Ахԥатәи "Аԥсуа литература ашедеврқәа": ахәаԥшҩы иибазгьы, иаҳазгьы дхырхит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аԥсуа литература ашедеврқәа"
Аԥсуа литература ашедеврқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Аԥсуа литература ашедеврқәа" ахԥатәи ахәҭа еиҭақәыргылан С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр асценаҿы. Ари аспектакль аҟны зхатәы жәеинраалақәа ирыԥхьаз, актиорк иаҳасабала зхы ԥызшәаз Аинар Ҷыҭанаа иҳадигалоит уи шымҩаԥысыз иазку анҵамҭа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Ажәа аҳра ахьауа

Аԥсуа поезиа атеатр асценаҿ аԥсҭазаара анаҭаз уажәааигәоуп. Дыҟоуп ари аԥшьгара згәы иақәшәаз, адгылара азҭаз. Дыҟоуп апоезиа атеатр аҟны иаҭыԥым ҳәа зҳәазгьы. Ажәакала, зехьынџьара еиԥш, араҟагьы иҟалеит агәаанагарақәа рацәаны. Аха зегьы ирхаданы, "Аԥсуа литература ашедеврқәа" аҳәынҭқарратә театр асцена иқәҩит. Уимоу, изныкымкәагьы. Уажәраанӡа апоезиа, алитература, атеатр рыбзиабаҩ ибахьеит ари ақәыргыламҭа ахәҭақәа хԥа.

Асценаҿы ирыԥхьон Дырмит Гәлиа, Баграт Шьынқәба, Саида Делԥҳа, Џьума Аҳәба уҳәа реиԥш иҟоу егьырҭ аԥсуа литература, аԥсуа поезиа аклассикцәагьы иреиӷьу раԥҵамҭақәа. Ақәыргыламҭа иалахәыз актиорцәа ракәзар, х-абиԥарак рыла еихшазар ҟалоит. Аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа актиорцәа хатәрақәа: Кьасоу Ҳагба, Маииа Џьыкырԥҳа, Ҭемраз Чамагәуа. Абжьаратә абиԥара: Гәында Ажьиԥҳа, Есма Кәыҵниаԥҳа, Гәдиса Ҭодуа, Ашьна Ҳагԥҳа. Рҟазара аадырԥшит аԥсуа театр аҟны Гәдиса Ҭодуа напхгара зиҭо ахәыҷтәы студиа ааӡамҭацәагьы: Асҭан Агрба, Лана Лашәриаԥҳа, Леон Барчан, Руслан Амҷба. Иара убас апоетесса Гәында Сақаниаԥҳаи сареи хаз-хазы инаҳагӡеит ҳажәеинраалақәа рцикл.

Ақәыргыламҭаҿы изыԥхьаз ажәеинраалақәа зегьы ԥсҭазаарак-ԥсҭазаарак рыман, аки-аки еилаҩашьомызт. Араҟа хадара злаз ажәеинраала асценатә ԥсҭазаара аарԥшра мацара акәымкәа, актиор иҩнуҵҟатә дунеи, игәҭахәыцрақәа, ихьаа, дзыԥхьо ажәеинраала ишақәҿнаҭуа ахәаԥшҩы ирбара акәын.

Гәдиса Ҭодуа  - Sputnik Аҧсны
Гәдиса Ҭодуа: дазусҭазаалак иуаҩра дацәхьамҵлароуп

Хаҿсахьақәак…

Адәыӷба ацҳаҿы инеихҟьашо еивыҟьҟьоит адәыӷба илбааз ауаа. Досу рымҩахь иццакуеит, еигәҭасуеит, аӡәгьы дырбаӡом. Ари аилаҩынтра зегьы даалҵуеит Флоренциа ажәҩан аҵаҟа аԥҳәызба илышьҭоу ауаҩы. Уи изы иааикәыршан имҩаԥысуа ахҭысқәа ҵакы рымаӡам, ихәыцрақәа зегьы аԥҳәызба лоуп изызку. Уи длышьҭоуп, аха дибаӡом.

