Аԥсуа спортсменцәа Адунеизегьтәи ахәмаррақәа рҿы аиааирақәа ргара иаҿуп

© Foto / Татьяна ЭмухвариV Аџьынџьуаа қәыԥшцәа Рдунеизегьтәи хәмаррақәа ирылахәу Аԥсны акоманда
V Аџьынџьуаа қәыԥшцәа Рдунеизегьтәи хәмаррақәа ирылахәу Аԥсны акоманда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аспортсменцәа злахәу V Аџьынџьуаа қәыԥшцәа Рдунеизегьтәи хәмаррақәа мҩаԥысуеит Ханты-Мансииск ақалақь аҟны рашәара 1 инаркны 6-нӡа. Уи иалахәуп 14-15 шықәса зхыҵуа ақәыԥшцәа.

АҞӘА, рашәара 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Ашьапылампыли амҩампыли (стритбол - аред.) рыҟны раԥхьатәи аиааирақәа ргахьеит Аԥснытәи аспортсменцәа қәыԥшцәа Ханты-Мансиисктәи Адунеизегьтәи ахәмаррақәа рҿы, абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит абаҩрҵәыреи аспорти рзы Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра аспециалист хада Татиана Емхаа.

"Аԥснынтәи ахәмаррақәа рахь ицеит жәаҩык аспортсменцәа - быжьҩык ашьапылампыласыҩцәеи хҩык амҩампыласыҩцәеи. Иахьа аицлабрақәа аԥхьатәи рымш ауп. Ҳара ҳамҩампыласыҩцәа ҩ-хәмаррак мҩаԥыргеит, Урыстәылеи Узбекистани ирацлабуан, аҩынтәраан аиааирақәа ргеит. Ашьапылампыл маҷ аҟынгьы Молдова акоманда ҳаиааит. Асааҭ 13:30 рзы Урыстәыла ҳацыхәмарраны ҳаҟоуп", - азгәалҭеит Емхааԥҳа.

© Foto / Татьяна ЭмухвариV Аџьынџьуаа қәыԥшцәа Рдунеизегьтәи хәмаррақәа ирылахәу Аԥсны акоманда
Аԥсуа спортсменцәа Адунеизегьтәи ахәмаррақәа рҿы аиааирақәа ргара иаҿуп - Sputnik Аҧсны
V Аџьынџьуаа қәыԥшцәа Рдунеизегьтәи хәмаррақәа ирылахәу Аԥсны акоманда

Иара убас, лара лажәақәа рыла, аспортсменцәеи рнапхгаҩи асасааирҭа "Олимпийская" аҟны иҩнарҵеит, урҭ ибзианы ирԥылеит, иахьынхои ирҿарҵои зегьы ргәаԥхоит. Ханты-Мансииск амҽыша, рашәара 2 рзы +13°С аԥхарра ыҟоуп, аха аԥша хьшәашәа асуеит. Ханты-Мансииски Аԥсныи 2 сааҭк аивыгара рымоуп. Ҳаспортсменцәа қәыԥшцәа акклиматизациа бзианы ирхыргеит.

Харчлаа: ашьапылампыл маҷ азы аицлабрақәа азҿлымҳара рымоуп>>

"Ара ихьҭоуп, аха ҳара уи ҳацәшәом. Аԥсны Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра аформақәа ҳзаархәеит, акостиум ԥхақәа ҳамоуп. Ахәыҷқәа ргәалаҟара бзиоуп, аҩызцәа ҿыцқәагьы дырҳахьеит", - еиҭалҳәеит Емхааԥҳа.

V Аџьынџьуаа ҿарацәа Рдунеизегьтәи ахәмаррақәа ирылахәуп 600 спортсмен 61 тәыла рҟынтәи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0