Лорена Ԥаӷәааԥҳа: арҵаҩра рҿиарала уаназнеи – ганкахьала ижурналистикахоит

© Foto / предоставлено Лореной Пагава Лорена Пагава
 Лорена Пагава - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лорена Ԥаӷәааԥҳа занааҭла джурналиступ, аха быжьшықәса инеиԥынкыланы Баслахәтәи абжьаратә школ аҟны аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс аус луеит. Ажурналистика илынаҭаз аҟазшьа аҷыдарақәеи, насгьы урҭ иахьатәи лусураҿы лхы ишалырхәои атәы изеиҭалҳәеит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

- Есыҽнытәи шәусуратә мшы шԥалаго, насгьы ишԥамҩаԥысуеи?

- Ашәахьа инаркны ахәашанӡа есыҽны актәи аурокқәа сымоуп аҟнытә шьыжьнаҵы ашколахь сцоит. Ашкол сазааигәахо саналагалакь сҵаҩцәа харантәи сгәаҭаны агәашә сзаадыртуеит. Абасала ашкол ашҭахь сшьаҿа анеихызго инаркны сгәалаҟара шьҭызхуа саниоит. Уи ҳәарада ахәыҷқәа роуп.

Мрамза Халбад - Sputnik Аҧсны
Арадио
Мрамза Ҳалбадԥҳа: арҵаҩра сҽаназызкуаз, сҭаацәа ҿырԥшыгас исыман

- Дзусҭада шәара шәзы иҿырԥшыгоу аҵаҩы?

- Классцыԥхьаӡа иҟоуп иалукааша аҵаҩцәа. Аха азеиԥш еилкаараҿы, сара изы иҿырԥшыгоу убри иоуп – ашколахь дзаауа еилызкаауа аҵаҩы. Зыдҵақәа зегьы еснагь иназыгӡо, хәба-хәбаҳәа аҵара зҵо хымԥада дҿырԥшыгоуп ҳәа сгәы иаанагом. Иаҳҳәап ахәыҷы аҵараҿы аихьӡарақәа имамзар, рацәак уи ицааиуа дыҟамзар ауеит. Аха уи ааӡара бзиа имазар, ламысцьқьала ихы мҩаԥигозар – убри иоуп сара сзы иҿырԥшыгоу. Хаҭала сара сырҵаҩратә практикаҿгьы изныкымкәа иҟалахьеит, аҵара ззымҵо, злеишәа цәгьо ҳәа иԥхьаӡо аҵаҩцәа санрыдгыло. Избан акәзар лассы-лассы ахәыҷқәа рыбжьара игәасҭалоит убри аиԥш аҟазшьа аарԥшышьақәа, аҵара зымҵо аҵаҩы аҵара зҵо иаасҭагьы ауаҩреи аламыси анааирԥшуа. Уи ҳәарада иаанагаӡом аихьӡара бзиақәа аазырԥшуа аҵаҩцәа иаазмырԥшуа раасҭа ламысла еснагь еиҳа еиҵоуп ҳәа. Аха сгәанала, арҵаҩы иуалуп ахәыҷқәа зегьы еилымхкәа, инеибеиԥшны зегь рахь азнеишьа иаша аԥшаара. Убри зегьы ирыцкуп ҳәа исыԥхьаӡоит ахәыҷқәа реиҵааӡара аус аҟны.

Арҵаҩы: ахәыҷы ашкол бзиа ибарцазы, арҵаҩы агәра илыргароуп дышҳалалу

- Дзусҭада ҳаамҭазтәи арҵаҩы?

-Сгәанала, ҳаамҭазы иааҳакәыршаны иҟоу, уахи-ҽни ҳазлаԥшуа хаԥсҭазаараҿы есааира аҽыԥсахрақәа шымҩаԥысуа еиԥш, арҵаҩратә знеишьагьы аҽаԥсахуеит. Убри аҟнытә иахьатәи арҵаҩы аамҭа ашьаҿа дақәшәалар ихәҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Иаҳхәап асовет аамҭазтәи аҵарааӡаратә знеишьақәа иахьа феида ӷәӷәак рыманы ухы иаурхәартә иҟамзар ҟалап уажәшьҭа. Хаҭала сара сԥышәа хәыҷы изласыҵанаҳәо ала ахәыҷы уҳәатәы хаиҵарц азы, аҵаразы агәаҳәара иоуразы аџьбарареи алеишәа ӷәӷәеи ракәымкәа аилибакаара шьаҭас иҟаҵалатәуп ҳәа исыԥхьаӡоит. Зусура ганрацәала иазнеиуа, аурок аинтерес аҵалартә амҩаԥгара зҽазызшәо, аметод ҿыцқәа рхархәара ирцәымшәо арҵаҩы иоуп аамҭа иақәшәо ҳәа ззысҳәар сылшо. Ҵабыргуп, уи иаанагаӡом алеишәа ацклаԥәра зынӡагьы иаҭахӡам ҳәа, аха зегьакоуп арҵашьа аметодқәа рҳәаа арҭбаара иацәшәалатәӡам.

Ажурналист: арҵаҩра иахьагьы сгәы азыбылуеит

- Лорена Рауль-иԥҳа, ақыҭа школқәа рҟны шамахамзар ақалақь школқәа рҟны аасҭа аҵаҩцәа маҷуп. Арҵаҩы изы ауррок амҩаԥгара еиҳа иахьымариоу, насгьы еиҳа алҵшәа ахьамоу акласс рацәаҿы акәу, мамзаргьы аҵаҩцәа анмаҷу еиҳа иманшәалоу?