Даҽазны зыбзиабара ҭакда инхаз арԥыс, аҭыԥҳа ԥшӡа дызҭаку аихац дагәҭасуа, иманы асцена даақәлоит. Иара еиликаауеит ицәаныррақәа ззикуа аӡӷаб лганахьала аҭак азыԥшра шаҭахым, аха уи аангьы ибзиабара дацәхьаҵыр иҭахӡам, дгәаҟуеит. Абасала, ари ацыԥҵәаха ахәаԥшҩы ианаҳәоит хаала акәымкәа мчыла ауаҩы игәаҟынӡа анеира аӡәгьы ишилымшо, ус зынӡа ишиашам.

© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль "Аԥсуа литература ашедеврқәа" аҟынтәи ахаҿсахьа
Ахԥатәи Аԥсуа литература ашедеврқәа: ахәаԥшҩы иибазгьы, иаҳазгьы дхырхит - Sputnik Аҧсны
Аспектакль "Аԥсуа литература ашедеврқәа" аҟынтәи ахаҿсахьа

Иаҳҳәап, Гәында Сақаниаԥҳа лцәырҵра акәзаргьы, егьырҭ ирыламҩашьо ахатә ҟазшьеи азнагашьа ҷыдеи азыԥшаан. Лара азал аҟынтәи ауп асцена дшықәло, лчемодан хәыҷы кны, апоет-аныҟәаҩ ихаҿсахьа нагӡо. Адунеи зегьы еимыздаз, иааҟәымҵӡакәа акы иашьҭоу апоетесса илҭахуп илыԥшаар ихадаӡоу азҵааразы аҭак: иабаҟоу аԥсҭазаара аҵакы? Ари аҭак аԥшаара апоетесса-аныҟәаҩ иахьынӡалылшаз инагӡаны еилкааӡам. Уи аӡбара знапы иану ахәаԥшҩы иоуп.

Ҷыҭанаа "Аԥсуа литература ашедеврқәа" аҿы иқәгыларазы: имариамызт>>

Ақәыргыламҭаҿы ахархәара рыман анаҟә, асы, аԥша уҳәа хкы рацәала ҷыдалатәи аеффектқәа. Урҭ зегьы ахәаԥшҩы иаҳауаз ажәеинраала аҩнуҵҟатәи аԥсабара инырразы, еиӷьны еиликаарц азы, игәаҿы инхарц азы ицхырааҩцәан.

© Sputnik / Томас Тхайцук"Аԥсуа литература ашедеврқәа" ахәаԥшҩы иаҳа даршанхаразы ахархәара рыҭан еиуеиԥшым аеффектқәа.
Ахԥатәи Аԥсуа литература ашедеврқәа: ахәаԥшҩы иибазгьы, иаҳазгьы дхырхит - Sputnik Аҧсны
"Аԥсуа литература ашедеврқәа" ахәаԥшҩы иаҳа даршанхаразы ахархәара рыҭан еиуеиԥшым аеффектқәа.

Ахәаԥшҩы игәаҟынӡа анеира

Аԥсуа драматә театр актиор, "Аԥсуа литература ашедеврқәа" ақәыргылаҩ Гәдиса Ҭодуа иҳәеит аӡәык-ҩыџьак актиорцәа апремиераҿы изыԥхьоз акы-ҩба жәеинраала шырыԥсахыз. Иара убас иара иазгәеиҭеит аиҭарбараҿы актриса Лана Џьапуаԥҳа дзыԥсахыз Кәыҵниаԥҳа Есма қәҿиарала ахаарԥшра шлылшаз:

