьаӡоит ҳәа иҳәеит афорум аҿы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа ахада ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко аинтернет анапхгаразы урыстәылатәи ажәабатәи афорум (RIGF-2019) аҟны.

"Урыстәылатәи аинтернет адунеитә интернет-ҵакыра иаҟәыҭханы ҟалашьа амаӡам. Аинтернет аҿиаразы иӡбатәны иҟоу аусқәа зегьы еилацәажәаны иӡбалатәуп", - иҳәеит Кириенко, атәыла ахада иажәақәа ааго.

Урыстәыла ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәыла аинтернет ахақәиҭра апринцип ишықәныҟәо, абизнес-аԥшьгарақәа рынагӡаразы аинформациа аимдаразы хәдықәҵара шазнауа.

"Агәрагара ҳамоуп ԥхьаҟагьы ҳтәыла аинтернет ахақәиҭра апринцип ишықәныҟәо, абизнес-аԥшьгарақәа рынагӡаразы аинформациа аимдара хәдықәҵара шазнауа", - Путин иажәақәа еиҭеиҳәоит Кириенко.

Аинтернет анапхгаразы урыстәылатәи ажәабатәи аиубилеитә форум (RIGF-2019) мҩаԥысуеит урыстәылатәи амилаҭтә домен RU 25-шықәса ахыҵра аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Цукерберг: аҳәынҭқарра аинтернет ахылаԥшра анаҭароуп

Афорум RIGF-2019 еиҿызкаауа аинтернет амилаҭтә домен акоординациатә центр ауп. Ацхыраара ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа аимадареи амассатә коммуникациақәеи рминистрра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0