Мусса Екзеков: сыгхақәеи сеихьӡарақәеи срылҵшәоуп

© SputnikМусса Экзеков
Мусса Экзеков - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс" ахантәаҩы Мусса Екзеков иҿцәажәара азирхеит Sputnik акорреспондент Аинар Ҷыҭанаа.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

-Шәхәыҷра шԥашәгәалашәыршәо?

- Зегьы ирзеиӷьысшьоит сара исымаз аҩыза ахәыҷра. Сара насыԥ сыман ҳәа исыԥхьаӡоит, андуи абдуи ахьыҟаз аҭаацәараҿы сахьиз. Агәра ганы сыҟоуп, ауаҩы ихәыҷраҿы иоуа иреиӷьу иандуи иабдуи шракәу изҭо. Сабду Азиз анхара ду иман, ауасақәа изанын, ақыҭа ԥсҭазаашьа даласан. Аха дызқәынхоз адгьыл аасҭагьы иара бзиа ибон ахәыҷқәа. Баша агәарабжьара дабжьысны дцозаргьы ,иџьыба аазна усҟантәи аамҭазы аламалагьы иузымԥшаауаз ахаа-мыхаақәа изҭан, иԥылоз ахәыҷқәа ирзишон. Ахәыҷқәагьы ари иҟазшьа рҵахьан аҟнытә, ауасақәа наскьацаны даныхынҳәуаз еизаны изыԥшын. Адгьыл ақәаарыхшьа, ақыҭа џьабаа акәамаҵамақәа нагарҭа амамкәа ибзианы идыруан. Цәеижьлагьы дхаҵа ӷәӷәан, убри аангьы ихшыҩрҵагатә ажәақәа ҳара ҳзы еснагь имҩақәҵаган. Иахьагьы уи имч-илша сыцуп, иажәақәа схашҭӡом, хәы змаӡам гәалашәарақәоуп сара сзы.

Генадий Аламия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аламиа аԥсуа- абаза жәлар рконгресс иазкны: ҳбызшәа шеиқәҳархаша ҳазааҭгылоит

- Шәзакәхарц шәҭахыз шәаныхәыҷыз?

- Ахәыҷы игәаҳәарақәа лассы-лассы рҽеиҭаркуеит. Саргьы зны сынџьнырхар сҭахын, нас скосмонавтхарц сҭаххеит, уи ашьҭахьгьы ирацәан сгәазыҳәарақәа. Аха ҳара ҳабиԥара ҳаныхәыҷыз аахысгьы еилаҳкаауан изакәызаалак акы ухы иалухыр уҭахызар, уи азы ҵыхәаԥҵәарада аџьабаа шбалатәыз. Дарбанызаалак ауаҩы иԥсҭазаара инапала иргылоит. Зегьы иреиҳау ҳгәыхәтәы наӡахарц азы ҵыхәаԥҵәарада аџьабаа анаҳбо, уи шаҳҭахҵәҟьоу Анцәагьы агәра игоит. Ҳара еилаҳкаалароуп, ҳхәыҷқәагьы идҳарҵалароуп иҳалымшо акгьы шыҟам, иаҳҭаххаҵәҟьар зегьы шаҳзыҟаҵо.

- Иаанагои шәара шәзы аиҩызара, насгьы ирацәаҩны аҩызцәа шәымоума?

- Сара аҩызцәа рацәаҩны исымоуп ҳәа исыԥхьаӡоит, аха урҭ рҟынтәи иреиӷьқәоу аамҭа иԥнашәоит. Иҟоуп ахәыҷратә ҩызцәа, ашколтә ҩызцәа, ауниверситеттә ҩызцәа. Аха иара убасгьы иҟоуп еиуеиԥшым ауадаҩрақәеи аԥынгылақәеи иуцырхысуа аԥсҭазааратә ҩызцәа. Ҳәарада, аԥсҭазаараҿы аҭыԥ роур алшоит еиуеиԥшым амзызқәа, ауаҩы дзырблаҟьо, дымҩахызҟьо, иҩызара изырҭиуа. Аха уи мчымхароуп - ҟазшьала ихьысҳау ауаа рыбла хызкуа амчымхара.

