Аоппозициаа иргәаԥхом Апарламент ахада иалхрақәа ррыцхә ахьахырымгаз

© Sputnik / Томас ТхайцукАпарламент аҿаԥхьа аоппозициаа еиҿыркааз амитинг
Апарламент аҿаԥхьа аоппозициаа еиҿыркааз амитинг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ахада иалхрақәа рымҩаԥгара арыцхә ахыгара мап ацәнакит ашәахьа, лаҵара 20 рзы.

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар Реизара ахыбра аҿаԥхьа ашәахьа, лаҵара 20 рзы иеизаз аоппозициа ахаҭарнакцәа Апарламент ахада иалхрақәа ррыцхә ахыгара мап ахьацәыркыз ргәаԥхом, абри атәы ааицҳауеит аҭыԥ аҟынтәи Sputnik акорреспондент.

Апарламент Аԥсны ахада иалхрақәа ррыцхә аиҭагара мап ацәнакит - Sputnik Аҧсны
Апарламент Аԥсны ахада иалхрақәа ррыцхә аиҭагара мап ацәнакит

Апарламент ахыбра азинхьчаратә усбарҭақәа ирыхьчоит. Иара убас уи ахьчара иалахәуп СОБР захьӡу аҟәша аусзуҩцәа. Аамҭа-аамҭала ауаа рыбжьара аидысларақәа ҟалалоит, уи адагьы иеизаз рахьтә Жәлар Реизара ахада ажәлар рахь дцәырҵырц ааԥхьарақәа уаҳауеит.

Апарламент аԥхьа ауаа макьана еимпӡом, урҭ аоппозициа аиҳабыра реилатәара алҵшәақәа ирызԥшуп.

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Аҩӡба еиҭеиҳәеит Апарламент аҿы имҩаԥысуа амитинг аҿы адепутатцәа рыӡбамҭа шрыдыркылаз>>

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

Ажәабжьқәа зегьы
0