"Аамҭа аҽшаԥсахуа еиԥш рҽырыԥсахуеит актиорцәагьы, даҽакала сеилышәымкаан. Ақәгылара ашьҭахь актиорцәа афоие аҟны ҳара иҳаҳауеит урҭ ргәаанагара, ргәаҳәара, ирмаҳаз, аха ираҳарц ирҭахыз уҳәа. Урҭ зегьы ҳара ҳарзыӡырҩуеит, игәнаҳкылоит, анаҩс аиҭақәыргылараан иҳариашоит. Иахьатәи ҳцәырҵра атәы ҳҳәозар, актиорцәа рыҩнуҵҟатәи рдунеи ахәаԥшцәа рыцеиҩшара рылшеит ҳәа сгәы иаанагоит", - иҳәеит актиор, ақәыргылаҩ.

© Sputnik / Томас ТхайцукАктиорцәа иаадырԥшуаз рфырхацәа рыҩнуҵҟатәи адунеи ахәаԥшҩы ирбара рылшеит.
Ахԥатәи Аԥсуа литература ашедеврқәа: ахәаԥшҩы иибазгьы, иаҳазгьы дхырхит - Sputnik Аҧсны
Актиорцәа иаадырԥшуаз рфырхацәа рыҩнуҵҟатәи адунеи ахәаԥшҩы ирбара рылшеит.

"Ашедеврқәа" ирылахәыз Аԥсны Зҽаԥсазтәыз артист Ҭемраз Чамагәуа, апроект ахә ҳаракны ишьо, иазгәеиҭеит ари иаҩызоу аусмҩаԥгатәқәа аԥсшәа арбеиаразы, иҵегьы аларҵәаразы ишхәарҭа дуу:

"Аԥсуа бызшәа ахархәара аганахьала ҳаилазаараҿы ицәырҵуа ауадаҩрақәа еснагь зегьы ҳрылацәажәоит. Аха алацәажәара мацара акгьы аӡбаӡом, иаҭахуп уи аус адулара. Хәыҷи-дуи иахьеиԥш ҳааивагыланы, ҳбызшәеи ҳдоуҳатә беиареи ӡырызго аусқәа лассы-лассы ҳарҿызар, убасҟан ауп урҭ еиҳагьы азхьаԥшра анроуа", - иазгәеиҭеит Чамагәуа.

Ашедеврқәа ирыхәаԥшыз ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳагьы иазгәалҭеит адраматә театр асценаҿы аԥсуа поезиа ақәыргылара аидеиа шиашоу, ишхымԥадатәиу. Лара иналкааны аџьшьара ду алҭеит ақәыргылаҩ Гәдиса Ҭодуа ибаҩхатәра ҳаракы, ахә ҳаракны илшьеит ақәыргыламҭа иадибалаз аџьабаа:

Ҭодуа "Аԥсуа литература ашедеврқәа" рзы: имаҷымкәа ауаа аднаԥхьалоит>>

"Уахатәи ахәылԥаз ҳаҟара ҳацнаҵеит, избан акәзар лабҿаба еиҭаҳнарбеит аԥсуа поезиатә ажәа иамоу амчхара, иаҵоу аԥшӡара. Иҳаҳауаз инаваргыланы, иаҳбозгьы уаҩы дыхнахыртә еиҿкаан. Ҷыдала иалыскаар сылшоит апоетесса Гәында Сақаниаԥҳа лцәырҵра, лаԥхьашьа. Иара убасгьы гәахәара дуӡӡоуп Кьасоу Ҳагба, Ҭемраз Чамагәуа реиԥш иҟоу атеатр акорифеицәа ирывагыланы аҿаргьы ари апроект иахьалахәу. Зегьы ирыдысныҳәалоит", - лҳәеит лара.

Аԥсуа драматә театр актиор Гәдиса Ҭодуа иқәыргыламҭа "Аԥсуа литература ашедеврқәа" ахԥатәи ахәҭа апремиера мҩаԥысит рашәарамза 25 рзы. Атеатр абзиабаҩцәа ари апроект еиҭадырбан ԥхынгәымза 10 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0