Ихатәроу ақәра: агазеҭ "Гагрский вестник" 20 шықәса ахыҵит

© Foto / Саида Жибаагазеҭ "Гагрский вестник"
агазеҭ Гагрский вестник - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рашәара 29, 1999 шықәсазы иҭыҵуа иалагеит Гагра араион Ахадареи араионтә Еизареи иаԥырҵаз агазеҭ "Гагрский вестник". Ишәыдаагалоит агазеҭ аредактор хада Цицино Ладбеи-иԥҳа Еныкьԥҳа ари аамҭа иалагӡаны аколлектив аҿаԥхьа ицәырҵуаз ауадаҩрақәеи иамоу аихьӡарақәеи ирызку лыҿцәажәара.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Рашәара 29, 1999 шықәсазы иҭыҵит агазеҭ "Гагрский вестник" раԥхьатәи аномер, уи алагьы ашьаҭа аркхеит Гагра араион акьыԥхь аепоха ҿыц.

Аҭоурых ду змоу акурорттә қалақь ахатәы кьыԥхь аиухьан 1911 шықәсазы, агазеҭ "Черноморский край" аҭыҵрала. Апринц Ольденбургтәи ихаан ҿахәырҳәагас иҟан убас агазеҭ "Гагринская газета". Асовет аамҭақәа рзы араион абзазара атәы аҳәон "Гагрская правда", анаҩс ахьӡ ԥсахын "Знамя" ҳәа, ашьҭахь "Авангард" ҳәа иҟалеит. Еиқәыԥхьаӡоу рҿынтә еиҳа ақәра ннаҵеит аҵыхәтәантәи, уи ҭыҵуан 20 шықәса.

Людмила Сергьегия - Sputnik Аҧсны
Лиудмила Сергьегьиаԥҳа: "Аидгылара" ҳхақәиҭра иашьаҭахеит

Асовет Еидгыла анхыбгала, араион аҟны аамҭакы акьыԥхь абеит агазеҭ "Гагра". Ашәышықәса ҿыц ашәхымс иацхыҵит "Гагрский вестник".

Ишԥамҩаси арҭ ҩажәа шықәса? "Ирласны, ҳнаҳәны ҳаахьаԥшаанӡа. Ҳара ҳзы ари ихатәроу қәроуп", - лҳәоит, азҵаара аҭак ҟаҵо, агазеҭ аредактор хада Цицино Еныкьԥҳа.

Жданов ихьӡ зху Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет, ажурналистикатә факультет аушьҭымҭа, "Агазеҭ уси, аиқәыршәареи, аҭыжьреи" азанааҭ зауз Цицино Ладбеи-иԥҳа лырҿиаратә мҩа алагеит 1989 шықәса инаркны, агазеҭ "Авангард" ала. Усҟан уи редакторс даман Закан Алықьса-иԥа Агрба. Еилашуаз аусуратә мшқәеи, аиҳабы илеишәаџьбареи, раԥхьатәи аматериалқәеи рышьҭа ду анхалеит Цицино Еныкьԥҳа лгәалашәараҿы.

"Раԥхьаӡа аусура санҭыҵ, аԥсуааи ақырҭцәеи рыбжьара аиҿыхарақәа ирылагахьан. Ҳгазеҭ "Авангард" аԥсышәала, урысшәала, қырҭшәала иҭыҵуан аҟнытә, аколлектив ҳабжьарагьы аизыҟазаашьақәа еибарххан. Исгәалашәоит, аԥсышәала аматериалқәа акьыԥхь ианазҳархиоз, ақырҭуа ҟәша аредактор ажәак бжьамыжьқәа аиҭагара шҳадылцалоз. Усҟан агазеҭ апатриотизм иахәышҭааран. Лассы-лассы адаҟьақәа рҟны ажәлар рҿахәы рҳәон амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аиҿкаара активистцәа Борис Кьехьыриԥа, Лев Гыцба, Илиа Конџьариа уҳәа. Ари агазеҭ аҟны аҭак рырҭон ақырҭуа ԥхьагылаҩцәа. Ажәакала, уи аамҭазы акьыԥхьтә еиҿыхарақәагьы цон", - имариамыз, аҭоурыхтә ӡеибафарақәа ирымҽханакыз раԥхьатәи лусуратә шьаҿақәа дырзааҭгылоит Цицино Еныкьԥҳа.

Убасҟан иаԥҵахаз аҭагылазаашьа иахырҟьаны, Закан Агрба имаҵура нижьыр акәхеит. Хара имгакәа, агазеҭ аредакторс дшьақәырӷәӷәан Ольга Хәсин-иԥҳа Ԥлиаԥҳа. Агазеҭ ҭыҵуан мчыбжьык хынтә, атираж жәаф нызқь цыра ыҟан. Ажурналистцәа ззаҭгылоз атемақәа еиуеиԥшымызт, акурорттә сезон инаркны ақыҭанхамҩанӡа. Акорреспондентцәа ашьхаҭыԥқәа рахь ицаны аматериалқәа анеизыргоз ыҟан. Адҵа иацәхьаҵуаз гәыбӷан иоуан, аусура амхра аҟынӡа.