Валентина Халбад - Sputnik Аҧсны
Валентина Ҳалбад арҵаҩы изанааҭ иазкны: хадара злоу уус ушазыҟоу ауп

 

- Ҳара ҳашкол аҟны иҟоуп убри аҩыза аклассқәагьы, хҩы-хҩыла, хәҩы-хәҩыла аҵаҩцәа ахьтәоу. Ганкахьала иҟоуп убри аҩыза агәаанагара, ахыԥхьаӡара ыҟамзар имариаӡоу алогика аԥҟаррақәа рыла, аицлабратә стимул ахьыҟам иахҟьаны аҵаҩцәа рдыррақәагьы еиҳа имаҷхоит ҳәа. Аха сара ари аҩыза агәаанагара зынӡагьы сзақәшаҳаҭхом, избан акәзар ахыԥхьаӡара амаҷрагьы иамоуп аган бзиақәа. Иаҳҳәап сара аҵара зсырҵо аҵаҩцәа зегьы хаҭа-хаҭала рҟазшьақәа ҭысҵаахьеит, исҵахьеит досу иарбан знеишьо еиҳа инаало, мамзаргьы иарбан хырхарҭақәоу еиҳа аус зыдулатәу.

- Шәара занааҭла шәжурналиступ, арҿиара иазааигәоу уаҩуп. Иахьатәи шәусураҿы урҭ адыррақәа шәыцхраауама, насгьы урҭ шәхы иабанӡашәырхәо?

- Аус сыцызуа сколлегацәа лассы-лассы илафны исарҳәалоит, агәаӷьра улазарц азы урҵаҩхаанӡа раԥхьа ажурналистика иалгатәызаап ҳәа. Исыздырам уи азанааҭ иахьынӡабзоуроу, аха сгәанала аҟазшьагьы ароль ӷәӷәа нанагӡоит. Насгьы сара сырҵаҩратә усураҿы уажәы-уажәы ажурналистика аелементқәа аласымгалакәа суӡом, зегьакоуп уахь исыхоит иахьа уажәраанӡагьы. Иаҳҳәап лабҿабатәи аҿырԥштәы аҳасабала лассы-лассы схы иасырхәоит еиуеиԥш аиҿцәажәарақәа рвидеонҵамҭақәа. Иара убас алшара ансымо иахьатәи ҳашәҟәыҩҩцәеи ҳжурналистцәеи срыгәныҩуеит, дара злахәу аиҿцәажәарақәа анҵаны ахәыҷқәа ирзаасгоит, иасырхәаԥшуеит. Ҳәарада уи ахәыҷқәа зегьы ирзеинтересӡам, зегьы еиԥшны ирыдыркылаӡом. Аха аӡәык-ҩыџьак ирыдамзаргьы ргәаҟынӡа-рхаҟынӡа исызнагаша акы аныҟасҵо – уи еиҳау рҵаҩратә бзабаак ыҟам сара сзы.

Кәарҷелиаԥҳа: арҵаҩы зегь раԥхьа иргыланы аҵаҩцәа бзиа ибозар ауп

- Хықәкыла ажурналистика мацарахь ахынҳәразы агәаҳәара шәызцәырымҵлаӡои?

Мадина Ажиба - Sputnik Аҧсны
Мадина Ажьиԥҳа: аԥҳәыс лзы, арҵаҩы изанааҭ аасҭа иманшәало ыҟам

- Аиашазы ахаангьы схаҿы исзаагомызт мышкы зны ашкол аҟны аусура салагоит ҳәа. Аха аԥсҭазаара убас ишазар акәхап, уара угәаҳәара иацныҟәо мацара акәымкәа ахатәы "ҳамҭа" хәыҷқәагьы узнархиоит. Сара сыԥсҭазаараҿгьы иҟалеит убри аҩыза аетап, аамҭеи аҭыԥи уанақәшәо ҳә шырҳәо еиԥш, рацәакгьы сгәы азыҳәаны акәымкәа, аха еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны ашкол аҟны аусура саналагаз. Ажурналистика азыхынҳәра акәзар, еснагь сгәы иҭыхо, сзызхәыцуа темоуп. Аха егьи аганахьала сырҵаҩра исыднаҵо аҭакԥхықәрагьы сныруеит, избан акәзар ахәбатәи акласс инаркны знапхгара сыдырҵаз сҵаҩцәа ашкол иалгаанӡа рныжьра сҭахӡам. Ҵабыргуп, ажурналистика ахаҭаҵәҟьа иахьатәи аамҭазы сара иахьынӡасҭаху снапы аласкыртә алшара сымамзаргьы, иахьынӡауа ала схы аус адысулалар сҭахуп еснагь. Избан акәзар иааигәаӡаны иснырхьеит уи азанааҭ шакәу сара истәыҵәҿьоу. Аха арҵаҩрагьы арҿиаратә знеишьала уаназнеиуа – уигьы ганкахьала ижурналистикахоит. Уаҟагьы иаҭаххоит еснагь аԥшаара, аилкаара, аҭҵаара. Уи зегьы аинтерес ду аҵоуп, уусура хыдҵак аҳасабала инаумыгӡакәа гәык-ԥсыкала уаназнеи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0