Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭаниа: Афонтәи аҳаԥаҿы имҩаԥызгахьоу рҟынтә сгәы иҭымҵәо аекскурсиақәа ыҟоуп

© Foto / предоставлено Людмилой ТанияЛиудмила Ҭаниаԥҳа
Лиудмила Ҭаниаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонҿыцтәи аҳаԥаҟны аекскурсиақәа рымҩаԥгаҩ Лиудмила Ҭаниаԥҳа арадио Sputnik аҟны еиҭалҳәеит 40 шықәса инацны аус луеижьҭеи иаҳа лгәалашәараҿы иаанхаз аҳаԥы иаҭааз асасцәа, аекскурсиақәа арбақәан.

Афонҿыцтәи аҳаԥы аадыртижьҭеи иахьа 44 шықәса ҵит.

Ҭаниа: Афонтәи аҳаԥаҟны имҩаԥызгахьоу рҟынтәи сгәы иҭымҵәо аекскурсиақәа ыҟоуп

"Инагоу ауаа, адунеи ахьынӡанаӡааӡо асас дахьцәа рацәаны иаҭаахьан аҳаԥы. Сгәаҿы иаанхаз, исхамышҭуа аекскурсиақәа ыҟоуп. Раԥхьаӡа акәны 1975 шықәсазы Ҭырқәтәылантәи аԥсуаа аҳаԥы ианаҭаа, убри жәеизаҩык рыла иҟаз агәыԥ сара имҩаԥызгеит. Аҳаԥы аҩбатәи ауада амҳаџьырцәа рыхьӡ зху аҟны ианназга, усҟан Аԥснынтәи аиҳабацәагьы рыцын, санааҳәы, избеит зегьы аҵәыуара ишаҿыз. "Ҳашәхамшҭӡакәа ҳахьӡ ахьахышәҵаз ҳгәы арԥшааит" рҳәеит. Убри гәныскылеит. Иҵегьы исгәалашәоит Аԥсны аибашьра ҽеишәа еилымгацызт, аҳаԥаҟны аруаа ргәыԥ мҩаԥыԥгароуп ҳәа адырра ансырҭа. Ахәбатәи ауада аконцерттә зал ҳәа захьӡу аҟны ҳаннеи, ирасҳәеит ашәа рҳәар ҟалоит ҳәа. Иахьеиԥш исгәалашәоит, 107-ҩык еицын дара, абарҭ зегьы ацәаҳәа инықәгыланы ашәа аацәырыргеит. Уи убасҟак игәыҭшьааган иагьгәадуран, нас аибашьра цонаҵы аус ҳауӡомызт, сылаӷырӡқәа сызнымкыло рҿынархеит. Ишәыхьи ҳәа исазҵаауа ианалага ирасҳәеит: "Аԥсны аԥсҭазаара шыгьежьыз абриала еилыскааит, иҭабуп" ҳәа. Убасгьы сгәаҟны наӡаӡа иаанхеит иҭоурыххаз ахҭыс. Маи 11, 1975 шықәсазы аҳаԥы аадмыртӡацызт, уи аиҳабы Валери Воуба дсыҳәеит аԥсышәала аекскурсиа мҩаԥызгарц ансамбль "Нарҭаа" иалаз абыргцәа рзы. Уи даара сацәшәон, аха ргәы иахәаны ирыдыркылеит еиҭасҳәаз, аԥсуа бызшәа адгьыл аҵаҟагьы иахьҳаҳаз гәырӷьароуп ҳәа азгәарҭеит", -  лҳәеит Ҭаниаԥҳа.

Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0