Адепутатцәа алхрақәа рымҩаԥгара аҿҳәара анахара иалацәажәоит лаҵара 28 аҽны

© SputnikПарламент Абхазии
Парламент Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргеит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы. Акциа алахәылацәа ақәшаҳаҭхеит атәыла ахада иалхра аҿҳәара ԥхынгәы 21 аҟынтәи нанҳәа 25 ахь аиагара.

АҞӘА, лаҵара 27 — Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа аҿҳәара анахара азҵаара ықәыргылахоит Аԥсны Жәлар реизара адепутатцәа реилатәараҿы лаҵара 28 аҽны, лҳәеит адепутат Натали Смырԥҳа.

Рауль Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит

"Алхрақәа рыҿҳәара анахара азҵаара Апарламент адепутатцәа ирыӡбыроуп, аха ҳара аӡәгьы даҳмаазҵааит. Ари аӡбара рыдыркылеит гәыԥҩык ауаа. Адепутатцәа зегьы акурорттә сезон аамҭазы алхрақәа рымҩаԥгара иақәшаҳаҭым, избан акәзар ҳекономика зегьы акурорт ала ишьақәгылоуп, иара иазырхоуп", - лҳәеит Смырԥҳа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 49 инақәыршәаны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада далххоит 5 шықәса ҳәа. Изинмчқәа рыҿҳәара аҧхьаӡара иалагоит аҭоуба адкылара аныҟала инаркны. Аус зуа Ахада имаҵура ааникылеит 2014 шықәса цәыббрамза 25 рзы, изинмчқәа рыҿҳәара нҵәоит 2019 шықәса цәыббрамза 25 рзы.

Алхрақәа рымҩаҧгара аҿҳәара (арыцхә) Конституциала ишьақәыргылахаӡом. Азакәан хада ахәҭаҷ 50 иашьашәалоу аконституциатә закәан ахь ухьанарҧшуеит.

Иарбоу аҧсахрақәа рыдкылара Аҧсны Жәлар Реизара азинмчқәа рнаҭоит аконституциатә нормақәа рҳәаа иҭагӡаны имҩаҧысраны иҟоу Ахада иалхрақәа ррыцхә 2019 шықәса нанҳәамза 25 рзы ҳәа рышьақәыргыларазы.

Рауль Ҳаџьымба- Аԥсны Атәыла хадас далхын цәыббра 25 2014 шықәсазы. Инапынҵақәа рыҿҳәара нҵәоит цәыббра 25 2019 шықәсазы.

Президент Абхазии Рауль Хаджимба на вечере в честь 26-летия Министерства по репатриации Абхазии, 25 марта 2019 - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба Апарламент ирыдигалеит Аконституциатә закәан аԥсахрақәа ралагаларазы

Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рхада Аслан Бжьаниа Москватәи ахәышәтәырҭа дҭоуп мшаԥы 18 раахыс. Уи игәабзиара аҭагылазаашьа аиԥш зеиԥшу рыхьны Склифосовски ихьӡ зху ахәышәтәырҭа иҭашәеит уи ихьчаҩцәа Кьасоу Дарсалиеи Леван Бжьаниеи.

Лаҵара 2 рзы аоппозицитә мчқәа апресс-конференциаҿы ирыларҳәеит Аслан Бжьаниа атәыла ахадак иаҳасабала ихьӡ рҳәараны ишыҟоу азы.

Лаҵара 16 рзы аҳәамҭа ҟаҵан Аслан Бжьаниа ишьа артут аланы ишышьақәыргыло, уи иаанаго ашҳамыркра шизуз ауп ҳәа. Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа алхрақәа рыҿҳәара инахазарц ажәадгала ҟарҵеит.

Лаҵара 17 рзы Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак еиҿнакааит агәыԥ ҷыда, лаҵара 20 инаркны урыстәылатәи апрокуратура аусзуҩцәа алархәны иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа.

Лаҵара 20 рзы аоппозициатә мчрақәа Реидгыла Аԥсны апарламент аҿаԥхьа амитинг мҩаԥыргоит алхрақәа ҭагалан ахь риагара азҵаара инадҳәаланы.

Аганқәа рыҩбагь аҩаша, лаҵара 21 рзы еиқәышаҳаҭрак иазкылсит.

Акциа алахәылацәа ақәшаҳаҭхеит атәыла ахада иалхра аҿҳәара ԥхынгәы 21 аҟынтәи нанҳәа 25 ахь аиагара.

Ажәабжьқәа зегьы
0