Азал ҿыц амаӡақәа: аҵх Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны

© SputnikАԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аекспозициа ҿыц
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аекспозициа ҿыц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 18 ауха акциа "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥысит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи, Аибашьратә фырхаҵара амузеи, Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи рыҟны.

АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Лаҵара 18 ауха Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны акциа "Амузеи аҟны аҵх" аҳәаақәа ирҭагӡаны иаартын азал ҿыц.

Ельвира Арсалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Арсалиаԥҳа "Аҵх амузеи аҟны" иазкны: Аԥсны уи амҽхак аҽарҭбаар ҳҭахуп

Уи азкуп XVIII - XX ашәышықәса алагамҭеи рызтәи Аԥсны аҭоурых, Кавказтәи аибашьреи Ҭырқәтәылаҟа аԥсуаа рахгареи, "Аԥсуаа рышәҩык" Актәи адунеизегьтәи аибашьраҟны ралахәреи. Ари аекспозициа еиқәиршәеит амузеи аҭҵаарадырратә усзуҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Гәажәба.

"Кавкази Аԥсныи рҭоурых иагәылоу иуникалтәу афактқәа. Ҳара ҳекспозициа аастуеит амамлиукцәа рыла. Урҭ 500 шықәса инареиҳаны иеибашьцәа ӷәӷәаз, адипломатиа ҵаула злаз, иаргылаҩцәа бзиақәаз кастан. Урҭ дыруаӡәкуп Али-беи аль-Кабир захьӡыз раԥхьаӡакәаны Мысра ахьыԥшымра рылазҳәаз, хышықәса инареиҳаны Османаа рқәыларақәа аанызкылоз, зҳәынҭқарра аҳәаақәа зырҭбаауаз ԥызан", – еиҭеиҳәоит Руслан Гәажәба.

© SputnikXVIII - XX ашәышықәса алагамҭеи рызтәи Аԥсны аҭоурых иазку Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи азал ҿыц
Азал ҿыц амаӡақәа: аҵх Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны - Sputnik Аҧсны
XVIII - XX ашәышықәса алагамҭеи рызтәи Аԥсны аҭоурых иазку Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи азал ҿыц

Азал абжеиҳарак зызку Аԥсны ашьагәыҭ жәлар раӷьырак рыхҵәара зыхҟьаз Кавказтәи аибашьра ауп.

"Аҭырқәцәа ражәа иалан Кавказ мрагыларатәи аԥшаҳәаҿы Анапа инаркны Сухум-Калеи аҟынӡа дарбанзаалак аԥҳәызба акы дацәымшәакәа, хаҵак амҩан дылԥымлакәа дымҩасыр лылшон ҳәа. Ахҵәара ацәқәырԥа дуқәа хԥа ыҟан. Иааизакны иуԥхьаӡозар, 90 % ҳуааԥсыра хырҵәан амҳаџьырраан", - азгәеиҭеит Руслан Гәажәба.

© SputnikXVIII - XX ашәышықәса алагамҭеи рызтәи Аԥсны аҭоурых иазку Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи азал ҿыц
Азал ҿыц амаӡақәа: аҵх Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны - Sputnik Аҧсны
XVIII - XX ашәышықәса алагамҭеи рызтәи Аԥсны аҭоурых иазку Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи азал ҿыц

Иара убас азал ҿыц аҟны ицәыргақәҵоуп ХХ ашәышықәса алагамҭа иазку аекспозициа. Астендқәа рыҟны икыдуп Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалахәыз аԥсуа ҽыуаа рыӡбахә зҳәо аинформациа.

© SputnikXVIII - XX ашәышықәса алагамҭеи рызтәи Аԥсны аҭоурых иазку Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи азал ҿыц
Азал ҿыц амаӡақәа: аҵх Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аҟны - Sputnik Аҧсны
XVIII - XX ашәышықәса алагамҭеи рызтәи Аԥсны аҭоурых иазку Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи азал ҿыц

Шамԥҳа еиҭалҳәеит "Аҵх амузеи аҟны" акциазы иарбан жәытә експонату ицәырыргаз>>

Лаҵара 18 акциа "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥысит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи, Аибашьратә фырхаҵара амузеи, Аҳәаанырцәтәи аԥсуаа рҭоурых амузеи рыҟны. Амузеиқәа рыҟны ицәыргақәҵан акымкәа-ҩбамкәа аекспозициа ҿыцқәа, имҩаԥган ауснагӡатәқәа жәпакы.

"Аҵх амузеи аҟны" – жәларбжьаратәи культуратә акциоуп, уи раԥхьаӡакәны иаԥшьыргеит Франциа 1999 шықәсазы. Ари ауха амузеиқәа жәпакы рахь анеира хәыда-ԥсадоуп. Аҿар амузеиқәа радԥхьаларазы еиуеиԥшым амузеиқәа ирӡбоит иформалтәым аусмҩаԥгатәқәагьы дырбара.

Беиаԥҳа еиҭалҳәеит лаҵарамзазы Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҿы имҩаԥгахо аусхкқәа>>

Аԥсны ари аҩыза акциа иадгылеит 2015 шықәсазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи иҟанаҵаз аԥшьгамҭала.

Ажәабжьқәа зегьы
0