ЕААи "Талибани" рделегациақәа Катар еиԥылараны иҟоуп

CC0 / Pixabay / Доха, Катар
Доха, Катар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Катар Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра ҟанаҵеит ЕААи "Талибани" рделегациақәа реиԥылара ахԥатәи араунд Доха ишымҩаԥысуа.

АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Ацҳаражәҳәаҩ ҷыда Залмаи Халилзад хадара ззиуаз Еиду аштатқәа рделегациеи афгантәи аиҿкаара "Талибани" Доха имҩаԥысуа реиԥылараҿы ирыдыркылеит адиалоги аиҿагылара аанкылареи рахь ааԥхьара ҟазҵо аиқәшаҳаҭра апроект ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Катар Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Афганистан, 9 апреля 2019 - Sputnik Аҧсны
Associated Press: "Талибан" "ааԥынтәи ажәыларақәа" ирылагоит

"Иацы, Катар иаднакылеит Еиду аштатқәеи "Талибани" реиҿцәажәара араунд. Аганқәа алацәажәоит аиқәшаҳаҭра апроект. Апроект иаҵанакуеит: америкатәи ар Афганистан ралгара, Афганистан аҵакыра ЕААи ма даҽа тәылаки рықәларазы ахархәара мап ацәкра, афганбжьаратә диалог, ақәымчра аҩаӡара аларҟәрала аибашьрамца аанкылара", - азгәанаҭоит аминистрра адырраҭараҿы.

Ацҳаражәҳәаҩ ҷыда Залмаи Халилзад зхадараҿы дыҟаз Еиду аштатқәа рделегациеи афгантәи аиҿкаара "Талибани" Катар еиԥылеит.

Доха ЕААи "Талибани" ирыбжьаҟазоит, ари атәылаҟны аҭынчра аагаразы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0