Ҳгәадура: Аԥсны Абираҟ амш жәлартә ныҳәаны имҩаԥыргеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАбираҟ амш
Абираҟ амш - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акәашарақәа, ашәаҳәарақәа, аныҟәарақәа, амилаҭтә маҭәа - абарҭ зегьы Абираҟ амш аҽны Аҟәа аԥшаҳәаҿы ауаа рылагәырӷьон.

Аҟәа ақалақь аҿы Абираҟ амш шазгәарҭаз атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа лматериал аҿы.

"Шәыԥши, шәыԥши, аҽқәа ирықәтәаны иахьааиуа", - адуцәа аахьеирԥшуеит аабаҟа шықәса зхыҵуа аҷкәын хәыҷы.

"Аҽыбӷаҟазацәа рхаҭақәа роуми. Рнапаҿы иркугьы Аԥсуа бираҟ ауп", - уи аҭак ииҭоит аб. Аҭаацәара Аԥсныҟа ԥсшьара иааз шракәу ҩашьом, ирбо хы иаԥсаны иахәаԥшуеит.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥшаҳәаҿы инеиааиуеит ԥсыуа маҭәала иеилаҳәоу аҿар
Ҳгәадура: Аԥсны Абираҟ амш жәлартә ныҳәаны имҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Аԥшаҳәаҿы инеиааиуеит ԥсыуа маҭәала иеилаҳәоу аҿар

Аԥсуа милаҭ маҭәала еилаҳәоу аҽыбӷаҟазацәа абираҟқәа рхашәыршәыруа Амҳаџьыраа рыԥшаҳәахьы инеиуеит. Араҟа аныҳәатә уснагӡатәқәа еиҿкаауп.

Аԥшаҳәаҿы идыргылаз асцена иакәшаны еизахьеит шәҩыла ауаа. Имаҷҩым амилаҭ маҭәа зшәу, ирацәаҩуп абираҟқәа зку.

Ахәыҷқәа дрылагыланы, асцена ахьышьақәыргылоу аганахь анеира даҿуп заԥсуа маҭәа иҭаҟацоу хаҵак. Уи Витали Бганба иоуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукВладислав Арӡынба ихьчаҩцәа рхадас аамҭала иҟаз Витали Бганба
Ҳгәадура: Аԥсны Абираҟ амш жәлартә ныҳәаны имҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба ихьчаҩцәа рхадас аамҭала иҟаз Витали Бганба

Аԥсшәа ааибаҳҳәақәан, "иҭоурыхтәу фотосахьак сымоуп", иҳәеит уи, дԥышәырччо. Иҵырҟьаџьыбагь иааҭигоит Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынбеи аԥсуа бираҟ знапаҿы изку уаҩ қәыԥшки зну афотосахьа.

Афото ҭыхын 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы. Абри амш аҽноуп ианышьақәырӷәӷәаз Аҳәынҭқарратә символгьы. Абираҟ знапаҿы изку арԥыс қәыԥшгьы иара Витали Бганба ихаҭа иоуп.

"Усҟан сара Владислав Григори-иԥа ихьчаҩцәа сырхадан. Абри аԥхьа мышкы Владислав Григори-иԥа ҿыц иӡахыз абираҟ сиҭеит, "иахьала иуҵәахыроуп, уаҵәы – асессиа ишаҳҭаху еиԥш имҩасыр, адырра шааусҭалак, азал ахь абри абираҟ уманы унеироуп" ҳәа сеиҳәеит", - игәаларишәоит Бганба.

Асессиа қәҿиарала, аԥсуа ган ишырҭахыз еиԥш имҩаԥысит. Арӡынба ишиҳәахьаз еиԥш, Витали Бганба адырра шииҭазҵәҟьа, абираҟ иманы азал ахь днеит. Абас ала иара иоуп официалла ишьақәырӷәӷәахаз аҳәынҭқарратә символ – абираҟ раԥхьаӡа акәны акра заҭәашьахаз.

© SputnikАфотосахьа иануп Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав арӡынбеи раԥхьаӡакәны Аԥсуа бираҟ Апарламент аҟны ицәырызгаз Витали Бганбеи. Ԥхынгәы 23, 1992 шықәса.
Ҳгәадура: Аԥсны Абираҟ амш жәлартә ныҳәаны имҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Афотосахьа иануп Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Владислав арӡынбеи раԥхьаӡакәны Аԥсуа бираҟ Апарламент аҟны ицәырызгаз Витали Бганбеи. Ԥхынгәы 23, 1992 шықәса.

Убри ашьҭахь Абираҟ Апарламент иахадыргылеит, аха уи хьчатәхеит... Ақырҭцәа рҟынтәи.

"Ҳәарада ари зегьы ақырҭцәа иргәаԥхо иҟамызт. Уахынлан Апарламент ахыб ахь ихалан иахырхыр ауан. Сареи Толик Чапагәуеи автоматла ҳаиқәных ахыб ахь ҳхалеит. Ашьыжь асааҭ быжьбаҟа ҟалахьан, шьапышьҭыбжьқәак ҳаҳаит. Ақырҭцәа ракәыз џьышьа, ҳҽааҳархиеит. "Шәымхысын. Сара соуп, Гена Кәакәасқьыр, ачаԥха шәзаазгеит", - иҳәеит. Абас иаашаанӡа абираҟ ҳахьчон", - еиҭеиҳәоит Бганба.

