Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба: зықьҩык ахәыҷқәа ашколтә формала еиқәыршәахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгәыр Какоба
Адгәыр Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит сынтәа зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа рҿы иҟоу ашколхәыҷқәа ҩаԥхьа шәҵатәыла ишеиқәыршәахо атәы.
Какоба: зықьҩык ахәыҷқәа ашколтә формала еиқәыршәахоит

"Сынтәа ҩышықәсоуп ашколқәа рҿы аҵаҩы иформа аныҟәгара хымԥадатәиуп ҳәа иалаҳгалеижьҭеи, уи ҵыԥх иаҳнарбеит зылшарақәа маҷу аҭаацәарақәа шыҟоу. Ацҳыраара ҳаҭан аҳәынҭқарраҟнытә, ахәыҷқәа 700-ҩык рҟынӡа амаҭәа рзаахәан, зсоциалтә ҭагылазаашьа уадаҩыз аҭаацәарақәа ирыҭан. Сынтәа азин ҳарҭеит ари ахырхарҭала аԥарақәа абиуџьет аҿы ҷыдала рарбара. Араионқәа зегьы рҟынтә иҳадаҳкылахьеит ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара, дара рышықәс излақәнаго ала рымаҭәа аиҿкаара аус адулара ҳаҷуп. Сынтәа зықьҩык инареиҳаны еилаҳҳәартә аҭагылазаашьа ҳамоуп", - азгәеиҭеит Какоба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефираҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0