Аексперт Қырҭтәылатәи ахҭысқәа рзы: Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара иацырҵоит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩцәа
Аԥсны иаҭаауа аԥсшьаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин арҭ амшқәа рзы Қырҭтәыла аҭыԥ змоу Урыстәыла иаҿагылоу аилаҩынтрақәа ирыхҟьаны инапы аҵаиҩит Қырҭтәылаҟа аурыс тәылауаа ҳаирпланла рнагаагара ԥхынгәы 8 инаркны аанкыларазы аусԥҟа, иара убасгьы атуристтә операторцәеи агентцәеи уахь амҩақәҵагақәа рыҭира ааныркыларц рабжьгоуп.

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Иахьа Қырҭтәыла аҭыԥ змоу аҭагылазаашьа иабзоураны Урыстәылантәи Аԥсныҟа аԥсшьаҩцәа раара амҽхак ҩынтә иеиҳахар алшоит ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Амилаҭтә туристтә еилахәыра "Турист" аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Кәакәасқьыр.

"Аҵыхәтәантәи аамҭазы Қырҭтәыла имҩаԥысуа ахҭысқәа ирыхҟьаны Урыстәыла ахада инапы зҵаиҩыз аусԥҟа ҳара ҳаԥсшьарҭақәа ирныруеит. Сара сгәаанагарала, ҩынтә иадамхаргьы Аԥсныҟа иаауа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳахоит", - иҳәеит Кәакәасқьыр.

Иара убас иара иазгәеиҭеит аурыс ԥсшьаҩцәа рзы Аԥсныҟа аара шымариоу, аҳәаа ахысрагьы акыр ишманшәалахаз, убасгьы, Гагреи Пицундеи рыдагьы, Гәдоуҭа, Аҟәа, Очамчыра араионқәагьы аԥсшьаҩцәа ишырзыԥшу.

Аԥсшьара - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи атуристцәа еиҳа бзиа ирбо акурортқәа Аԥсны раԥхьагылоуп

"Аҵыхәтәантәи аамҭазы зхатәы ҩынқәа рахь аԥсшьаҩцәа здызкыло ауааԥсырагьы рыҽдырмазеихьеит. Асасааирҭақәа ракәзар, урҭ Аԥсны иахьазы 450 рҟынӡа ыҟоуп. Асовет аамҭа иаҿурԥшуазар, усҟан 100 цырак ыҟан, иагьрыдыркылон 3,5 миллионҩык аԥсшьаҩцәа", - иҳәеит Кәакәасқьыр.

Уаанӡа Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа адырра ҟанаҵахьан Урыстәыла иреиҳаӡоу атуроператортә еилахәыра "TUI Россия" Қырҭтәыла аҭыԥан Аԥсны, Ҭырқәтәыла, Алада Урыстәылаҟа ацара аԥсшьаҩцәа рабжьгара агәы ишҭоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0