- Ауаҩы ианашәыжьуа арбану, насгьы иарбану ахаан ишәызианамыжьуа?

Олег Дамения - Sputnik Аҧсны
Арадио
Дамениа еиҭеиҳәеит аԥсуа-абаза конгресс раԥхьатәи аизара ахықәкы атәы

- Сгәанала, ауаҩы зегьы ианаужьыр ҟалоит, аԥсахра ада. Ауаҩы игәра угоны иара уижьозар, уи ашьҭахь иареи уареи зынӡа акгьы шәзеиламзар еиҳа еиӷьуп.

- Аха иҟами зегьы ззеиҟароу ауаагьы… Урҭ шәышԥарзыҟоу?

- Уи иҩыза ауаҩы дрыцҳасшьоит. Ибзианы акәыз, мамзаргьы ицәгьаны акәыз, ауаҩы џьаракала ицәаныррақәа ааирԥшуазароуп. Игәамԥхо зигәамԥхо, игәаԥхо зигәаԥхо уҳәа, ихы даԥшәыманы… Схатәы гәаанагара змам, мамзаргьы измазарц зҭахым ауаҩы, сагәанала дрыцҳауп.

- Шәыԥсҭазаараҿы кыр шәахьхәхьоума?

- Кыр зҵазкуа ҳәа исыԥхьаӡо акгьы сахьымхәӡац, амаҷ-саҷқәа ирыдҳәалоу агәынамӡарақәа ҟалалоит, ҳәарада. Сара убас исыԥхьаӡоит: сара исыхҭысыз зегьы сара соуп изтәу, сыгхақәеи сеихьӡарақәеи срылҵшәоуп сара схаҭагьы. Убри аҟнытә, исҳәар сылшоит акгьы сахьымхәӡац ҳәа.

- Аԥсны аҵыхәтәантәи аамҭазы ицәырҵит аԥсуа бызшәа ауадаҩрақәа, еиҳа имаҷхеит зхатәы бызшәала ицәажәо ауаа. Шәара шәҿы иахьатәи аамҭазы иӡбатәны иқәгылоума ари аҩыза азҵаара?

Вадим Харазия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳаразиа: Аԥсуа-Абаза конгресс аусура ҳгәыӷрақәа адаҳҳәалоит

- Зегь раԥхьаӡа инаргыланы, иазгәасҭар сҭахуп шәара шәҿы, ҳара ҳҿы ҳәа аҳәара шиашам. Ари азҵаарагьы егьырҭ зегьы реиԥш еицаҳзеиԥшуп. Аԥсны аԥсуа бызшәазы иҟалаз ауадаҩрақәа ибзиаӡаны исдыруеит, уи аӡбаразгьы ишалшо ала ҳконгресс аусура иазхиоуп. Араҟа акәзаргьы, иаагәоуҭартә иҟалеит, еиҳаракгьы аҿар, зны-зынла абаза бызшәа аасҭа аурыс бызшәа аԥыжәара анарҭо. Иаҳҳәап арҿиара знапы алаку аҿар хадаратәла урысшәала ауп ишыҩуа. Ԥшьышықәса раԥхьа Аԥсны аҵарауаа реилазаара еизысган, ари ауадаҩра аӡбаразы кырынтә аконференциақәеи аилатәарақәеи мҩаԥаҳгеит. Аха ари аформат ала ҳара иҳалымшаӡеит апроблема аӡбара. Иҟалап иҿыцу азнеишьақәа рыԥшаара аҭахызар.

- Ауаҩы иҿы зегь раасҭа иалышәкаауа аҟазшьақәа арбану?

