Қорсаиаԥҳа: Алықьса Аргәын аҟазара ду илан, ицəажəара агəыбылра ду ацын

© Foto / предоставил Анатолий Лагулаа Алексей Аргун
Алексей Аргун - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳəынҭқарратəи ауаажəларратəи усзуҩ, ашəҟəыҩҩы, аҟазараҭҵаарақəа рдоктор, апрофессор, Академик, Аҧснытəи АССР аҟазара зҽаԥсазтəыз, Аԥсныи Урыстəылеи рышəҟəыҩҩцəа Реидгыла алахəыла, Аԥснытəи АССР акультура аминистр, Иреиҳаӡоу Асовет адепутат Аргəын Алықьса Хəыта-иԥа диит мшаҧымза 10, 1937 шықəса рзы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Алықьса Аргəын акультура аусхк аҿы ишьҭамҭа аҭоурых ианымҵуа иазынижьит. Иара ибзоураны, Дырмит Гəлиа ихьӡ зху Аҧснытəи аҳəынҭқарратə музеи аиҳабы, аҟазараҭҵаара акандидат, Аҧсны зҽаҧсазтəыз акультура аусуҩы Светлана Қорсаиаҧҳа аҟазара ахырхарҭала амҩа ылылхит.

Таиф Аджба с супругой Риммой Когония - Sputnik Аҧсны
Аибашьра иахәхаз аромантик

"Алықьса Хəыта-иҧа ибзоуралоуп атеатр аҟазарахь схы шсырхаз. Ашкол санҭаз инаркны бзиа избон аҟазара. ГИТЕС атеатр ҭҵааратə факультет иара дзылгаз аҩыза сҭаларц сабжьигеит, ус егьыҟалеит. Ицəажəара агəыбылра ду ацын, актиорцəа реиҧш убас аҧсы ҭаҵаны иузеиҭеиҳəон, бзиа иубартə еиҧш иҟаиҵон", - лҳəеит Светлана Қорсаиаҧҳа.

Атеатртə ҟазареи, аҭҵаара ауси агьама зкыз Светлана Қорсаиаҧҳа излалҳəо ала, Алықьса Аргəын аҟазарааҭҵаара аус ҧсабарала излаз уаҩын. Избанзар иара даагылазар абри аус дашьҭан, ахы ахьакыз иҧшаауан, ахырхарҭа ахьаиуз ҭиҵаауан.

"Сара саниниа ари ауаҩ аинститут далгахьан, аспирантура далгахьан, акандидаттə хьӡы иоухьан, Аҧсуа театр аҭоурых амонографиа ала ауп адоктортə диссертациа ГИТЕС ишихьчаз. Иаргьы саргьы аҭҵаарадырратə напхгаҩыс иҳамаз аӡə лакəын, апрофессор, академик Ольга Николаи-иҧҳа Каидалова. Даара дуаҩ бзиан лара, аханатə инаркны ацхыраара бзиа илҭон", - ҳəа азгəалҭоит Светлана Қорсаиаҧҳа.

Зыхшыҩ зызрыцҳараз аинтеллигент

Алықьса Аргəын аҩызцəа бзиа ибан, ҟазшьала зегьы дырзааигəан, дызлагоз аус амҩабжара инижьуамызт. Аҧсны аҵарадырра, акультура аус аизырҳара дашьҭан. Еснагь аҿыцҧшьгарақəа дрышьҭан. Ус баша иҧсы шьо ак ҟамҵакəа дубомызт, иҧсҭазаара зегьы аусура иазкын.

"Сара исгəалашəоит Аҧсны акультура аминистрс даныҟаз. Убасҟан сара аинститут салганы атеатр аҿы аусура салагеит аамҭақəак, анаҩс иара иминистрра ашҟа апрофессионалтə ҟазара аҟəшахьы еиҳабыс сиаигеит. ГИТЕС аинситут аушьҭымҭацəа маҷын, хҩы-ҧшьҩы ыҟазар ҟалап, иахьа аҧсышəала ицəажəо, аҧсышəала иҩуа уи иалгаз уаҩ ихьӡ сызҳəом. Иара уи аганахь ала илиршаз рацəоуп", - илгəалалыршəоит Қорсаиаҧҳа.

Шалашава - Sputnik Аҧсны
Арадио
Шьалашьаа Олег Шамба изкны: зыхшыҩ ҵарыз уаҩын

Аҧсуа театр аҭоурых аӡбахə ҳаналацəажəо ухаҿы имааирц залшом Алықьса Аргəын ихьӡ. Атеатр аҭоурых аизгара, анализ аҟаҵара, алкаа азура, хымҧада даара аџьабаа адибалон.

"Атеатр аганахь ала аҭҵаарадырра сахьаҿу Алықьса Хəыта-иҧа Аргəын иҩымҭақəа даара ицхыраагӡаны исымоуп. Сара стəы сыҩуеит ҳəарада, иҟоуп агəаанагарақəагьы анеиқəымшəогьы, даҽа лкаак аныҟасҵогьы, аха уи акəӡам аус злоу, уи аҩыза аматериал еизганы атеатр аганахь ала, агьырҭ аҟазара ахкқəа рҿы иҟаӡам. Атеатр аҭоурых иазкны Миха Лакрбагьы иман аочеркқəа, аха Алықьса Аргəын иусумҭақəа идокументалтəу, ифундаменталтəу усумҭақəоуп"-ҳəа азгəалҭоит аҟазараҭҵааҩы.

Аҟазарахкқəа рганахь ала Аҧсны аихьӡарақəа маҷым. Алықьса Аргəын илша аӡбахə ҳаналацəажəо уи ганрацəала ҳазнеир алшоит.