Белла Барцыцԥҳа  - Sputnik Аҧсны
Зыжәлар рхьаа зырҿиареи зыԥсҭазаареи ирныԥшуа: Белла Барцыцԥҳа лиубилеи иазкны

"Исгәалашәоит зны саныҷаԥшьоз, статиак ахьӡ агха аманы ицеит. Нбанк аҭыԥан ҩба ҟалеит. Шарԥазынӡа, акорректор Манана Агрԥҳаи сареи имцхәхаз анбан ашәыга ахьаҳшьуан. Шәара шәазхәыц - жәаф нызқь екземплиар закәу… Уи збаз атипрографиа аиҳабы, милаҭла иақырҭуаз, "иаачҳа, иаарласны бгәаҟрақәа нҵәоит, аԥсуа ҟәша зынӡа иҟалаӡом", - ҳәа сеиҳәеит. Хымԥада, ажәа имаскит, "иаанагои ари" ҳәа сиҿагылеит, аха аҭак сиимҭеит. Хара имгакәа иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра", - еиҭалҳәоит Еныкьԥҳа.

Нанҳәа 14, 1992 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аналагоз аҽны, агазеҭ аҭыжьра иаздырхион, хәашан. Аредакциахь ҭелла иаарыцхаит Аҟәа Ақырҭуа ҳәынҭсовет ар алалеит ҳәа. Адырҩаҽны аӷа инапахьы иааигеит Гагра араион.

"Ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Гагра араион жьҭаара 6 рзы ианалцаха ашьҭахь, жьҭаара 16 рзы аусура ҳҭыҵит. Жәаҳәарада аредакциахь инеиз аԥсуа ҟәша аколлектив ҳауп. Аиҿахысрақәа ахьцоз, еилабгаз, ашәи, аԥенџьыри ахьҿамыз, афымцалашара ахьыҟамыз ахыбраҟны, иаҳулак аҭагылазаашьа ԥшааны, мчыбжьык знык агазеҭ "Гагра" ҭҳажьуа ҳалагеит. Аматериалқәа аԥсышәалеи, урысшәалеи иаҳкьыԥхьуан. Ҳгазеҭ ианыԥшуан ҳажәлар зҭагылаз ахлымӡаах, рыӡбахә ҳҳәон аибашьраҿы иҭахази ахәрақәа заузи ҳҵеицәа. Ҳрыҿцәажәон Пицунда иҟаз ахҵәацәа. Ҳредактор Ольга Хәсин-иԥҳа агазеҭқәа Гәдоуҭаҟа иганы ажәлар ирылалырҵәон", - абас аибашьра аамҭа далацәажәоит Цицино Еныкьԥҳа.

Шықәсык инеиҳаны уалафахәыда аус уны, ҩ-даҟьак змаз агазеҭ ҭыжьуа, Гаграа ажәабжьқәа рыдыргалон ажурналистцәа. Ԥсеиқәырхагас ироуз аелектричка анбжьала, убраҟа амҩақәҵаҩ илҭиуаз агазеҭқәа ирнаҭоз аԥара ауп. 

Валерий Орчукба - Sputnik Аҧсны
Ажурналист: арҵаҩра иахьагьы сгәы азыбылуеит

"Шаҟантәи Белла Барцыцԥҳаи сареи агазеҭ ҭыжьны, ҳаиманы Ԥсоуҟа мандаринаҭира ҳцахьазеи. Ольга Ԥлиаԥҳа Џьырхәа ауҭра ҟаҵаны, лхы аланыҟәылгон. Мчыла мацара ҳааиуан", - еиҭалҳәоит ажурналист.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, хәышықәса ааҵуаны ауадаҩрақәа ирыхҟьаны агазеҭ "Гагра" аусура аанкылан.

Гагра араион Ахадареи, араионтә Еизареи раԥшьгарала, 1999 шықәсазы ҩаԥхьа акьыԥхь аԥсы ахалеит. Иҭыҵуа иалагеит агазеҭ "Гагрский вестник". Аредактор хада Цицино Еныкьԥҳа лыбзоурала абар уажәшьҭа 20 шықәса ҵуеит еиԥымҟьарада Гагра араион апериодикатә кьыԥхь ыҟоуижьҭеи.

Иахьа агазеҭ ҭыҵуеит мчыбжьык знык, ҩ-бызшәакны - аԥсышәалеи, урысшәалеи, атираж шьақәгылоуп 1000 цыра рыла.

"Гагрский вестник" аамҭак азы Шәача, аԥшшәы аманы, ишахәҭоу еиԥш агазеҭтә қьаад аҟны иркьыԥхьуан. "Усҟан агазеҭ ахьтәы период акәын", - лҳәоит аредактор. Уи атипографиа анаркха, иҭыҵуа иалагеит Аҟәа.