Аҟәа ақалақь аҿы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс еиҿнакааз аныҳәатә хәылԥазы ахь иааԥхьан аестрадатә шәаҳәаҩцәеи Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху амилаҭтә музыкатә арҳәагақәа рансамбли.

© Sputnik / Томас ТхайцукОҭар Хәынцариа ихьӡ зху амилаҭтә музыкатә арҳәагақәа рансамбль ақәгылара
Ҳгәадура: Аԥсны Абираҟ амш жәлартә ныҳәаны имҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху амилаҭтә музыкатә арҳәагақәа рансамбль ақәгылара

Амшын аԥшаҳәа иқәыҩуан аԥсуа ашәақәа. Инеиааиуан амилаҭ цәамаҭәа иаҵаҽырбоз аҿар. Асасцәа ракәзаргьы, урҭ ирыдгыланы рфотоқәа ҭырхуан.

Аԥшаҳәаҿы иқәыргылан абираҟ аҭоурых аазырԥшуа аинформациатә стендқәа.

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥшаҳәаҿы ицәырган абираҟ аҭоурых зҳәо аинформациатә стендқәа
Ҳгәадура: Аԥсны Абираҟ амш жәлартә ныҳәаны имҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Аԥшаҳәаҿы ицәырган абираҟ аҭоурых зҳәо аинформациатә стендқәа

Аконцерт анынҵәа ашьҭахь еиҵырхуеит абираҟ ду. Аҵәыџь мцақәа зку ԥсыуа маҭәала иеилаҳәоу раԥхьа иргыланы, абираҟ еиҵыхны аҿар дәықәлоит аԥшаҳәа иаваланы. Уи ирышьҭагыланы инеиуеит ауаа рацәаҩны. Аныҟәара хыркәшоуп Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭаҿы. Ара аныҳәа иалахәу еицынарыгӡоит аԥсуа жәлар рыкәашара "Аурашьеи" егьырҭи.

Абираҟ амш иаҭааз зегьы рыла ихубаалон агәырӷьареи агәадуреи. Саси-ԥшәымеи ргәалаҟара бзиан, ари аҩыза аныҳәа иахьалаԥшыз азы.

© Sputnik / Томас ТхайцукАҵәыџь мцақәа кны, ԥсыуа маҭәала иеилаҳәаз арԥарцәа дәықәлеит, абираҟ ду еиҵыхны изку аҿар рышьҭанеиуеит
Ҳгәадура: Аԥсны Абираҟ амш жәлартә ныҳәаны имҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Аҵәыџь мцақәа кны, ԥсыуа маҭәала иеилаҳәаз арԥарцәа дәықәлеит, абираҟ ду еиҵыхны изку аҿар рышьҭанеиуеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп. Армарахьтә арӷьарахь аиаҵәеи ашкәакәа ԥшшәи рыла зҽеиҭнызыԥсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ԥшьба иаҵәоуп, хԥа – шкәакәоуп. Хыхьла актәии ҵаҟатәи аҵыхәтәантәии ацәаҳәақәа иаҵәоуп. Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа – Аԥсны злаз Ашьхарыуатә республика (1918 ш.) абираҟ аелементқәа ируакуп. Аиаҵәа ԥшшәы аԥсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа.

Аԥсуа бираҟ - Sputnik Аҧсны
Ажәытәи аҿатәи ахьеилаӡҩо: ҳбираҟ ԥшьа ҳазнықәуа 27 шықәса ахыҵит

Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ иануп ԥшшәахәыла иҟаԥшьу аԥшьыркца иаша, зоура абираҟ аура хыџьара ишаны хәҭак маҷк инеиҳау, зыҭбаара х-цәаҳәак ираҟароу. Аԥшьыркца агәҭаны иарбоуп иаарту арӷьа маҿа шкәакәа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп хәба-хәба кәакь змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба.

Иаарту анапи аеҵәа шкәакәақәа быжьбеи Аԥсуа ҳәынҭқарра (VII-X ашә.) абираҟ иаҿырԥшуп. Аҟаԥшь – арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту амаҿа – аҭынчреи, агәаартреи, асасдкылареи ирсимволуп. Аԥшшәахәы ҟаԥшь ианубаало анапы шкәакәа – Аԥсуа аҳра аан аиҿкаара зауз, 11 шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Анапы ахахьы иану хә-кәакьҭак змоу абыжьеҵәак Аԥсны аҭоурых дгьылқәа быжьба ирдыргоуп: Саӡтәыла (Џьигеҭиа), Бзыԥ, Гәыма, Абжьыуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибӷа. Дара ирыҵаркуан аԥсуаа ретникатә ҵакырадгьыл: аӡиас Хәасҭа (аубыхцәа рҳәаа) инаркны аӡиас Егры (агырцәа рҳәаа) аҟынӡеи Амшын еиқәа аҟынтәи Кавказтәи ашьхақәа рҟынӡеи.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0