Атеатр алакҭа иҭамԥшыц

"Аҧсуаҭҵааратə институт аҿы аҟазара аҟəша аазыртыз Алықьса Хəыта-иҧа иоуп. Сара убас еиҧш сазхəыцуеит, абри аҟəша иара ихьӡ ахызар иашан ҳəа. Усҟантəи аамҭазы уи аартра ус имариамызт, ақырҭқəеи ҳареи ҳанеилаз акəын. Иара акультура аминистрс даныҟаз, Аҧсны Жəлар рартист Уасил Царгəыш напхгара зиҭо Аҧснытəи аҳəынҭқарратə акəашареи ашəаҳəареи рансамбль адунеи зегьы иакəшеит. Ансамбльи аколлективи рҟазара иабзоуроу рацəоуп, аха аминистр иџьабаа акрыҟоуп аимадарақəа русхк аҿы", - ҳəа азгəалҭоит Светлана Қорсаиаҧҳа.

 Иура Ҭақəчыч-иҧа Ԥкьын. - Sputnik Аҧсны
Џьыкырԥҳа: Иура Ԥкьын - еснагь зхатəы бжьы зхаз, ажəлар ззыӡырҩуаз иакəын

Дарбанызаалак ауаҩы инапы злаку аус аҿы иара ихаҭара зеиҧшроу акраҵанакуеит. Аҕьараҳəа иус аҿы дангылоу илшоу акыр ирацəоуп, иусгьы шьахəла ианымҧшырц залшом.

"Алықьса Хəыта-иҧа мал дук имырҳаӡеит иҧсҭазаараҿы. Иҩны уаннеилак иҟаз ашəҟəқəа ракəын. Усҟантəи аинтеллегенциа рхаҭарнакцəа еиҳарак зыхə ршьоз даҽакын, аматериалтə бзазара аасҭа, адоуҳатə ҧсҭазаара алагала аус аҿы, аҭҵаарадырра аус аҿы аихьӡаақəа раарҧшра аҟны акəын еиҳа аицлабра ахьыҟаз, убри акəын ахьӡ змаз", - лҳəоит Қорсаиаҧҳа.

Алықьса Аргəын адраматургиа аганахь ала ихы ҧишəон. Акино раҧхьатəи асценариақəа ҟаиҵон.

Асценатә бызшәеи уи аҭагылазаашьеи

"Атеатр аҿы 80-тəи ашықəсқəа ралагамҭазы, "Амра амшын ианӡаало" ахьӡын ипиеса, убри аспектакль ҟаҵаны иҭрыжьит, иқəзыргылазгьы Дмитри Уарлам-иҧа Кəартаа иоуп. Зыҩаӡара ҳаракыз драматургиатə сахьаркыран ҳəа сызҳəом, аха аҿар рыҧсҭазаара иазкын азы бзиа ибаны, еилаҳаны аҿар атеатр ахь инеиуан. Ари ауаҩ даара абаҩхатəра злаз уаҩын, зегьы дрыхьӡон, зны-зынла иџьаушьон абриаҟара ашəҟəқəарҭыжьра дызлахьӡеи ҳəа. Ашəаҳəареи акəашареи рансамбль иазкны ашəҟəы, Едуард Бебиа изкны ашəҟəы, Ковеч изкны ашəҟəы, амузыка, ахореографиа аҟны иҟамызт аспециалистцəа, иара уахьгьы дахьӡар иҭахын, насгьы актиорцəа рырҿиаратə ҧсҭазаара иазкны иҟаҵоу аочеркқəа рылоуп икандидаттə диссертациа шихьчазгьы, урҭ хаз-хаз шəҟəны иҭыжьзар аҧхьаҟа ибзиахон", - ҳəа азгəалҭоит Қорсаиаҧҳа.

Алықьса Аргəын Аҧсуа ҳəынҭқарратə музеи акыр шықəса директорс даман. Анаҩс, Аҧсуа драматə театр директорс. Алықьса Хəыта-иҧа Аргəын аҧсуа культура аизҳазыҕьара аус аҿы акыр аџьабаа ибахьан, илша рацəан. Светлана Қорсаиаҧҳа излазгəалҭо ала, Алықьса Аргəын лара лзаанаҭ аҟны рҵаҩыс длыман.

"Ҳгəаанагарақəа анеиқəымшəозгьы ыҟан, аха уи ҳара ҳаиҩызара, ҳусеицура иаҧырхагамхаӡеит. Иҧсҭазаара аҵыхəтəантəи амшқəа рҟынӡа, игəы бзиамкəа даныҟазгьы ҭелла ҳаицəажəалон, уи иахылҵыз ҳаиҿцəажəара "Аҧсны аҟазара" ажурнал аҿы ҩномерк еицҵаны ирнуп. Уи ашьҭахь мызқəак рнаҩс, игəамбзиара иахҟьаны иҧсҭазаара далҵит. Уи даара илахьеиқəҵагаз аамҭан сара сзы. Хаҭала сара дысцəыӡит, дацəыӡит Аҧсны зегьы, избанзар иҟаиҵахьаз даара ирацəан. Иман ҩыџьа аҧацəа, аибашьраҿы дҭахеит иҧа Баҭал, уи ашьҭахь Даур иҧсҭазаара далҵит, уи иара иҧсҭазаара даара иаркьаҿит", - лҳəеит аҟазараҭҵааҩы.

Алықьса Аргəын аҧсҭазаара акыр дышкыднаҟьахьазгьы, уи абзиабара илан, еснагь аидеиа ҿыцқəа иман, сахьаркырала ацəажəара илан, иажəа агəра ган, дзыхьӡашаз рацəан. Иҧсҭазаара далҵит ҧхынгəымза 1, 2008 шықəса рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0