© Foto / Саида ЖибаАгазеҭ "Гагрский вестник" иԥштәырку аҭыжьымҭа
Ихатәроу ақәра: агазеҭ Гагрский вестник 20 шықәса ахыҵит - Sputnik Аҧсны
Агазеҭ "Гагрский вестник" иԥштәырку аҭыжьымҭа

"Аԥснытәи акьыԥхь иахьатәи аҭахрақәа ирықәшәартә еиԥш иахәҭоу аҩаӡарахь инагатәуп. Атипографиақәа рҟны еиуеиԥшым атехникатә уадаҩрақәа ыҟоуп, урҭ нас имазеихо ҳгазеҭ ианыԥшуеит. Иазгәасҭарц сҭахуп "Гагрский вестник", акомпиутертә графикахь ииасыз ҳтәыла раԥхьатәи аҭыжьымҭақәа ишреиуоу. Уи 2000-тәи ашықәс ҿыц аламҭалазы ауп", - лажәабжь иацылҵоит Цицино Ладбеи-иԥҳа.

Агазеҭ "Гагрский вестник" аҭыҵра ианалага нахыс, атехникатәи арҿиаратәи хырхарҭақәа рҟны иамаз ауадаҩрақәа иахьагьы иҟоуп.

Интервью - Sputnik Аҧсны
Руслан Ҳашыг: аԥсуа журналистцәа аӡәы иҵамхо иҟаҵатәуп

"Аимадареи аԥошьҭеи рыҟамзаара иахырҟьаны, арҿиара инаваргыланы атехникатә усгьы ҳнапы алакуп, 20 шықәса  раахыс агазеҭ анапаҵаҩреи, аԥхьаӡареи, ашареи ҳуалхеит. Уи, хымԥада, аџьабаа маҷымкәа иаҳнарбоит", - лҳәоит аредактор хада.

Агазеҭ "Гагрский вестник" иаанарԥшуеит араион абзазара, хра злоу ажәабжьқәа. 20 шықәса ирылагӡаны араҟа икьыԥхьын 500 инареиҳаны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи рҟны иҭахази, иалахәыз афырхацәеи ирызку аочеркқәа.

Акорреспондентцәа ирымоуп арубрикақәа "Аԥсуара", "Акурорт асас", "Актуалтә интервиу", еиҿыркаауеит астол гьежьқәа. Раԥхьа иргыланы агазеҭ рзынархоуп аҭыԥантәи анхацәеи ақалақь иаҭаауа асасцәеи.

Аредактор иазгәалҭеит, аусураҟны аилибамкаарақәа ҟаларгьы, раҩсшьа ишақәшәо, ԥхьаҟа анегатив нымхарц азы.

Аредакциа аколлектив хәыҷуп. Еснагьтәи акорреспондентцәа иреиуоуп Саида Жьиԥҳа, Мадина Ҭарԥҳа, Давид Канделаки. Компиутерла аус адиулоит Беслан Амԥар. Аредактор лхаҭыԥуаҩс дыҟоуп Валери Орчыҟәба. Рыхьӡ умҳәарц залшом акыр шықәса агазеҭ иазааԥсоз ажурналистцәа Зарина Коӷониеи Надежда Ҭҳагәышьи.

© Foto / Саида ЖибаАгазеҭ "Гагрский вестник" аусзуҩцәа
Ихатәроу ақәра: агазеҭ Гагрский вестник 20 шықәса ахыҵит - Sputnik Аҧсны
Агазеҭ "Гагрский вестник" аусзуҩцәа

Лассы-лассы агазеҭ адаҟьақәа рҟны иуԥылоит ашәҟәыҩҩцәеи ажурналистцәа хатәрақәеи - Белла Барцыцԥҳа, Лиудмила Сергьегьиаԥҳа, Закан Агрба, Игорь Марыхәба, Лев Гыцба, Константин Гердов, Александр Герасименко, Зарина Коӷониа - рҩымҭақәа.

Абри аматериал анегатив анымԥшырц азы, аредактор егьырҭ апроблемақәа рыӡбахә лымҳәеит. Аха сара сыхәҭакахьала иацысҵар сҭахуп, 20 шықәса шҵхьоугьы, агазеҭ ишамам ахатәы хыбра. Араион ахадараҿы иазалху иҭшәоу акабинет хәыҷ аҟны аколлектив зныҭрыс еизартә еиԥш аҭагылазаашьа ыҟам. Аредакциа еиқәшәам иахәҭоу техникала, ианыԥшуеит акадрқәа разымхара. Аха зегь акоуп ауадаҩрақәа ириааины "Гагрский вестник" аԥсы ҭоуп, ирацәаҩымзаргьы, иаргәырӷьоит еснагьтәи аԥхьаҩцәа.

Иахьа ҳауаажәлар реиҳараҩык аинтернет рхы иадырхәоит азы, акьыԥхь гәыгәҭажьхеит. Цицино Еныкьԥҳа ишылҳәо еиԥш, "напылаҩыра былуам, убас агазеҭгьы". Знымзар зны аԥсуа кьыԥхь ианнакылоит иприоритеттәу аҭыԥ.

Ажәабжьқәа зегьы
0