Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аԥсны ахы-аҵыхәа имҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукԤсра зқәым архәҭа
Ԥсра зқәым архәҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахада ихаҭыԥуаҩ Евгени Павлов еиҭеиҳәеит акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" лаҵара 9 рзы имҩаԥысраны ишыҟоу.

АҞӘА, лаҵара 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аԥсны ахы-аҵыхәа имҩаԥысуеит лаҵара 9 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу "Россотрудничество" ахада ихаҭыԥуаҩ Евгени Павлов.

"Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" Аҟәа ихацыркхоит Ахақәиҭра ашҭаҟынтә асааҭ 11:00 рзы, асааҭ 12:00 рзы алахәылацәа Леон имҩаду ахь рхы рханы инеиуеит. Леон имҩаду ианыланы амшын аԥшаҳәаҿы игылоу аколоннадахь ицоит. Уантәи Идырым асолдаҭ иҳаҭгәын ахь инеиуеит", - иҳәоит иара.

Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" есышықәса ауаа рацәа еизнагоит ҳәа азгәеиҭоит Павлов.

Аҟәа имҩаԥысит Аиааира апаради "Ԥсра зқәым аполк" амҩасреи>>

Дарбанызаалак илшоит "Россотрудничество" ашҟа изааигәоу ауаа рфотосахьа иманы днеирц. Уа иара акциа иаладырхәуа афотосахьақәа рформат ахь ииаганы иркьыԥхьуеит.

Адыррақәа рзы аҭел уасыр алшоит абри аномер ала: +7-940-776-01-61.

Бессмертный полк в честь Дня Победы - Sputnik Аҧсны
"Ԥсра зқәым аполк" Аԥсны ақалақьқәа рҟны имҩасуеит

Тҟәарчал ақалақь аҿы акциа иалагоит асааҭ 12:00 рзы. Акциа алахәылацәа Владислав Арӡынба ихьӡ зху апарк ахь инеиуеит, уантәи - Ахьӡ-аԥша апарк ахь.

Гәдоуҭа ауснагӡатәқәа ирылагоит Нестор Лакоба ибаҟа аҿаԥхьа, асааҭ 10:00 рзы.

Очамчыра акциа алагоит Акультура Ахан аҟынтәи асааҭ 10:00 рзы. Акциа иалахәхоит ақалақь ашколқәа хԥа рҵаҩцәа.

Гагра акциа ихацыркхоит асааҭ 10:00 рзы. Имҩаԥысуеит Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.

Гал ақалақь аҿы аныҳәатә уснагӡатәқәа ирылагоит асааҭ 9:30 рзы. Аколонна мҩасуеит Акультура Ахан аҟынтәи Аиааира апарк аҟынӡа.

Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" хацыркын 2012 шықәса рзы Томск.

"Ԥсра зқәым аполк" аныҟәараан хатәгәаԥхарала еибашьуаз рфотосахьақәа мҩаԥыргоит>>

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз ргәалашәара ахьӡала раԥхьаӡа акәны акциа "Ԥсра зқәым архәҭа" мҩаԥысит цәыббра 30, 2016 шықәсазы. Усҟан уи рхы аладырхәит ҩнызқьи бжаки ауааԥсыра.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0