- Ауаҩы уиқәгәыӷыртә даныҟоу, ихықәкы анидыруа, агәрагара анилоу бзиа избоит. Иара убас дарбанызаалак ԥхьаҟа цашьа имаӡам, ихы агәрагара иламзар. Абра иазгәаҭатәуп ихымԥадатәиу даҽа хәҭаҷк: аиҳабацәа ражәа азыӡырҩра. Акы ҟауҵарц угәы ианҭаукуа, уабдуи уандуи уразҵаа, урҭ ыҟамзар – уани уаби. Аиҳабы иажәа аасҭа ауаҩы изы ихшыҩрҵагоу шәҟәыкгьы ыҟаӡам. Уи аамҭа иацааиуа аԥсҭазааратә ҟәыӷара ҳара ҳаиҳабацәа раҟара ҳара изҳауӡом, ҳара ҳаҟара ирымаӡам ҳаиҵбацәагьы. Насгьы игәасҭахьо, ҳара бзиа иаҳбоит ауаа ррыцҳашьара. Ауаҩы харантәи ирыцҳашьара кыр еиҳа имариоуп, џьаракала ицхраара аасҭа. Ухала ухы ныҟәуго, уи инаваргыланы ауаагьы урыцхраартә уҟаларц азы, саҭамыз, аха "ацәаӷәара" аҭахуп. Хаҭала схазы исҳәозар, ахаангьы имариоу амҩы сашьҭамлаӡац. Уцашьа заҟа иуадаҩу аҟара унеишьагьы еиӷьхоит ҳәа исыԥхьаӡоит.

Джамбул Инджгия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Инџьгьиа: Аԥсуа-Абаза конгресс абыжьбатәи аизара ҳажәлар рзы аҵак ду амоуп

Агәра ганы сыҟоуп, аихьӡара дуқәа рзы ихымԥадатәиу зегьы ҳажәлар ршьа-рда ишалоу. Акызаҵәык иаҭаху – урҭ алшарақәа аус руртәеиԥш аҭагылазаашьақәа раԥҵароуп. Ихымԥадатәиуп хшыҩеилаҵарала азҵаарақәа рыӡбара. Хаз-хазы ҳамчхара кырӡа ишмаҷхо, ҳажәҩахыр еибыҭаны еицаҳзеиԥшу аус ҳҽазаҳкыр еиҳа ишеиӷьу, ус еиҳа ишиашоу зегьы еилаҳкаалар сҭахуп. Ҳәара аҭахума, аҟәрышь адагьы иахьатәи аамҭазы иузыҟаҵо зынӡа имаҷхазар ҟалап. Убри аҟнытә амалуаагьы ауаажәларратә усқәа ирыдгылалар рыхәҭоуп. Уи иаанагаӡом уаҩ иҟаимцаҵ аус дуӡӡақәа алыршо "атәыла рбгатәуп" ҳәа. Досу ишилшо ала иахьилшо ахырхарҭаҿы ацхыраара ҟаиҵалар, хәыҷы-хәыҷла напеилаԥсала бзиарак ахь ҳаззегьы ҳаицнеиуеит. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгрессгьы апринцип хадақәа иреиуоуп хырхарҭа рацәала аусура.

Ҳконгресс аҩныҵҟа ҳара иаҳҭахуп еиуеиԥшым ахеилакқәа шьақәыргыло ҳаиашьаратә жәларқәа рхаҭарнакцәа зегьы ирнырырц, досу ирбарҭахарц ҳусура алҵшәа. Хаҭала Аԥсны ҳалацәажәозар, иазгәасҭар сҭахуп аԥеиԥш дуӡӡеи алшара бзиаӡақәеи змоу аҿар шҳамоу. Урҭ алшарақәа аԥсҭазаара рыҭаразы иуадаҩу ҳәа акгьы ыҟаӡам, зегьы знапу иаку ҳара ҳхаҭа ҳауп. Ҳаззегьы ҳаивагылар иҳалымшо акгьы шыҟам агәра ганы сыҟоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0